Найти в Дзене

Ажәҩахыреибыҭара ахыҧша

Ажурналист, агазеҭ "Аҧсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиеи Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа ахантәаҩы актәи ихаҭыҧуаҩс иҟаз, апоет, ауаажәларратә усзуҩы Геннади Аламиеи реиҿцәажәара.

– Геннади Шьаликәа-иҧа, ҳара иаадыруеит ҳашьцәа нхыҵ-кавказааи ҳареи ҳаимадарақәа рырҕәҕәараҿы шәара ижәбахьоу аџьабаа, аибашьраан еиҧш, уи аҧхьагьы. Шәара ишәыбзоуроу рацәоуп Аҧсны аибашьра ианҭагыла шәҩыла хатәгәаҧхарала ацхырааразы раара аус аҟны. Уи шҧеиҿкаахеи, ахы шҧаки? 

– Аҧсны арыцҳара ианҭагыла хатәгәаҧхарала иҳацхраарц иааз рыӡбахә лассы-лассы иҳаҳауеит, аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы акәзар, еиҳагьы иалкааны иаҳгәалаҳаршәоит. Зегь раҧхьаӡагьы иазгәасҭарц исҭаху, иахьа имаҷҩым, ари аус иаармарианы иалацәажәо, избоит, исаҳауеит: ани нхыҵ дцаны ауаа ааигеит, егьи дцан иҟаиҵаз-ииуз ҳәа. Аха, сгәанала, ус уцәажәар ҟалаӡом. Аӡәгьы ихахьы имгароуп, аӡәгьы дмыҽхәароуп ари аҩыза «афырхаҵара» еиҿыскааит ҳәа. Еиҿукаар ҟалоит, иаҳҳәап, ачара, афестиваль, аха уцаны еибашьра уаала, сара сзыҳәан уҭаха ҳәа аҳәара улшаӡаргьы, нас уи хазҵо аӡә дҟаларгьы, даара иҧхашьараны исыҧхьаӡоит. Ҩажәихәба шықәса раҧхьа иҟалаз арыцҳара ду аан хатәгәаҧхарала Аҧсны ацхрааразы еиҿкааз аус ларҟәны, ҳахьӡ алаҭаагоит ҳәа ирмарианы ҳахымцәажәозароуп. 

Иури Калмыков
Иури Калмыков

…Илауҵаз ауп иааурыхуа. Изхысҳәаауа, ҳаиашьаратә жәларқәеи ҳареи хылҵшьҭрала ҳшаӡәыку дырны, шьала-дала ҳшеиларсу азгәаҭауа, ҳажәларқәа рҭоурыхтә лахьынҵақәа реишьашәалара даҽа лыҵшәак ҳнаҭар ҟалозма? Ашьа акгьы ахашҭӡом, ашьа зегьы агәалашәоит. Уи ҭҵаарадырралагьы ишьақәдырҕәҕәахьеит. Акызаҵәык, ашьа аамҭала «ицәазар», иурҿыхар, уацхраар ҟалоит. Уи даҽа усуп. Егьыс, сгәы ҟарҵарц рҭахны ианцәажәало акәу сыздыруам, ирҳәалоит (даҽаӡә иакәзаргьы ус иарҳәоит): ҳашьцәа Аҧсны ацхрааразы раара уара уоуп изыбзоуроу ҳәа. Аха сара ус ицәажәо ауаҩы зынӡагьы сизыразым. 

Насгьы абра иазгәасҭарц исҭаху, нхыҵааи ҳареи ҳаимадара аус аганахьала сара официалла маҵура ҷыдак сыманы сыҟаӡамызт. Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа раҧхьатәи аиҿкааҩ сакәын, нас Аконфедерациа ҳәа ахьӡ аныҧсахха – аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩс сыҟан. Аибашьра аан Владислав Григори-иҧа иҟынтә абланкқәа сыцын, иара инапы аҵаҩны. Џьара шәҟәык сыҩуазма, џьара сцозма – В.Арӡынба ихаҭарнак ҳәа сыхьӡ аҵазыҩуан, сахьнеиуаз зеиҧшраз еиҧш. 

