Арубрика: Анхаҩы иблала
Алхас Чхамалиа ихатәы архив аҟынтә. Ишәыдаагалоит 2014 ш. агазеҭ "Аҧсны" аҟны икьыҧхьыз астатиа.
Иахьа Аҧсны ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара ҽаамҭанык иеиҧшымкәа еилашуеит – ицоит аҽазыҟаҵарақәа атәыла ахада изаамҭанытәим иалхразы. Уи еснагь ажәлар ргәыӷрақәа здырҳәало процессуп. Ирзыҧшуп аиҭакрақәа: аҳәынҭқарра анапхгараҭара асистемаҿы, акадртә политика азҵаараҿы, иааидкыланы жәлар рыҧсҭазаара, рыҿиара, рынхамҩа, рыбзазара уҳәа аиӷьтәразы. Ҵабыргынгьы, иааиуа алхрақәа рҿы иӡбахоит ҳтәыла даҽа хәышықәсатәи аҿиарамҩа ахырхарҭа.
Ажәлар ргәы иҵхо апроблемақәа, азҵаарақәа аумаҷху: атәыла асоциал-економикатә ҿиара азҵаатәқәа, аҳәынҭқарра ашәарҭадара, ажәлар ракзаара, адемографиа, абызшәа, аҵарадырра, агәабзиарахьчара, ауааҧсыра усурҭала реиқәыршәара, ауалафахәи атәанчахәи рызҵаара уҳәа убас иҵегьы.
Ҳақалақьқәа, еиҳаракгьы ҳаҳҭны-қалақь аҟны аполитикатә ҧсҭазаара мчхара ҳаракыла ианеилашуа, изеиҧшроузеи иахьа ақыҭа ҧсҭазаара? Изеиҧшроузеи ажәлар рынхашәа-чашәа, раарыхра, рыбзазара? Имоузеи-ихӡузеи иахьа аҧсуа нхаҩы: гәыӷрақәас имоузеи, дышҧазхәыцуеи ҳаамҭа, изеиҧшрахарызеишь иҧеиҧш? Азҵаарақәа нҵәаӡом. Урҭ зегьы иааинырсланы рҭак аҟаҵарагьы, ҳәарада, иуадаҩуп. Уи иаҭаххоит аҭҵаарадырратә знеишьа, насгьы қыҭацыҧхьаӡа аӡәаӡәала урыҿцәажәаны, ргәаанагарақәа зегьы хәыц-хәыц еилырганы иумазароуп. Аха егьа ус акәзаргьы…
Абраҟа аҧхьаҩ иудаагалар ҳҭахуп, мышқәак раҧхьа ҳара ҳазҭаз Ҷлоу ақыҭа анхаҩы, ажәытә-аҿатә акыр иалаҧшхьоу, аҧсҭазааратә ҧышәа ду змоу Адлеи Мышьеи ҳареи ҳаицәажәареи уи иахылҵыз хәыцрақәаки. Иазгәаҭатәуп, ҳара уахь ҳамҩахыҵра хықәкыла зҵаарак ишадҳәаламыз.
Ҷлоу, Андроу аҳабла. Адлеи Тарас иҩнаҭаҿы ирызҳауан ааҩык ахшара: ҧшьҩык аҷкәынцәеи ҧшьҩык аӡӷабцәеи…
– Ҳара, дад, даара аамҭа цәгьа ҳахьӡеит, – дҳацәажәоит аҩнаҭа аҧшәма. – Ҳани ҳаби изларылшоз ала акы ҳагмырхакәа ҳрааӡон. Иахьеиҧш ухатәы бызшәала ишуҭаху уцәажәо, аҵара уҵо иҟамызт. Ҳхатәы бызшәала аҩреи аҧхьареи шаҳҵоз, «ақырҭуара» ааины иааҳхаҧеит – қырҭшәала аҩреи аҧхьареи ҳарҵара иалагеит. Ҳара ҳхатәы бызшәа усгьы аҧсшәа акәын, ақырҭшәа ҳара иабаадыруаз! Аха арҵаҩцәа аума ҳзааргон. Абас, уахьгьы ҳаҟамкәа арахьгьы ҳаҟамкәа, ааӡабла классқәак ҳрылгеит. Ҳаныҩеидас, аколхоз ҳәа зегьы усура ҳрыманы индәықәлеит. Аҩнаҭаҿы ҳазынтәык зегьы аколхоз аҟны аус аауан. Арахь аҩныҟа акгьы ҳазгәарагаломызт. Зегьы ианреиҳаха, жәохә-ҩажәа кьыла аҧш. Ухатәы лауҵар ҟалозма! Илауҵаӡаргьы, арашәаха аамҭа ыҟамызт. Убри аҟынтә, уахынла, мзала ианаҳрашәалоз ҟалалон. Арахә-ашәахә зегьы аколхоз иатәын. Ашәахтә азҵаара ӷәӷәан… Исгәалашәоит, Кәачара, Кындыӷ уҳәа (ашьҭахь Қырҭтәылантәи агырқәеи ақырҭқәеи ааганы иахьындырхаз) ҳрыманы ицаны абна анхаҳҿоз, амҩақәа аныҟаҳҵоз, аҵлақәа анеиҭаҳҳауаз… Ииашоуп, асовет аамҭа абзиарақәагьы аман, аха аамҭа бааҧсын. Сталини Бериеи адунеи амаа ркын. Аҧсуаа рацәаҩӡаны Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941-1945 ш.ш.) иалахәын. Иаанхазгьы афронт ахьӡала аус руан, – игәалаиршәоит Мышьа Адлеиба.
