Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит. ➖Арҿиаратә коллектив аиубилеи рыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба. 🟢Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иаҳәоит: 📎«Ҳаҭыр зқәу Шә. А. Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аколлектив! Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәтеатр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса аҵра! 1955 шықәса рзы иаартыз Тҟәарчалтәи жәлар ртеатр иалнаршаз рацәоуп аҧсуа милаҭтә культура аӡыргаразы. Аусра анхацыркыз инаркны иаразнак хадара злоу культуратә хәышҭаараны иҟалеит ашахтиортә қалақь иаланхоз ауааҧсыра рзы. Атеатр ахәаҧшцәа ирыднагалон ҟазарала иқәыргылаз аҧсуа драматургцәеи, Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыклассикцәа рҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа. Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Тҟәарчалтәи атеатр аҿы аус руан еицырдыруа Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа. Лымкаала ахшыҩзышьҭра аҭатәуп Аҧсныжәлар рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ари акультура ахәышҭаара аусура. Атеатр аиҭашьақәыргылара аблокада ӷәӷәа зхы
Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит
13 ноября 202513 ноя 2025
1 мин