– Ишҧаҟалеи Кавказ ажәларқәа Рассамблеиа аиҿкаара, нас – Аконфедерациа?

– Аарыхра уоурц азы зны илауҵароуп, нас иурашәароуп, џьара рҵәыгақәак ауҭароуп… Еиқәшәароуп арыци адгьыли, нас ақәа асроуп, амра абароуп… Аҧсны 25 шықәса раҧхьа иҟаз аибашьра аҭоурых ианалацәажәо, Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа атәы рҳәалоит. Аха ҳаиашьаратә жәларқәа реидкыларазы аханатә еиҿкааз «Аконфедерациа» акәӡамызт иахьӡыз. Ҳара зегь раҧхьаӡа еиҿаҳкааит Ашьхаруа жәларқәа Рассамблеиа. Ари аидеиа аауан хаҭала Москва Алитературатә институт аҿы аҵара анаҳҵоз, иҳаҩсыз ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа инадыркны. Усҟантәи аамҭазы ашьхаруа жәларқәа рхаҭарнакцәа зегьы уаҟа аинститут иҭан. Ҳанеиҩызцәаха, ҳаизааигәахо ҳаналага, ҳаидызкыло џьара еиҿкаарак аҧҵазар бзиан ҳәа аидеиа шьҭыхны, ҳалацәажәо ҳалагахьан. Лассы-лассы ҳаиҭанеиааиуан. Убри иабзоурахеит Ассамблеиа аиҿкаара. 

Иури (Мусса) Шанибов
Иури (Мусса) Шанибов

Иаахтны иуҳәозар, аибашьра аламҭалазы, ижәдыруеит, аамҭа даҽакала иҟалахьан, аӡәгьы игәы иҭамызт ус еиҧш еиҿкаарак аҧҵара (иазхәыцуаз ыҟазаргьы, даара имаҷын). Уимоу, иахьа џьоукы-џьоукы еидтәаланы аибашьраан иаадырҧшыз «афырхаҵарақәа» еибызҳәо, усҟан ари аидеиа зынӡагьы ирыдыркылаӡомызт, рхахьгьы иааргар рҭахӡамызт. Уахь уцаны ҳашьцәа «урбыжкыр», арахь ақырҭқәа ргәааны иҳажәуҵоит, мамзаргьы – Аҧсны аибашьра ҟалар аӡәыр арахь иааны иҳацхраап угәахәуама ҳәа сазҳәақәозгьы ыҟан, изеицәааӡарызеи. Аха сара ус акәӡамызт сышхәыцуаз. Исҭахыҵәҟьаз, ҳашьцәеи ҳареи ҳаӡәыкны ҳҟалар, ҳажәҩахыр еибаҳҭар, ҳаҕацәагьы уи иацәшәаны ҳҿагылара, ҳабашьра рзыгәаҕьрым ҳәа акәын. Аха Аҧсны уи рҭахымызт, уахьгьы рацәак ирзеилкаауамызт. Убри аҟынтә, ҳаалаган ашьхаруа жәларқәа зегьы ҳрылсит. Раҧхьатәи ҳныҟәарақәа раан хҩык-ҧшьҩык рҟынӡа ҳаицын, иаагозар, Валери Гамгиа, Аполлон Шьынқәба уҳәа. 

Саҧыҩланы иазгәасҭарц исҭаху, усҟан, Асовет Еидгыла ахаан аиҿкаарақәа раҧҵара имариаз усмызт, даара ишәаны-изаны, даара уазхәыцны, хшыҩла уацымныҟәар, иуҭахыз акгьы удырҟаҵаӡомызт. Изхысҳәаауа, сахьнеиуаз зегьы ирасҳәон, абригь-абригь арыцхә азы «Аидгылара» аизара мҩаҧнагараны иҟоуп, Аҧсныҟа ааҧхьарагьы шәырҭоит, шәнеира ҳазыҧшызаауеит ҳәа. Арахь ус еиҧш акгьы ыҟаӡамызт, санцоз ус еиҧш аӡәгьы акгьы саимҳәаӡеит, аха амц сҳәеит. Аҧсны сахьааизгьы ус расҳәеит, абригь-абригь арыцхә азы ҳашьцәа аарц рҭахуп, аизара еиҿкаазарц исыҳәеит ҳәа. Арахь урҭгьы акгьы рымҳәаӡеит. Ажәакала, ас еиҧш анрасҳәа «Аидгылара» анапхгара уи иақәшаҳаҭхеит.

