Найти тему

«АТЕРРОР ХЛЫМӠААХ АФАКТ ХАҬАҚӘА»

  • Арубрика: Харада ахара зду

Аполитикатә репрессиақәа ирылаӡыз ргәалашәара амш аламҭалаз Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура Sputnik Аҧсны апресс-центр аҟны имҩаҧысит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Бебиа лышәҟә ҿыц «Харада ахара зду» (урыс бызшәала) аҭыҵра иадҳәалаз «Атеррор хлымӡаах афакт хаҭақәа» ҳәа хьӡыс измаз аҭҵаарадырратә конференциа. 

Аконференциа рхы аладырхәит атәыла аҵарауаа реиҧш, анҭыҵынтәи иааз ахаҭарнакцәагьы. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап, Ҟарачы-Черқьестәыла акультура аминистр Зураб Агирбов, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Олег Еҭлухов (Ҟарачы-Черқьестәыла), Ердынџь Аҭеиба (Ҭырқәтәыла, Ҟаилар), Россотрудничество Аҧснытәи ахаҭарнакра ҧасатәи анапхгаҩы Вадим Чеха (Москва, авидеоконференциа аформат ала) убас егьырҭгьы. Аконференциа ахьӡала ҷыдала ашәҟәы ааишьҭит Аҧсуа-Абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс ахада Мусса Егзакь. 

Аҭҵаарадырратә конференциа ааиртит, иагьымҩаҧигон Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Арда Ашәба. Уи иқәгылараҿы иазгәеиҭеит аконференциа шазку Екатерина Бебиа лышәҟәы «Харада ахара зду» ахцәажәара. 

-2

Екатерина Бебиа лмонографиатә усумҭа «Харада ахара зду» атәи ахәҭа рызкуп Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭа иалҵыз, аамҭа еиқәаҵәақәа раан харада ахара зыдҵаны ирӡыз, иахыгаз ауаа. Ашәҟәы еиқәыршәоуп фактла изырҵабыргуа афотоматериалқәеи архивтә шәҟәқәа рыхҩылаақәеи уҳәа рыла. Автор ари атема шьҭылхижьҭеи ҩынҩажәа шықәса инарзынаҧшуа иҵуеит. Акыршықәса раҧхьа Аҧсуа радио аҿы адырраҭарақәа рциклгьы еиҿылкаахьан. Екатерина Бебиа лгәы иҭоуп анаҩстәи лышәҟәқәа рзылкырц аамҭа еиқәаҵәақәа ирылаӡыз, арепрессиа зызуз Аҧсны егьырҭ араионқәеи ақыҭақәеи руааҧсыра. 

Аҧсуа-Абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс ахада Мусса Егзакь аконференциа алахәылацәа рыхьӡала иааишьҭыз ашәҟәы даҧхьеит Аконгресс аинформациатә портал аҭыжьратә редактор Изольда Ҳагҧҳа. Аашьҭымҭаҿы, ахәҭакахьала, иазгәаҭан: 

«Аполитикатә репрессиақәа трагедиа дуны иҟалеит аҧсуа-абаза жәлар зегьы рзы, уи ҳдацҧашә, ҳкультура, ҳахдырра шынеибаку ааха ду анаҭеит. Ари арыцҳара ду ахҟьаҧҟьақәа иахьа уажәраанӡагьы акыр иаҳныҧшуеит. Ҳара иаҳуалу – аҭоурых ахамыршҭра ауп, убри ауп изызкугьы Екатерина Бебиа лышәҟәы «Харада ахара зду», уи амилаҭ рҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхаразы акраҵанакуеит».

Аконференциаҿы инеиҵыху аҭҵаарадырратә жәахәқәа рыла иқәгылеит аҵарауаа: аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдокторцәа Сергеи Шамба, Аслан Аҩӡба; афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Оҭар Ӡиӡариа; аҭоурыхҭҵааҩ қәыҧш, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩ Фарид Кәабахьиа. 

-3

Аҧсны арепрессиақәа ирылаӡыз ирызку ауаажәларратә еилазаара анапхгаҩы, Аҧсны зҽаҧсазтәыз аҳақьым Анатоли Ԥлиа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит, ажурналсит Екатерина Бебиа лмонографиа аҵак ду шамоу, уи Лхаа мацара ишыртәым, ишаныҧшуа Аҧсны аҭоурых. Анатоли Ԥлиа иҳәеит аамҭа еиқәаҵәақәа даргьы ҩнаҭала ишырхьысыз, иаб ахара шидҵаз, Норильскҟа ишахгаз. 

