Ахыԥша анарха Ажурналист, апублицист, ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Николаи Киут иԥсҭазаара зегьы иԥсадгьыли ижәлари рымаҵ аура иазкын. Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсуа традициақәа иахьрықәныҟәоз аҭаацәараҿы изызҳаз Николаи Басиаҭ-иԥа Киут диит 1910 ш. жьҭаара 25 рзы, аешьара рҟны еиԥш, ақыҭауаа рыҩнуҵҟа пату зқәыз анхаҩы аамысҭашәа иҭаацәараҿы. Ақыҭа школ даналга иҵара иациҵеит аԥсуа школ-интернат аҟны. Уаҟа иҵара аныхиркәша 1928 ш. дҭалеит Аҟәатәи арҵаҩратә техникум. 1931 ш. иҵара далганы аусура хациркуеит атәылаҿацәҭҵаара Аԥснытәи аҭҵаарадырратә институт аҟны. Аԥсуа доуҳатә культура иазҿлымҳаз аҷкәын аамҭакала Аԥсуа драматә театр далан, идыргалоз арольқәа наигӡон. Аха рацәак мырҵыкәа амилаҭтә газеҭ «Аԥсны ҟаԥшь» (иахьа–«Аԥсны») аредакциахь диасит. Инарҭбааны шәаԥхьар шәылшоит агазеҭ «Аԥсны» асаит аҟны