Ашьхаруа жәларқәа жәохә рхаҭарнакцәа Аҧсны иааит, аизарагьы мҩаҧаагеит, еиҿаҳкааит Ассамблеиа. Уи аҭоурых ҕәҕәоуп. Иааинырслангьы иуҳәо акакәым. 

Занааҭла сиуристӡам, аха Ассамблеиа Аҧҟаҧҵәа еиқәсыршәеит: уаҟа жәохә жәлар алахәын, жәохәҩык Ассамблеиа ахада ихаҭыҧуаа арбан. Акы еиҿукаарц азы уи иалаурхәуа ажәларгьы рҟазшьа удыруазарами! Урҭ зегьы «акака» румҭар, иалоумырхәыр иадгылома? Еиҭах ҳара ҳтәқәа рахьтә иаҿагылоз ҟалеит, жәохәҩык ахаҭыҧуаа убахьоума ҳәа. Закәанла, зин шьаҭала уахәаҧшуазар, ҵабыргны, жәохәҩык ахаҭыҧуаа рыҟаҵара шиашамыз саргьы исзымдыруа сыҟамызт, аха ҳажәларқәа реидкылара иахәарц, ҳаиҿкаара мхыбгаларц азы ус иаҭахын. 

…Муса Шанибов аҟабардақәа ихьӡ рҳәан дааргеит. Усҟан сара рацәак дсыздырӡомызт. Ачеченцәа ракәзар, хазы Иандарбиев ҳәа иҟаз иӡбахә рҳәеит, Ассамблеиа ахантәаҩыс иҟаҵаразы… Сара Шанибов ихьӡ анырҳәа садгылеит, насгьы еиҳа даҽа ҵакык шьҭнахуан – ашьхаруа жәларқәа рыгәҭаны аҟабарда дҟалар. Еиҳабыс дҟауҵоит, аха ишҧа? Саалаган Махраддин Каттоев ҳәа ачеченцәа рделегациа иалаз иҿы сцеит. Сиҳәеит Ассамблеиа абыргцәа рхеилак напхгаҩыс дҟаларц, нас Шанибов диацәажәарц, Ассамблеиа анапхгара аҭаразы (Шанибови Каттоеви аҵара еицырҵон). Ажәакала, Шанибов диацәажәартә иҟаҳҵеит, дагьақәшаҳаҭхеит. Аха Шанибов игәаҧхомызт Ассамблеиа ахьӡ. Убри аҟынтә, ҽнак (сара сыҟамызт) аизара ааҟаиҵан, ҳаиҿкаара Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа ҳәа иҧсахит. Аха, акызаҵәык, иҽеимкәа иҟаиҵаз, аиҿкаара аҧҟаҧҵәаҿы ианиҵеит (В.Арӡынба иамҳәаӡакәа акәхап, иарҳәазҭгьы дшақәшаҳаҭымхоз агәра згоит) абас еиҧш: Аконфедерациа – ари 1918 шықәсазы иаҧҵаз Ашьхаруатә республика иашьашәалоу еиҿкаароуп ҳәа. 

…Мызкы аҟара ааҵуаны Аконфедерациа ахьӡала ауаа ҿыцқәа ааит, зынӡа иаҳзымдырӡоз, изусҭцәоу, изҿу еилкаамыз. Ҳаиҿкаарагьы дара ирҭахыз, даҽа хырхарҭак арҭеит. Иаахжәаны иуҳәозар, ҳгәы иҭаз, ҳхы иҭаз (ҳара ҳәа сызҿу Ассамблеиа ауп) зегьы хдырбгалеит.

– Изеиҧшрааз усҟантәи ҳаимадарақәа, ҳажәларқәа реиҿцаара? Насгьы еиҳарак изыбзоурахеи хатәгәаҧхаралатәи аҵысра?

