Издыруеит уажәазы аҧсшәа шьаҭас измоу адаҟьа адунеикаҭаҿ ишымӷьацо. Уи ала уаҧҵамҭа шӡыргамхо. Анапаҵаҩцәа рацәаны ишумоуа. Аҧара зшәо асаит аҟны иаауртыргьы, уи аҧарарҳара аҟынӡа ишымҩаӡо. Ус егьа иҟазаргьы, исыӡбеит сара аҧсшәа Иандекс Дзен аҟны сеиҭазыгьежьырц. Саныгьежьыхгьы, аҧхьан исымаз азнеишьа сыҧсахырц. Сгәы азыбылуеит сыҧсшәа, сгәы арҧшаауеит. Ҳаҧсадгьылаҿ уи щықәшәаны иҟоу аҭагылазаашьа ҭаха снаҭаӡом. Азҵаарақәа сызцәырнагоит. Иҳахьыз, аиашаз, исзеилкаауам, аилкаарагьы сашьҭалом. Сгәыӷуеит уажәтәи сҽазышәара «хысп» ҳәа. Исҭахуп сҿырҧшы аӡәырҩы ықәларц. Аҧсшәеиҧш иҟоу абызшәа ссир гәыгәҭарыжьуам. Уи иахыҽхәан ауп ишҭырҵаауа иҟәышу ауаа. Гаӡарак ҳахьзаргьы, арҽеишьа ҳақәшәааит! Иахьа исыӡбеит санҵамҭа сҩычарц иҧшӡоу, иҟәышу, ауаҩы игәы иақәшәо, аҩырақәа зну асахьақәа рыла. Уи сара снапала иҟасҵеит. Иазықәшәыргыл ахәшьара.