Збызшәа зҭахым ажәлар жәларым. Урҭ рыҧсадгьылбзиабарагь ҧсажәоуп, иҧсыҽуп, уақәгәыӷуа иҟам. Ауаа ракәзаргь, урхыччаргьы, лажәхарҧа рзуургьы ҟалоит. Убри аҟынтә исҭахуп ҳхы ҳамҿаҟәарц, иҳамоу абызшәа ҳаҭыр ақәысҵарц. Ажәак-ҩажәак рыла ишәасҳәоит гәҭакыс уажә исымоу. Ибзианы ижәдыруеит ҳара ҳтәылаҳра иамоу ахабарырҳарҭақәа зегьы аурыс цәа шрыҟәну, урысшәала аус шыруа. Ҳбызшәа акәзар, уи ҳтәалаҳраҿ амш шалагоу. Иалазгогьы ҳара. Абри агха ду ахарҭәаароуп, агәнаҳа алҵроуп изызку уажәтәи сҽышәара. Исҭахуп схатә хабарырҳарҭатә маҵзурак аҳасабла игәцароукша ажәабжьхырхарҭақәа ҭҵааны ишәыдызгалаларц. Сеилышәкаазар бзиоуп, сышәзеилымкаазар, аҵыхәтәантәи аҳәоу шәеиҭаҧхьа. Иааркьаҿӡаны иуҳәозар, хырхарҭала, лацәажәарҭала еиҟәшоу ажәабжьқәа рыҭҵаара мҩаҧыслоит уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа. Адунеикаҭа (аинтернет) адаҟьақәа (асаитқәа) Аҧсны аӡбахәала еицҿакны излацәажәо акоуп: Аҧсны Урыстәыла ишаламло, аха Уаҧстәылаахыҵ ахада аиашьаратә тәылаҳра Урыстәыла иалалоит ҳәа ииҳәо ишадгыло. Сара шәсазҵаауазар, Аҧс
Аҧсынтәылаҳра: мшаҧымза 1, 2022-тәи ашықәс
1 апреля 20221 апр 2022
6
2 мин