– Усҟан Нхыҵ-Кавкази ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа, ҳаиҿцаарақәа зынӡа даҽакала иҟан: дара лассы-лассы ҳара ҳахь иаауан, ҳара ҳтәқәа уахь ицон. Иара сара схаҭа исымаз аҩызцәеи аимадарақәеи ирыбзоураны жәаҩык инареиҳаны ҳҿар Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҿы амедицинатә ҵара рҭаҵара сацхраахьан.

-4

Изхысҳәаауа, аҳәынҭқаррақәа реидгыла Европа иҟалаанӡагьы («Евросоюз» ҳәа иахьа изышьҭоу) Нхыҵ-Кавкази Аҧсни уи аҩыза аидгыла ҟалахьан (арахь дара ҳәынҭқаррақәаӡамкәан). Акультуратә ҧсҭазаара, аҵарадырра, аспорт рганахьала уҳәа наҟ-ааҟгьы аицәажәарақәа ҟаҵаны, аусеицуразы аҳасабтәқәа азгәаҳҭахьан еиҿаҳкааз Ассамблеиаҿы. Аха Аконфедерациа анеиҿкааха нахыс, иазгәаҭаны иҳамаз ҳхықәкқәа, ҳидеиақәа еиҧхьбеит, ишысҳәахьоу еиҧш, хыхь ҳазлацәажәоз зегьы рхырбгаларахьы ахы хеит.

Абри ауп иааркьаҿны исҳәарц исылшо. Ажәакала, хатәгәаҧхарала ҳашьцәа еицҿакны адруҳәа раара аус аҟны иалкааз рольк «Аидгылара», мамзаргьы Аконфедерациа аума, даҽакы-даҽакы аума, инанагӡеит ҳәа ҳазҳәаӡом. Иуҳәозар, хатәгәаҧхарала иҳацхраарц иаауаз реиҳараҩык Аконфедерациа аӡбахә зынӡагьы ирыздырӡомызт, иагьырмаҳацызт. Урҭ арахь раара ҩнуҵҟала «ирыҵазҳәоз», хыхь исҳәан еиҧш, «ашьа агәалашәароуп». 

– Ирҳәоит, ақырҭқәа ачеченцәа ҳара иаҳҿадыргыларц аусқәа реиҿкаара ргәы иҭан ҳәа. Ишәҳәарц ишәылшозеи убри аганахьала?

– Сыҧсҭазаараҿы џьара акыр сылшахьазар, акыр ҟасҵахьазар, зегь реиҳа иалыскаауа, ачеченцәа ҳара иаҳмабашьыртә аҭагылазаашьа аҧҵара сахьацхрааз ауп. Урҭ ҳара иҳабашьраны иҟан… 

Ҟарабах аибашьра анцоз ачеченцәа азербаиџьанцәа ирыдгыланы аерманцәа ирабашьуан, дара хыҧхьаӡарала ҩ-нызқьҩык раҟара ыҟан. Аха еинымаалазт ихынҳәны Чечентәылаҟа иааит. Усҟан Асовет мчра акәын иҟаз, Дудуаевгьы дмааиӡацызт. Панкиситәи аиҩхааҿы инхоз акистинцәа ҳәа изышьҭоу иреиуаз (дара чеченцәоуп) руаӡәк, ижәла сгәалашәом, Ачечен-Ингәыштәи Ареспублика Иреиҳаӡоу Асовет далан. Убри даалаган, анҭ Ҟарабах еибашьуаз рҟынтәи, нас егьырҭгьы аруаа реизгара иҽазикит. Ҩышәи хынҩажәаҩык рҟынӡагьы аибашьцәа еизигахьан қарҭаа рыдҵала. Ҵабыргуп, урҭ аҧсуаа ҳрабашьуеит ҳәа иаахтны ирҳәомызт, аха уаҳа изабашьуадаз, изҿадыргылодаз. Уажәшьҭа шәара шәазхәыц уи ахы ахьхаз, ҵакыс иамаз. Азнеишьа ҧшаатәын. Ус ҟашәымҵан, уахь шәымцан ҳәа мчыла иааныскылоит ҳәа уалагар, акгьы алҵӡомызт. Нас иҳаӡбеит ачеченцәа дара-дара, жәлантәыла аиҕара анрыбжьалалак, имҩаҧыргоз аныҳәара ҳхы иаҳархәарц. Аныҳәара Аҧснынтәигьы ауаа алахәызар акәын. Аҧсны санааи, ианрасҳәа, Чечентәылаҟа ацара зҭахыз рацәаҩымхеит. Аха ус ишыҟазгьы, апатриот, ауаҩ нага Грышьа Ашьхаруа днасыцхраан, абас автобуск иакуаз раҟара ауаа ҳаманы ҳцеит, аныҳәарагьы мҩаҧаагеит. Уи иаанагоз – ҳаишьцәахеит ҳәа акәын. Ишәаҳахьоума чеченк дҩагылан аҧсуаа дырҿагыланы деибашьит ҳәа. Уажәы сара салалом Гелаев иаара, 2001 шықәсазтәи Кәыдырҭатәи ахҭысқәа. Уи зынӡа ихазуп. 

