«Сара ақәра ду нысҵит. Ажәлар рзы сыҟоуп. Сырҿиамҭақәа зегьы ажәлар ирызкуп.»
Д. Гәлиа
«Жәлар реиқәырхаҩ, жәлар аразҟы рызҭо ауаҩы уи зынӡа дыӷәӷәазароуп, фи-мацәыси реиҧш» ҳәа иҩуан арҭ ацәаҳәақәа зхаҭара аадырҧшуа, "Ушнеиуа унеи» ҳәа Миха Лакрба иззиҳәаз Д. И. Гәлиа.
Д. Гәлиа данхәыҷыз инаркны афольклортә рҿиамҭақәа ныҟәызгоз, изҳәоз ауаа дырзыӡырҩуан, игәникылон, интересс иман. Даныҩеидас, аҩреи аҧхьареи аниҵа, игәаҧхақәоз, иаҧсоуп ҳәа ииҧхьаӡоз афольклортә рҿиамҭақәа ақьаад ианиҵо далагеит. Раҧхьа иара ишәҟәҩыратә баҩхатәра зырҿыхаз ажәлар рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа роуп. "Ажәеинраалақәа рыҩра салагеит сара еиҳараӡак афольклор сыцырхырааны",- ҳәа иҩуан Д. Гәлиа. (Аҧсуа литература 10-тәи акласс, Аҟәа 2012, ад: 77).
Иара убас Д. Гәлиа ирҿиара иахыҵхырҭаны иҟалеит аурыси егьырҭ акыр милаҭтә литературақәеи рыклассикцәа рҩымҭа лыҧшаахқәа. Иара Аҟәа Ашьхаруаа рышкол данҭаз инаркны дрыҧхьо далагеит А. С. Пушкини, М. И. Лермонтови, А. Кольцови реиҧш иҟоу аурыс литература аклассикцәа рҩымҭақәа.
1891 шықәса инаркны аҧсуа жәлар рҧа иаша Дырмит Гәлиа ааҧсара изымдыруа, хамеигӡарыла даҿын аусура аҧсуа культура ашьҭыхразы, арҿиаразы. Уи раҧхьа дахагылт аҧсуаа усҟан реиҳа изыргәамҵуаз аус, иҽазикит иуаажәлар рҵарадара арӡра, даақәгылт ажәлар рырҵаҩы иакәны. (Шь. Инал-иҧа "Аҧсуа литература аҭоурых аҟнытә" ад:116 ).
Ҳхәыҷаахыс ҳааӡоуп Д. Гәлиа ирҿиамҭақәа рыла сҳәар сылшоит, ҳашкол аамҭа раҧхьатәи ашықәсқәа инадыркны иҳацу цәаҳәақәоуп "Аҳы, сышәҟәы, уеиҵамхан" "Сыхаара, сыҧсадгьыл", "Абри соуп сара" уҳәа. Уи алагьы иаҳҳәар ахәҭоуп, ҳара ҳдунеихәаҧшышьа ашьақәгылараҿы Дырмит ицәаҳәақәа ихадоу аҭыҧ шааныркыло.
Ажәеинраалақәа Д. Гәлиа иҩуа далагеит 1905 шықәса инаркны. Раҧхьаӡа 1912 шықәсазы Қарҭ иҭыҵит аҧсуа литература абду иажәеинраалақәа хаз шәҟәны. Раҧхьатәи ашәҟәы аҭыжьра шаҟа иуадаҩхаз иахҳәааны, иара иҩуан: "1910 шықәсазы еиқәсыршәеит сажәеинраалақәа хаз шәҟәны, аха ашәҟәы аҭыжьра уадаҩхеит, уаҩ дысмыцхрааит. Схарџьла иҭсыжьып ҳәа иақәыскит. Аҵарадырра арҿиара иашьҭаз агәыҧ аҿы исыҧсахит ҧара ҧыҭк. Убри сыцырхырааны, сышәҟәы Қарҭ иҭсыжьит. Ашәҟәқәа аҩныҟа иаазгеит. Урҭ уаҩы иааихәомызт, аҧсуаа рыбызшәала шамахамзар изаҧхьомызт. Ашәҟәқәа аҩны иаауаз асасцәа ҳамҭас ирысҭон, ақыҭақәа рахь, ашколқәа рахь ирзышьҭуан.» Иара хәыҷны, ҳлитература аҭоурых аҿы зҵакы рацәоуашәҟәы иахьӡын "Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи" ҳәа. (Ш. Инал-иҧа "Аҧсуа литература аҭоурых аҟынтә ад:118).