Аиҧылараҿы иқәгылеит, иааркьаҿны ашәҟәы азы ргәаанагарақәа рҳәеит аӡәымкәа-ҩыџьамкәа аҵарауаа, ауаажәларратә усзуҩцәа. Урҭ иреиуоуп: аҭоурыхҭҵааҩ, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Сергеи Шамба; азиндырҩы, Аҧсны жәлар рпартиа аиҳабы Иақәыҧ Лакоба; асоциологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Беслан Кобахьиа; ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ Олег Еҭлухов; аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Сослан Салаҟаиа; ҳџьынџьуаҩ, хаҭала аконференциа аҽалархәразы Ҭырқәтәылантәи иааз Ердынџь Аҭеиба; Аҧсны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчаразы анапынҵа ҷыда змоу Асида Шьаҟрыл уҳәа аӡәырҩы.

Ашәҟәы «Харада ахара зду» автор Екатерина Бебиа лықәгылараҿы, ахәҭакахьала, дазааҭгылеит арепрессиақәа ртема аҩра дшалагаз аҭоурых:

«1980 шықәсазы акәын, сыстудентын, 5-тәи акурс аҟны аҵара сҵон. Убасҟан Аҧсуа радио аҟны апрактика сахысуан. Ҽнак зны икабинетахь дсыҧхьеит усҟан ателехәаҧшреи арадиои рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгаҩыс иҟаз Шамил Хәсин-иҧа Ԥлиа. Саннеи, икабинетаҿ дтәан Семион Амҧар. Шамил Хәсин-иҧа исеиҳәеит ари ауаҩ ахлымӡаах зхызгаз дшыруаӡәку, изкны радиодырраҭарак аиҿкаарагьы дҵаны исиҭеит. Убри аахыс ари атема аус адызулоит», – иазгәалҭеит Е. Бебиа. 

-4

Ашәҟәы автор иҭабуп ҳәа ралҳәеит аҭыжьраҿы ацхыраара лызҭаз Аҧсуа-Абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс ахада Мусса Егзакьи, аиҳәшьцәа Кристинеи, Евеи, Виолеи Озганаа.

Абраҟа иазгәасҭарц сҭахуп зыӡбахә ҳҳәаз аконференциа хаҭала дшалахәыз абарҭ ацәаҳәақәа равторгьы. Имыцхәхарым ҳәа сгәы иаанагоит, аҧхьаҩ ухаҵкы, хаҭала саргьы ажәак-ҩажәак ари ашәҟәы иахысҳәаар.

-5

Сзанааҭтә усура ажурналистика изладҳәалоу ала, сара ибзианы еилыскаауеит иахьатәи аамҭазы ас еиҧш ашәҟәы еиҿкааны (сара сызҿу, раҧхьа иргыланы, аполиграфиатә хаҭабзиара ауп), ақьаад бзиа азыҧшааны, сахьала, фотодокументла ишьақәырӷәӷәаны, иманшәалоу аформат азылхны аҭыжьра иацу акәамаҵамақәа, ауадаҩрақәа. Аха Екатерина Бебиа уи лыллыршеит: илыҧшааит илыцхраауа ауаагьы, адгылара лызҭо, мораллагьы, ҧарала-шьаралагьы. Избан акәзар ари идырӡыз, арепрессиа зызуз зықьҩыла ҳауаажәлар рхаҭарнакцәа ргәалашәара аҿаҧхьа иҳақуп, иҧшьоу усуп.

Игәоумҭарц залшом ашәҟәы аредакциа бзиа шазуу. Уи лнапы иҵылгеит аҧышәа ду змоу ажурналист хатәра Иулиа Соловиова. Иара убасгьы авиорстка ҟазҵаз Наира Гәынҧҳа лдырреи лҧышәеи рнаҩсангьы, лгәы-лыҧсы адкыла ишеиқәлыршәаз убарҭоуп. Имҳәакәа узавсуам ашәҟәы ацәа иану асахьа ҭызхыз еицырдыруа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа, аиллиустрациақәа рыла еиқәзыршәаз асахьаҭыхҩы, апрофессор Рауф Барцыц рыӡбахә. Урҭ ашәҟәы даҽа ҧсык ахарҵеит.

-6

Журналистк, ҧхьаҩык иаҳасабала иҭабуп ҳәа ласҳәоит Екатерина Гьаргь-иҧҳа Бебиа аҧсуа журналистика амаҵ аураҿы шықәсырацәалатәи лџьабаазы, ахәҭакахьала, лышәҟә ҿыц – амонографиа «Харада ахара зду» азы. Ари иахьа зыҧсы ҭам ргәалашәара иасимволуп, еиҵагыло абиҧарақәа рзы ҧсра-ӡра зқәым баҟоуп. Лџьабаа хәы амаӡам. Анцәа илиҭааит амчи алшареи аҧхьаҟатәи лыгәҭакқәа рынагӡараҿы.

Алхас ЧХАМАЛИА

ААУ аҧсуа бызшәа акафедра

арҵаҩы еиҳабы,

ажурналист