Убри ашьҭахь иҟалаз даҽа хҭыскгьы. Ҽнак аҩны сшыҟаз аҭел исзасит Аҟәатәи аҳаир баҕәазаҿы ачеченцәа рҳаирплан тәеит, ҩынҩажәаҩык рҟынӡа еицуп, Бугаев ҳәагьы напхгаҩык дрыцуп, уара ухьӡ иҳәеит рҳәеит. Ачечен-Ингәыштәи автономтә республика Аминистрцәа Реилазаара ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Бугаеви сареи ҳаибадырхьан усҟан. Владислав Григори-иҧа ихаҭа абылтәы азыҳәангьы иара иахь сишьҭхьан. Ауха изулакгьы В.Арӡынбеи дареи реиқәшәара еиҿыскааит. Ҳахьеиқәшәазгьы Ешыра ауп. Дара Арӡынба, иҟауҵо зегьы иашоуп, уполитика иашоуп, ҳара уара ҳашудгыло агәра уҳаргоит ҳәа иарҳәеит. Нас ҳаирпланла Қарҭҟа иҧырит, Гамсахурдиа иахь (аригьы аӡәгьы издырӡом). Ашьыжьымҭан аҳаирбаҕәаза аҟынӡа схаҭа инаскьазгеит. Гамсахурдиа иҟны иахьнеиз иарҳәеит (усҟан 1989 шықәсазтәи ахҭысқәа ҟалахьан), аҧсуаа рганахьала акы угәы ианҭоук, ҳара ҳҿы аус умоуп ҳәа. Даара аицәажәара ҕәҕәа рыман. Ашьҭахь иара Бугаев ила еилыскааит иахьнеиз ирҳәаз-ируз. 

Изхысҳәаауа, абас еиҧш ахҭысқәа рацәаны иҟан.

-5

Ақырҭцәа урҭ ачеченцәа рхалагьы ракәмызт иаҳҿадыргыларц ирҭахыз, егьырҭ ҳаиашьаратә жәларқәагьы дара рахь ихьадырҧшырц аусқәа ирҿын. 

Аибашьра иалагаанӡатәи ашықәсқәа руак аан, маи 21 аҽны, мчыла ихырҵәаз Кавказ ажәларқәа ргәалашәара амш азы Нальчик аизара дуӡӡа мҩаҧыргеит. Аҧснынтәи уахь ҳцеит Ҭамара Шьаҟрыл-ҧҳаи егьырҭ ҳҩызцәеи ҳаицны. Ҳара ҳнеиаанӡа Қарҭынтәи аделегациа неихьан. Қырҭтәыла усҟантәи Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ дықәгыланы дцәажәеит адыга бызшәала. Изхысҳәаауа, урҭ иааҟарымҵоз иарбаныз! Ҳара ҳахьцоз, ҳахьнеиуаз ма ҳаҧхьа инеиуан, мамзаргьы инаҳашьҭарххны. Ҳусқәа рхырбгалара иашьҭан еснагь. Аха нхыҵааи ҳареи цәала-жьыла ҳаишьцәан, ус ҳагьаанхеит. 