Акык-ҩбак аиҭагақәа налаҵаны аизга иануп хыҧхьаӡарала 30 жәеинраала. Аҧсуа литература ашьаҭаркҩы раҧхьаӡатәи ишәҟәы мацараз акәым, ирҿиамҭа зегьы азгьы апрограмматә ҟазшьа амоуп иара злаатуа ажәеинраала. Уа аа-цәаҳәа заҵәык роуп иҟоу, аха аҵакы дууп.
Сахьаркыратә ҟазарылагьы, идеиатә ҵакылагьы ашәҟәы иану алирикатә жәеинраалақәа иаарылукаартә иҟоуп: "Шаҟа дыҧстәы цәыбзахәузеи!", "Абжьаҩашьа-хабжьаҟьала", "Хоџьан-ду", Аҩы - гра хтыгоуп". Ажәеинраалақәа рызкуп раамҭала иҵарны иқәгылаз аҧсҭазааратә зҵаарақәа. Дара иахьагьы аҧхьаҩ иабжьырго рацәоуп. (Аҧсуа литература 10-тәи акласс, Аҟәа 2012, ад. 78).
1913 шықәсазы Д. Гәлиа иҭижьит даҽа шәҟәык "Арҧызбеи аҧҳәызбеи рышәҟәи, даҽа хьӡыртәрақәаки, жәеинраалақәаки" захьӡыз. Абра ианын раҧхьатәи аҧсуа поема "Арҧызбеи аҧҳәызбеи рышәҟәы".
Раҧхьаӡатәи адунеизегьтәи аибашьра иахҳәааны, Д. Гәлиа 1915 шықәсазы ииҩыз, "Аибашьра ду аантәи ахьӡыртәра" ҳәа ажәеинраалаҿы автор иааирҧшуеит, афронт ахь миллионҩыла еизцаны ирышьҭыз анхацәеи аусуцәеи ргәаҟ ҧсҭазаара, 1917 ареволиуциатә шықәсазы апоет иҩуеит ажәеинраала "Ҧхьаҟа". 1918 шықәсазы адунеи абеит иара убас раҧхьаӡатәи аҧсуа прозатә ҩымҭагьы- Д. Гәлиа иажәабжь "Атәым жәҩан аҵаҟа".
1919 шықәсазы апоет икьыҧхьуеит иџьынџьтәыла алахьеиқәҵара гәҭыхас ишимаз аазырҧшуа ажәеинраала "Сыҧсадгьыл". (Ш. Инал-иҧа "Аҧсуа литература аҭоурых аҟынтә ад. 119).
Д. Гәлиа раҧхьаӡатәи исахьаркыратә рҿиамҭақәа рҿы иалкааны иазгәаҭатәуп аџьажәлар рыҧсҭазаара аазырҧшуа аҩымҭақәа. Автор илирикатә фырхаҵа- зхатә џьабаала зхы ныҟәызго абзанхаҩы иоуп, ашәа азиҳәоит уи иаарыхра, аҧхӡы зызкеиҭәаз инхара-инҵыра. Иаҳҳәап уи аныҧшуеит ажәеинраала "Аҧсны" нҵәоит абас :
Бзиа жәуааит инхақәо,
Ҧхӡашала кыр зуқәо,
Џьабаала илазҵақәо,
Ахымхәацәа зааӡақәо!
(Ш. Инал-иҧа "Аҧсуа литература аҭоурых аҟынтә ад. 121).
Ақыҭаҿтәи ааҧын асахьа зеиҧшыҟам ала иаанарҧшуеит еицырдыруа аурыс поет Кольцов иҿырҧшны иҩу ажәеинраалак, иахьӡуп иара "Ааҧын":
Ашәаҧшь ҟаҧшьӡа
Иаацәырҵит шьыжьӡа,
Аҧсҭҳәа еилачӡа
Иаахалт илашьцаӡа...