Аҩнаҭа аҧшәмеи ҳареи ашҭа ашәшьыраҿы ҳтәаны ҳаицәажәонаҵы, аҩнаҭа аҧшәмаҧҳәыс, лықәра акыр ишнеихьоугьы, гәабзиарала дшуашәшәыроугьы, ҧсуаҵасла ишахәҭоу еиҧш ҳхәы лырмазеихьан.
Адлеи Мышьа излеиҳәо ала, Адлеиаа, еиҳаракгьы иахьа Ҷлоу, Отаҧ уҳәа инхо ажәытәӡа Ԥсҳәынтәи иааз Адлеиаа рабиҧара ирхылҵыз роуп.
Адлеи Мышьа 40 шықәса инареиҳаны Тҟәарчал дынхон. Уаҟа анхара бзиа ҟаҵаны иман. Аха аҵыхәтәаны, 20 шықәса раҧхьа иабацәа рџьынџь ахь дгьежьны анхара далагеит.
– Избан, Ҷлоунтәи Тҟәарчалҟа шәызгазеи, изыхҟьеи? – ҳиазҵааит Мышьа.
– Уи зыхҟьаз, уажәы шәарҭ, аҿар, цқьа ишәзеилымкаар ҟалоит. Аха аиашаҵәҟьа ҳҳәозар, аколхоз «ҳацәыбналаны» ҳцеит. Уи сара схалагьы сакәым, ара ҳқыҭа аҟынтәи ус ицаз рацәаҩын усҟан. Акраагарҭа ыҟамызт. Шьыжьы инаркны хәлаанӡа усуран ҳазҿыз. Тҟәарчал наплакык аҟны аусура узалагар, мамзаргьы ашахта аҟны, аколхоз уацәнахьчон, – иажәа наигӡоит Мышьа. – Исгәалашәоит, Ҷлоунтәи иҳашьҭаланы инеиуан, аколхоз ахь ҳаргарц. Аха зны ҳҽаҳҵәахуан, зны анс ҳҳәо, зны арс ҳҳәо, ишакәхалак ҳаанхеит. Аха саб иџьынџь иеиӷьу иарбан! Уажәы схынҳәны саан, ара, Ҷлоу анхара напасыркит.
Адлеи Мышьеи ҳареи ҳаицәажәараан иаҳҭеит азҵаара: имариоума џьарантәи ухҵәаны даҽаџьара аиасра, ҩыџьара анхара аҟаҵара? Уи аҭакс абас ҳаиҳәеит:
– Даараӡа ицәгьоуп. Иахьа ишыжәбо, ҳџьынџьуаа рыҧсадгьыл ахь рырхынҳәра азҵаара иалацәажәоит. Иаахьоугьы маҷыҩӡам. Аха акыр иуадаҩуп шықәсырацәала уахьынхоз, уахьыхандеиуаз зегьы кажьны даҽаџьара нхара аиасра. Араҟа ихадароуп аџьынџь азхәыцра.
Ус ҳашцәажәоз, ажәытәи аҿатәи азгәаҭаны, иахьатәи ҳаҧсҭазаара зеиҧшроу ахь ҳниасит. Мышьа иажәақәа рыла, иахьа аамҭа еиҳа еиӷьуп, инхо, зыбаҩ иацәымаашьаз изы. Арахә-ашәахә шаҟа уҭаху ануҵар азин умоуп, адгьыл акәзар, нападкыл. Иааурыхуа аӡәгьы иумихуам. Амала, акызаҵәык, акраагарҭа, аҧара арҳарҭа ыҟам.