– Аибашьра ианалагаз ашықәс азы Аҧсны имҩаҧысит аҧсуа-адыга фестиваль. Ари ахҭыс ҳажәларқәа наҟ-ааҟгьы наунагӡа ргәаҵа иҭымҵәо иаанхеит…

– Ари афестиваль иаӡбаз даара ирацәоуп ҳашьцәа нхыҵааи ҳареи ҳаимадарақәа рырҕәҕәараҿы. Аха раҧхьа уи аидеиа анрыдызгала, иадгылаз маҷхеит. Иабатәи фестивальу, ҳазҭагылоу умбаӡои ҳәа зҳәақәазгьы ҟалеит. Аха сцо-саауа санаҟәымҵӡа, имҩаҧысит ҳашьцәеи ҳареи ҳаигәныҩра даараӡа иацхрааз афестиваль. 

– Ишәгәалашәыршәарц ҳҭахуп аибашьра раҧхьатәи амшқәа…

– Аибашьра ианалага аҽны, сааҭк аҟара ааҵуаны еиҧш, Иури Калмыков аҭел дысзасит (Арӡынба иахьгьы дасуазаарын, аха аимадара рзышьақәмыргылеит). Аҭагылазаашьа зеиҧшраз иасҳәеит. Иара Аҧсны аибашьра шыҟалаз, ақырҭцәа шҳақәлаз ажәабжь сааҭбжак иалагӡаны адунеи зегь иахирҵәеит. Насгьы адунеи иқәынхо ачерқьес жәлар зегь рахь ааҧхьара ҟаиҵеит, Аҧсынтәыла аибашьра ҵысит, ҳашьцәа аҧсуаа рнырҵәара иаҿуп, шәгыл ҳәа. 

Август 17 рзы Чечентәылаҟа сцеит, сҭаацәа Аҧсны иааныжьны. Схәыҷқәа ахьыҟаз сыздырӡомызт. Ашьҭахь исаҳаит урҭ Дамеи Кәыҵниеи Илиа Гәниеи иалыргеит ҳәа. 

Сахьнеиз аизара мҩаҧыргеит, сара уа сықәгылеит. Саргьы хәыҷык сышны сыҟамзи, зегьы сзеилалан – сҭаацәа, схәыҷқәа, сыжәлар – даара ирџьбараны сцәажәеит. Ашьҭахь зны Иусуп Сосламбеков ицәажәарақәа руак аан иазгәеиҭон, Геннади Аламиа убас еиҧш дҳацәажәон, убри аҟынӡа ҳнеигон, ҳирҧхашьон, игәы акы алсыр ҳәа ҳацәшәаны иҟаҳамҵашазгьы ҟаҳҵон ҳәа. Иара Иусуп Сосламбековгьы сара снеиаанӡа телехәаҧшрала дықәгыланы абасеиҧш иҳәахьан: «Дом, в котором нас принимала абхазская мать, горит. Если есть мужчины в нашем народе, соберитесь и идите на помощь к своим братьям». 

Мусса Дауров, Сулҭан Сосналиев, Инвер Терзи-оглы
Мусса Дауров, Сулҭан Сосналиев, Инвер Терзи-оглы

Ҳашьцәа хатәгәаҧхарала Аҧсны иааны иҟарҵаз, аӡәгьы саҭаимҵааит, аха ҳара ҳакәзар иаҳзыҟамҵар ҟаларын. Абџьар шьҭыхны еибашьра иааз ртәы зынӡа ихазуп, аха иаҳҳәап, Шанибов иеиҧш иҟаз, уи дпрофессорын, дҵарауаҩын; Хабез араион аҟны амилициа аҟәша иеиҳабыз, абџьар наганы зыҩны иаҳҵәахуаз ачеркес Абу Банов… Иаҳҳәап, иахьа, анцәа иумҳәан, Нхыҵ-Кавказ ак ҟалар дарбан профессору, мамзаргьы дарбан амилициа аҟәша уеиҳабны, зусура ааныжьны еибашьра ацара зылшара ҳәа санхәыцлак, аҭак аҟаҵара сцәуадаҩуп. 