Д. Гәлиа ареволиуциа ҟалаанӡатәи иҩымҭақәа рхыҧхьаӡараҿы сахьаркырала еиҧш идеиалагьы даара акрызҵазкуа иреиуоуп ажәеинраала "Хоџьан-ду"(1910). Иара убри аамҭазы ари - раҧхьаӡатәи реалисттә ҩымҭоуп аҧсуа поезиаҿы.
Аҧсуа литератураҿы Д. Гәлиа ашьапы икит асатиратә жанргьы, уи иаҵанакуа аҩымҭақәа маҷӡам ареволиуциа ҟалаанӡатәи ирҿиамҭаҿы. Иаҳҳәап: "Шаҟа дыҧстәы цәыбзахузеи". Сатиратә жәеинраалоуп "Исыбаргузеи шьҭа сара".
Апоет жәпакы иҩымҭақәа рҿы еиҿаиргылоит ажәытәи аҿатәи. Иаҳҳәап ажәеинраалақәа "Ажәытәуаа раҳаҭыр еиқәҵашьа", "Ажәытә" уҳәа.
Абзиабареи аиҩызареи ртематикагьы шьахәла ирныҧшуеит Д. Гәлиа ирҿиамҭақәа "Амҩаҧшра", "Хахәырҳәы ҧҳәызба" уҳәа.
Асовет мчра ашықәсқәа раан ауп Аҧснытәи аџьажәлар рыдгьыл аҿы адәыӷба анырба. Абри иахҳәааны Д. Гәлиа имоуп, игәырҿыхагоу ажәабжь хәыҷык "Тҟәарчал адәыӷба ҩеит" захьӡу.
Ароман "Камаҷыҷ" акәзар Д. Гәлиа аҩра далагеит 1933 шықәсазы, далгеит 1940 шықәсазы. Ирҿиамҭақәа иреиҳаӡоу ароман иахҳәааны ус иҳәон :" Ари сара ҷыдала исызгәакьоу темоуп ҳәа".
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду ҟалаанӡа 1942 шықәсазы Д. Гәлиа иҭижьит даҽа шәҟәык - аҧсуаа ржәытә бзазара иахҳәаау ажәабжь кьаҿқәа.
1934 шықәсазы Аҟәа иҭыҵит Д. Гәлиа даҽа ишҟәы хәыҷык "Аҧсуа частушкақәа". Ачастушкақәагьы иара иоуп раҧхьаӡакәны формак аҳасабала ҳлитература иалазгалаз.
Иркьыкь иркьыкь сыҧхьарца,
Иркәашала ишьацәхыртәуа.
Абри иаҭаххаша ашәақәак
Иаасызрылх ажәақәак.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан апатриотизм аидеиақәа хадара рыман Д. Гәлиа ипоезиаҿы. Уи аамҭаз ииҩыз ажәеинраалақәа иреиуоуп: "Ҧхьаҟа мраҭашәарахь", Иааигәоуп аамҭа ахьырхәразы", "Ҳара ҳ-Кавказ", "Ахаҵа ихаҵа" уҳәа.
Д. Гәлиа ирҿиарамҩа аҵыхәтәантәи апериод азы иаҧиҵеит имаҷымкәа ажәеинраала ҟаимаҭқәа. Убарҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: "Аусураан ашәаҳәара", "Шарҧыеҵәа", "Ахьча иашәа", "Аиниара" уҳәа убас ирацәаны. (Ш. Инал-иҧа "Аҧсуа литература аҭоурых аҟынтә ад. 124).
Дырмит Иосыф-иҧа Гәлиа ирҿиаратә мҩа даараӡа иҭбаауп, иара ҳлитература иазынижьит ибаҩхатәра иахылҵыз хәы змаӡам аҩымҭа ҟаимаҭқәа. Ари ҳажәлар зегьы рзы доуҳатә ҭынха дууп.
Мадина Амҷԥҳа,
афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша 2 акурс астудент