– Дад, ҳқыҭақәа ҭацәуа иалагеит. Избан? Избан акәзар, аҿар рзы аусурҭа ыҟам. Ана-ара ақалақьқәа рахь еиҳа ҳхы ҳахәоит ҳәа ицеит, – иҳәеит ҳзыҿцәажәоз. – Ари рыцҳара дууп. Ақыҭа ауп еснагь ҳтәыла аҧсы «ҭакны» измаз. Ақыҭа аныҟамла, ақалақьгьы зыҟалом. Абарҭ азҵаарақәа зегьы даара ирызхәыцтәуп, – дҳацәажәоит Мышьа.
Аҧсуа иҟны ишаҧу еиҧш, аҩнаҭа аҧшәма ҵәыцак-ҩаҵәцак зҳәаз иеиҧш, акакала аныҳәаҿақәа ааникылоит. Нас маҷ-маҷ ацәажәарахьы ҳниасуеит. Абас мацара аамҭагьы маҷымкәа ицеит. Аҵыхәтәаны аҧшәма исиҭеит азҵаара:
– Дад, иахьа Аҧсны ицо ахҭысқәа, шәара аҿар, ирхышәҳәаауазеи, ишҧеилгари аҵыхәтәа? – иҳәеит иҟалараны иҟоу алхрақәа ирызкны. Аха игәасҭеит исиҭаз ари азҵаара аҭак иара иҟаиҵарц шиҭахыз.
– Ихадароу ажәлар роуп. Ажәлар рҧеиҧш рнапы иакуп, – сҳәеит сара рацәак сҽаламгалакәа.
– Сара абра шәҿаҧхьа итәоу, сахьынӡажәбо сааихьеит (84 шықәса днарҭысуеит), Сталини Бериеи раахыс иахьа уажәраанӡа аиҳабыра акыр сырхаануп… Иахьа Аҧсны ахадарахьы иқәгылоу зегьы ажәлар рҵеицәа роуп. Зегьы ирҭахуп атәыла шәҭуа, икакаҷуа иҟаларц. Аха абраҟа, ихадароу акы ыҟоуп – ажәлар ракзаара аиқәырхара, аидгылара арӷәӷәара. Абри рыгушәа избоит. Иахьа еиҩшаны иҟоу ажәлар анеидкыламха, ҳҧеиҧш уадаҩхоит, – абригьы ааиҳәан, абырг иаҵәца аақәхны ажәлар рныҳәаҿа ааникылеит. «Ҳаҧсуа жәлар анцәа иумырӡын! Аидгылара ҳцәумырӡын!», – ихиркәшеит иныҳәаҿа. Ҳаргьы ҳахьгылаз, «анцәа иуциҳәааит», – ҳҳәеит.
Адлеи Мышьа инхара-инҵыра иаҩцаны днымхозаргьы, ихатә џьабаала иҟаиҵаз инахандеи аҟны гьамала дынхоит. Ихы-ихшара, имаҭацәа деиҵаҩҩы дыҟоуп. Зегьы занааҭк-занааҭк рымоуп, уск-уск рнапы алакуп. Мышьа ихаҭа иакәзар, иқәра шмаҷымгьы, иашҭа-игәара, иаанда-исында, иаарыхра иагым. Иџьықәреи иаҵәҟаҟараӡа иҭагылоуп. Сасык дизнеиргьы, дацәыҧхамшьартә, ҿыӷәӷәала «бзиала уаабеит» ҳәа иеиҳәартә дыҟоуп. Иааҧсаразы иоуа 500 мааҭ аҧсуа тәанчахәы шмаҷугьы, дашшуам. «Ҳара уажәшьҭа ҳбыргцәоуп, ҳақәра ҳфахьеит, аҧхьаҟа аҿар шәзы абзиара ҟалааит», – иҳәоит иара.
Адлеи Мышьа џьоукы-џьоукы реиҧш, иааираны иҟоу алхрақәа зегьрыла, амазара, ахьы, аҧара «ҳзаанагоит», мышкала зегьы шәҭыкакаҷуа иҟалоит ҳәа ихәыцуа дреиуам. Аха агәыӷра имоуп жәлары ирыхәаша ахада далырхып ҳәа. Иара хаҭала акгьы даҳәом. Акызаҵәык, дызҳәо – аидгылара ауп. Аҧсуа жәлар реидгылара, ракзаара.
Хаҭала сара ари ауаҩ акыр сизхәыцуеит. Сыгәгьы иҭысҳәаауеит – абас еиҧш еиҿкаау, абас еиҧш ихәыцуа анхацәа рацәаҩны иҳамазҭгьы, ҳаҧсҭазаара акыр еиӷьхон.
Жәлары ирыхәо анцәа иҟаиҵааит!
Алхас ЧХАМАЛИА
Агазеҭ «Аҧсны», №61 (Август 19, 2014)