Найти в Дзене

Зыԥсҭазаара зегьы аҵареи ааӡареи ирызкыз

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны ииуан доуҳала ибеиаз, агәаӷьра злаз, зыхьӡ-зыԥша ҳаракыз, зыхшыҩ ҵарыз, игәымшәаз аԥсуа ҭыԥҳацәа. Убарҭ дыруаӡәкуп уажәы зыӡбахә ҳалацәажәо Нана (Нанули) Лакашьиаԥҳа. Уи убас еиԥш иҟаз аҟазшьа хазынақәа дрылаҟан, лшьа-лда иалан, илылааӡан. Нана Тонто-иԥҳа Лакашьиаԥҳа еицырдыруаз ҵарауаҩын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра данапхгаҩын, ддоцентын, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатын. Нана Лакашьиаԥҳа диит 1955 шықәсазы Бедиа ақыҭан. Диплом ҟаԥшьыла далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт. Афилолог кәыԥш лусура хацлыркит лқыҭа гәакьаҿы, аҭоурыхи, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. Арҵара аусхк аҿы ааӡара зегь раԥхьа илыргылон, уи зегьы ирыцкын лара лзы. Лҵаҩцәа ирылалааӡон аԥсуара, аламыс, ауаҩра. Ирацәаны лхы аус адылулон, иҿыцу дашьҭан, аҵара апроцесс зырманшәалаша аметодқәеи азнеишьақәеи ҷыдала лхы иалырхәон. 1978-1979 шықәсқәа рзы агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» аҿы аус луан. Арҭ ашықәсқәа азанааҭд

Шықәсқәак раԥхьа изаамҭамкәа зыԥсҭазаара иалҵыз, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адоцент, апедагогикеи апсихологиеи ркафедра аиҳабыс аус зуаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз Нанули Тонто-иԥҳа Лакашьиаԥҳа диижьҭеи 70 шықәса аҵра иазкны

Еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны ииуан доуҳала ибеиаз, агәаӷьра злаз, зыхьӡ-зыԥша ҳаракыз, зыхшыҩ ҵарыз, игәымшәаз аԥсуа ҭыԥҳацәа. Убарҭ дыруаӡәкуп уажәы зыӡбахә ҳалацәажәо Нана (Нанули) Лакашьиаԥҳа. Уи убас еиԥш иҟаз аҟазшьа хазынақәа дрылаҟан, лшьа-лда иалан, илылааӡан.

Нана Тонто-иԥҳа Лакашьиаԥҳа еицырдыруаз ҵарауаҩын, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра данапхгаҩын, ддоцентын, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатын.

Нана Лакашьиаԥҳа диит 1955 шықәсазы Бедиа ақыҭан. Диплом ҟаԥшьыла далгеит А. М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт.

Афото: Ҭали Џьапуаҧҳа
Афото: Ҭали Џьапуаҧҳа

Афилолог кәыԥш лусура хацлыркит лқыҭа гәакьаҿы, аҭоурыхи, аԥсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩыс. Арҵара аусхк аҿы ааӡара зегь раԥхьа илыргылон, уи зегьы ирыцкын лара лзы. Лҵаҩцәа ирылалааӡон аԥсуара, аламыс, ауаҩра. Ирацәаны лхы аус адылулон, иҿыцу дашьҭан, аҵара апроцесс зырманшәалаша аметодқәеи азнеишьақәеи ҷыдала лхы иалырхәон.

Афото: Ҭали Џьапуаҧҳа
Афото: Ҭали Џьапуаҧҳа

1978-1979 шықәсқәа рзы агазеҭ «Аԥсны Ҟаԥшь» аҿы аус луан. Арҭ ашықәсқәа азанааҭдырҩы илнаҭаз аԥышәа акыр ацхыраара ҟарҵеит лаԥхьаҟатәи лыԥсҭазаараҿы.

Нана Лакашьиаԥҳа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы аусура далагеит 1980 шықәсазы. Ауниверситет иадҳәалоуп Нана рҵаҩык, ааӡаҩык, занааҭдырҩык лаҳасабала лышьақәгылара, лхаҭара ашьақәырӷәӷәара. Нана лдырра ҳаракқәеи лҟыбаҩи азгәаҭаны ауниверситет анапхгара иҟарҵаз аӡбарала дышьҭын Москва ақалақь ахь, Апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәыз аспирантура аҭаларазы.

Қәҿиарала аԥышәарақәа данырхыс ашьҭахь, Нана лкандидаттә диссертациа напхгаҩыс дарҭеит еицырдыруаз аҵарауаҩ, апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Геннади Никандр-иԥа Волков. Акандидаттә диссертациа иахьӡын «Воспитание гуманности у подростков на прогрессивных традициях народной педагогики». Аҵарауаҩ Г. Н. Волков акырынтә иажәа иалаҵаны иҳәо саҳахьан: «Шәара имыӡуа милаҭуп, Нана Лакашьиаԥҳа лҩызцәа аҿар шәымазар».