– Аибашьра иацуп аҧсыҭбарагьы. Ишҧарыдыркылоз ргәакьацәа хатәгәаҧхарала иеибашьуаз рҭахара, рхы шҧамҩаҧыргоз ранацәа, раҳәшьцәа?

– Ҿырҧштәы заҵәык аазгоит. Чечентәылаҟа сцон, Нальчик сақәшәеит Аҧсны иҭахаз Науржанови Канукови рыҧсыбаҩқәа аннарга. Ауаа рацәаҩны еизаны иҟан. Аӡәы даасыдгылан исеиҳәеит, Науржанов иан џьоукы лацәажәеит, ҳхәыҷқәа Аҧсныҟа ишьҭлатәӡам, џьоукы еибашьуазар ҳара ҳаҷкәынцәа ҭахараны изыҟоузеи, бықәгыланы быҷкәын иҭахара бақәыӡба ҳәа. Даара иаасцәымыҕхеит, аха иҟасҵооз. Зегьы ҳгыланы ҳалзыҧшуан, илҳәарызеишь анаџьалбеит ҳәа. Днықәгылан ус лҳәеит: «Сара сыҷкәын уаха дыцәаны дааҧшыр, Аҧсны аӡбахә иҳәон, уи иара ихатәы ҧсадгьыл еиҧш ибон. Ус анакәха, сыҷкәын иҧсадгьыл азы, иашьцәа аҧсуаа рзы дҭахазар, сгәы иладууп». Иаҳәшьа лакәзар, ажәлар зегьы ырӡырҩны убас лҳәеит: «Иҭахаз сашьа ишьа зуа аҟабардақәа рганахь хаҵа ҳәа уаҩ дыҟамзар, сеиҧка шәзынсыжьуеит, ахаҵеиқәа сышьаҵаны сашьа ишьа зуеит, сашьцәагьы срывагылоит». 

Даҽа хҭыскгьы. Грозныи сшыҟаз Аҧсны иҭахаз чечен ҷкәынак дышьны днаргеит. Иан аинфаркт лыхьны дышьҭан, Аргәын ақалақь аҟны дынхон. Иара иҧсыбаҩ ақыҭахь иганы анышә иамардон. Иан лҟны инеины лаҳәара аӡәгьы изымгәаҕьит. Аҵыхәтәаны сара сцар акәхеит. Саннеиҵәҟьа лара иаразнак илдырит ҽеи шыҟамыз. Ажәа мыцхәы шәзасыршьуазеи, смашьына дҭарианы дызгеит. Ҳахьнеиз, илыцхрааны дынҭырган, наҟ-ааҟ илыҵагыланы днарган лыҷкәын иҧсыбаҩ лдырбеит.

«Ҳашьцәа аҧсуаа! Иҭабуп ҳәа расҳәоит абас ҳаҭыр ақәҵаны сыҷкәын иҧсыбаҩ сзаазгаз. Уи Аҧсны ихы ақәиҵеит. Сара сыҷкәын сизыгәдууп», – абарҭ ажәақәагьы аалҳәеит, дынхьыдышьшьит. Илыҵагыланы дрылыргеит. Лыҧсы маҷхеит, рҳәеит, аха усҟан лыҧсҭазаара далҵхьан. 

Иахьагьы абарҭқәа анаасгәалашәо, сгәы сҭаҵәуоит, схәы-сжьы қақаӡа еилагылоит. Ҳара иахьа уажәраанӡагьы цқьа иаҳзеилымкаацзар ҟалап, зеиҧш аҭоурых иамҳәац, ҳашьцәа иҟарҵаз адгылара аҵакы.

– Хатәгәаҧхарала Аҧсны дгьыл ахьчаҩцәа ирыцхраарц иааз даараӡа ирацәаҩуп, Нхыҵ-Кавкази Алада-Урыстәылеи рнаҩсангьы, Ҭырқәтәыла, Сириа уҳәа рҟынтәигьы. Шәазааҭгыларц ҳҭахуп аибашьра аламҭалазы, 1992 шықәсазы Владислав Григори-иҧа Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа ицара, анаҩс уи ҵакыс иаиуз ҳџьынџьуаа рхаҭарнакцәа хатәгәаҧхарала рҭоурыхтә ҧсадгьыл Аҧсны ахьчаразы раара. 

