Ахатәы бызшәа амш алагара мап ацәаҳкроуп!
Егри-Ҧсоуи рыбжьара ишьҭоуп Аҧсынра. Аҧсуа итәыла, иаҳра, идгьыл гәакьа. Анцәа ихазы иалихыз аҭыҧ ссир ҳара иаҳзынижьит. Еицырдыруа аҳәамҭа хыҭҳәаазаргьы, иҵабыргушәа иҟоуп. Ҳтәылеиҧш ихаау, иҧшӡоу, иблахкыгоу атәылақәа рыҧшаара уадаҩуп. Аха ҳашҧазныҟәо уи ҳара? Ҳаалаган атәыла азакәан хада, а-6-тәи ахәҭаҷ иҭагӡаны, ианаҳҵеит аҧсуа бызшәада ҳтәылаҿ даҽа ҳәынҭқарратә бызшәа шыҟам. Аурыс бызшәа аҳәынҭқарратә ҩаӡара амҭакәа иҳаӡбеит ҳхы иаҳархәарц жәларбжьаратә бызшәак аҳасабала. Анаҩс иҟалеит иҟамлашаз...