Егри-Ҧсоуи рыбжьара ишьҭоуп Аҧсынра. Аҧсуа итәыла, иаҳра, идгьыл гәакьа. Анцәа ихазы иалихыз аҭыҧ ссир ҳара иаҳзынижьит. Еицырдыруа аҳәамҭа хыҭҳәаазаргьы, иҵабыргушәа иҟоуп. Ҳтәылеиҧш ихаау, иҧшӡоу, иблахкыгоу атәылақәа рыҧшаара уадаҩуп. Аха ҳашҧазныҟәо уи ҳара? Ҳаалаган атәыла азакәан хада, а-6-тәи ахәҭаҷ иҭагӡаны, ианаҳҵеит аҧсуа бызшәада ҳтәылаҿ даҽа ҳәынҭқарратә бызшәа шыҟам. Аурыс бызшәа аҳәынҭқарратә ҩаӡара амҭакәа иҳаӡбеит ҳхы иаҳархәарц жәларбжьаратә бызшәак аҳасабала. Анаҩс иҟалеит иҟамлашаз. Ҳалагеит аҧсшәа мшызҳа ирацәаны амш алагара. Уи ҳара иаазаҳамуц акгьы ыҟам. Иазаҳухьеит лажәхарҧа. Ӷәӷәала игәыгәҭаҳажьт. Чарҳәара азуны ҳахыччо ҳалагеит. Шәнеи аҧсуа қыҭақәа рахь. Шәрылаҧш ҳақалақьқәа. Аҩырақәа иаҳҧыхьашәо бжеиҳаӡан урыс бызшәала ихыркуп. Ҳжәабжьырҳарбагақәа ирҳәо урысшәоуп, аҧсшәа иазҧагьоуп, рҿаҿы иаауам. Ҳхарарбагақәа ҭәуп урысшәала имҩаҧысуа адырраҭарақәа рыда. Ҳусбарҭақәа ҭәуп аҧсышәала изымцәажәо, ма ицәажәо, аха изҭахым аусзуҩцәа рыла. Аҧсуаҭҵаара рацәа иагуп. Ажә
Ахатәы бызшәа амш алагара мап ацәаҳкроуп!
19 апреля 202219 апр 2022
80
1 мин