Зыԥсҭазаара зегьы аҵареи ааӡареи ирызкыз
Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны ииуан доуҳала ибеиаз, агәаӷьра злаз, зыхьӡ-зыԥша ҳаракыз, зыхшыҩ ҵарыз, игәымшәаз аԥсуа ҭыԥҳацәа. Убарҭ дыруаӡәкуп уажәы зыӡбахә ҳалацәажәо Нана (Нанули) Лакашьиаԥҳа. Уи убас еиԥш иҟаз аҟазшьа хазынақәа дрылаҟан, лшьа-лда иалан, илылааӡан. Нана Тонто-иԥҳа Лакашьиаԥҳа еицырдыруаз ҵарауаҩын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра данапхгаҩын, ддоцентын, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатын. Нана Лакашьиаԥҳа диит 1955 шықәсазы Бедиа ақыҭан...