1989 шықәсазы Нана қәҿиарала илыхьчеит акандидаттә диссертациа, иагьланашьахеит апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат ҳәа аҭҵаарадырратә ҩаӡара хьӡы.

Академик А.М. Касланӡиа Нана лҟазшьа ссирқәа дырзааҭгыло иазгәеиҭон: «Нана еснагь дҟәыбҷан, лыуаҩра ҳаракын, згәаанагара аартны изҳәоз, ипатриот дууз хаҭаран».

Афото: Марина Барцыц
Афото: Марина Барцыц

Нана Лакашьиаԥҳа амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан. Аԥсны жәлар рфорум «Аидгылара» активла далахәын. Ашәҭыц иаҩызаз Нана, агәаӷьра ду аарԥшны, аԥсуа жәлар рхақәиҭратә еибашьра далахәын. Раԥхьатәи амш инаркны аԥсадгьыл ахьчаразы абџьар шьҭызхыз аԥсуаа рҵеицәа днарывагылеит. Убри аамҭазы еиҳагьы амҽхак ҭбаахеит Нана лхаҭара.

1992 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны Кавказ ажәларқәа рконфедерациа аштаб анеиҿыркаа аԥхьатәи амшқәа инадыркны, Нхыҵ Кавказынтәи ацхыраара иаауаз ҳашьцәа рыдкылара, рыцхыраара, рхылаԥшра, ианаҭаххоз урҭ рымҩаԥгара зхахьы изгоз ари аштаб аусзуҩцәа рыгәҭа дгылан. Зхатә гәаԥхарала иааны Аԥсны зыхьчоз агәцаракра рыглыжьуамызт аибашьра ашьҭахьгьы.

Афото: Марина Барцыц
Афото: Марина Барцыц

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран Нана Лакашьиаԥҳа иланашьан С.А. Сосналиев ихьӡ зху амедал «Честь выше жизни». Уи лхы-лыԥсы еиԥш бзиа илбоз лыԥсадгьыл аԥеиԥш гәыҵхас илыман, изызҳауа аҿар уаҵәтәи рымш дазхәыцуан.

Лнапы злакыз апроблемазы иҭлыжьхьан хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаамҭақәа – 25 ҭҵаарадырратә статиа, астудентцәа рзы арҵага шәҟәқәа ҩба. Урҭ арҵага шәҟәқәа рзынархоуп иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны аҵара зҵо астудентцәеи абжьаратә школ арҵаҩцәеи. Иазгәаҭатәуп, арҭ арҵага шәҟәқәа раԥхьаӡа акәны аԥсышәала ишҭрыжьыз.

2004 шықәсазы Нана Лакашьиаԥҳа илыхҵан апедагогикеи аԥсихологиеи ркафедра адоцент ҳәа аҭҵаарадырратә хьӡы.

Афото: Марина Барцыц
Афото: Марина Барцыц

Нана Лакашьиаԥҳа дрылахәын Аԥсни уи анҭыҵи имҩаԥысуаз афорумқәа, аконференциақәа, аконгрессқәа, асеминарқәа. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет адиссертациатә хеилакқәа ҩба маӡаныҟәгаҩыс дрыман. Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада идҵала арҵаратәи аҭҵааратәи усурақәа рҿы лылшамҭақәеи зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵареи рҿы ллагалазы илыхҵан «Аԥсны Аҳәынҭқарра иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.

Нана Лакашьиаԥҳа аԥсуа милаҭ школ аҿиара иашьҭаз, еиҵагыло аҿыр рдунеихәаԥшреи рмилаҭтә хәыцшьеи зырцыхцыхуаз ааӡаҩын, рҵаҩын. Нана ауаҩра злаз, аиҩызара иаша ныҟәызгоз, пату зқәыз ҵарауаҩын. Аха илаамҭаӡамкәа лыԥсҭазаара ҿахҵәеит 2021 шықәсазы.

Дзыхьӡаз, илылшаз аусқәа рацәаны ишыҟоугьы, дызхьымӡаз лыҭҵааратә усумҭақәа, лнапҩымҭақәа, лыгәҭакқәа рацәаны иаанхеит. Дызҿыз, лгәы иҵхоз, лнапы злакыз аҭҵаарадырра иацызҵаша рхыԥхьаӡара маҷзаргьы, иҟоуп аҵара злырҵоз рҟынтәи лус назыгӡаша аҿар.

Нана Лакашьиаԥҳа зыԥсҭазаара зегьы аҵареи ааӡареи рус иазызкыз, зыԥсадгьыл иахӡыӡаауаз, зыжәлар рыгәҭа еснагь игылаз, лгәалашәара еснагь иҳацзаауеит. Уи лҩызцәеи лхы-лыԥсы зқәылҵаз аҵеиреи ргәаҿы даанхоит длашаӡа.

А. Ш. Ажьиба,

апедагогикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор