Найти в Дзене
apsnypress

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсныашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи Адырра амши аҵарашықәс ҿыцалагамҭеи рыдиныҳәалеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсныашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи Адырра амши аҵарашықәс ҿыцалагамҭеи рыдиныҳәалеит. «Акыр иаԥсоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа! Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Адырра амшиаҵарашықәс ҿыц алагамҭеи! Ари амш адыррақәа, аартрақәа ирызку агәыӷрақәа, аус ҿыцқәа рхацыркрасимволра азнауеит. Изызҳауа абиԥарақәа рҵараиура ҳара ҳзы хадароу злоухырхарҭоуп. Аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәра инаваргыланы,атәыла анапхгара Аҵара аминистрра аҿаԥхьа акрызҵазку ауснагӡатәны иқәнаргылоит аҿар рлеишәа-патриоттә ааӡараҷыдала хшыҩзышьҭра аҭара. Аҵарашықәс ҿыц аламҭалаз ҳтәыла зегьы аҟны ашколқәеиахәыҷбаҳчақәеи рырҿыцразы аусурақәа мҩаԥгоуп: • Гагра араион аҟны Цандрыԥшь ақыҭа ахәыҷбаҳчаҟнышьаҭанкылатәи арҿыцратә усурақәа мҩаԥгоуп, иахәҭоумаҭәахә ҿыцла иеиқәыршәоуп. Ара актәи ашкол аҩныҵҟаиара убас аиҭарҿыцрақәак алыршоуп, ирҿыцуп аспортшҭа. • Гәдоуҭа араион аҟны актәи ақалақьтә школ аҿы мҽхакыҭбаала аусурақәа мҩыԥгоуп, Абгархықә ақыҭа школ аҟныирҿыцуп ахыб, Џьырхәатәи ашкол аҟны

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Аԥсныашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи Адырра амши аҵарашықәс ҿыцалагамҭеи рыдиныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, аҭаацәа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Адырра амшиаҵарашықәс ҿыц алагамҭеи!

Ари амш адыррақәа, аартрақәа ирызку агәыӷрақәа, аус ҿыцқәа рхацыркрасимволра азнауеит.

Изызҳауа абиԥарақәа рҵараиура ҳара ҳзы хадароу злоухырхарҭоуп. Аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәра инаваргыланы,атәыла анапхгара Аҵара аминистрра аҿаԥхьа акрызҵазку ауснагӡатәны иқәнаргылоит аҿар рлеишәа-патриоттә ааӡараҷыдала хшыҩзышьҭра аҭара.

Аҵарашықәс ҿыц аламҭалаз ҳтәыла зегьы аҟны ашколқәеиахәыҷбаҳчақәеи рырҿыцразы аусурақәа мҩаԥгоуп:

• Гагра араион аҟны Цандрыԥшь ақыҭа ахәыҷбаҳчаҟнышьаҭанкылатәи арҿыцратә усурақәа мҩаԥгоуп, иахәҭоумаҭәахә ҿыцла иеиқәыршәоуп.

Ара актәи ашкол аҩныҵҟаиара убас аиҭарҿыцрақәак алыршоуп, ирҿыцуп аспортшҭа.

• Гәдоуҭа араион аҟны актәи ақалақьтә школ аҿы мҽхакыҭбаала аусурақәа мҩыԥгоуп, Абгархықә ақыҭа школ аҟныирҿыцуп ахыб, Џьырхәатәи ашкол аҟны – акласс уадақәа;

• Очамчыра араион аҟны ирҿыцуп аҩбатәи ақалақьтә школ, Ӷәада ақыҭа школ аҟны аспортзалқәа, Џьгьардатәи ашколаҿы ишьақәыргылоуп аспорт шҭа ҿыц;

• Аҟәа ақалақь аҟны ашкол № 1 аҿы ирҿыцуп аклассуадақәа, иԥсахуп аԥенџьырқәа жәпакы. Арҿыцратәусурақәа мҩаԥгоуп иара убас Аҟәа, Гәылрыԥшь араионашколқәа рыҟны.   

Ҳаҭыр зқәу арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, арҭ аусурақәа зегьышәҵара ахаҭабзиара ашьҭыхра, шәдыррақәа реизырҳара, иара убас шәшәарҭадара алыршара иазкуп.  

Иахьа лымкаала иҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп арҵаҩцәа. Шәара шәдыррақәеи, иаашәырԥшуа ачҳареи, гәык-ԥсыкала шәус азыҟазаареи ирыбзоураны ҿыц игыло абиԥарақәааҵара инаваргыланы аааӡара бзиа роуеит, Аԥсадгьыл абзиабара рылашәааӡоит.

Шәара шәааԥсара, ҳтәылааԥеиԥш бзиа ачаԥараҟны аҵак ду змоу шәлагаламҭа, ҳәарада, ахә ашьара уадаҩуп.

Сынтәа ҩ-нызқьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа раԥхьаӡакәныашкол ахь ршьапы еихыргоит, аизҳара, аҿиара амҩаианылоит.

Есҽны ироуа адыррақәа рзы, рҵаразы иреиӷьуалҵшәақәа раарԥшразы алшарақәа рзаԥҵахоит.

Акыр иаԥсоу ашколхәыҷқәа, аҵара шәҵала, шәгәырҵҟәыл, дасу ишәылоу аҟәыбаҩ аарԥшра, арҿиара шәашьҭаз, Ҳаԥсадгьыл Аԥсны шәаԥсаны ишәызҳаларц азы! 

Аҵара шықәс ҿыц азы зегьы ишәзеиӷьасшьоит раԥхьаиргыланы, агәабзиара, аихьӡарақәа, анасыԥ!

Мҩамш шәанылааит!»

 

Апсныпресс | Instagram

Facebook | Дзен

⚠️