– Урҭ амшқәа ибзиаӡаны исгәалашәоит. Владислав Григори-иҧа Ҭырқәтәылаҟа ицара иазыразымызт усҟан икәша-мыкәша игылаз ауаа: аурысқәа ирҭахым, насгьы ақырҭцәа урбыжкуеит ҳәа. Аха иара убас еиҧш ҟазшьа ҷыдак иман, игәы иҭеикыз иҧсадгьыли ижәлари ишрыхәо идыруазар, аӡәгьы ииҳәо хьаасгьы имаӡамызт, иаҭаххозар иҧсгьы ақәиҵон. Хаҭала саргьы аделегациа салахәын. Зегь раҧхьаӡагьы иазгәаҭатәуп, В.Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа ицарала идирбар иҭахын аҧсуаа хыҧхьаӡарала шә-нызқьҩык рыдагьы шыҟоу, насгьы уа инхо ҳашьцәа рыҧсадгьыл ахь рхьарҧшра, ргәы аҭыгара уҳәа. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәа даараӡа ибзианы иаҳҧылеит, ҳәынҭқарра дуӡӡак ахада ишиҧыло еиҧш.  

Абраҟа хҭыск сгәаласыршәар сҭахуп. В.Арӡынба Мусҭафа Қемаль Аҭаҭиурк анышә дахьамадоу имовзолеи аҟны дшыҟаз жәдыруеит. Аха иара уахь днеиаанӡа Арӡынбаки сареи ашьыжь заанаҵы ҳнеит. Ҳахьнеиз, аинралк днеиааиуа даҳбеит. Иахьа Аҧсны анапхгаҩы даараны дыҟоуп, ҳаизыҧшуп ҳәа ҳаиҳәеит. Иалышәхузеи, В.Арӡынба днеит, ашәҭқәа шьҭеиҵеит, асасцәа рышәҟәаҿгьы анҵамҭа аанижьит. Ҳдәылҵны ҳанцоз ани аинрал дааҳахьӡан, сара аус зуеижьҭеи акыр ҵуеит, арахь имҩахымҵыц, изымбац ҳәа уаҩ дыҟам, аха ари шәхада зегь раасҭа дыҧшӡоуп, излазбо ала зегь раасҭагьы дҟәышзар ҟалап ҳәа ҳаиҳәеит. 

-7

Ажурнал «Абаза» аныҭсыжьуаз В.Арӡынба Аҭаҭиурк имовзолеи аҟны иаанижьыз анҵамҭа ҧшааны искьыҧхьырц сҭаххеит. Аха ҳанашьҭала, архив аҟны ҳаннеи, иҟаӡам ҳәа ҳарҳәеит. Иџьасшьеит, илакәысшьеит, избан акәзар усҟан анҵамҭа аныҟаиҵоз ҳаблала иаабон, зегь уа ҳицын. Саргьы иааигәарашәа сгылан. Амала ииҩуаз, излаиҩуаз абызшәа еилсыргартә исызгәамҭеит. Сгәы иаанагеит, усгьы урысшәала иҩрымызт ҳәа. Изхысҳәаауа, урҭ анҵамҭақәа еизганы шәҟәынгьы иҭрыжьхьеит. Аха иҟаӡам В.Арӡынба итәы. Нас, уахь исыцны инеиз Бедиз Кәарацхьелиа-ҧҳа, анҵамҭа шәыҧшаанӡа абра стәаны амлашьра салагоит ҳәа ралҳәеит. Ас анылҳәа, иацәшәоу здырхуада, иҵегьы ҳаимдоит, иҳаҧшаауеит рҳәан, ҳақәдыргәыҕит. Ауха аҭел иасит, акы аабеит иара акәзар ҟалап ҳәа.

Адырҩаҽны ҳаннеи иаацәырганы иаҳдырбеит. Иҩуп аҧсышәала: «Ахақәиҭра иазықәҧоз, аҳәынҭқарра дуӡӡа шьақәзыргылаз, ажәларқәа зегьы бзиа ирбо Қемаль Аҭаҭиурк», аҧсуа жәлар рыхьӡала, Аҧсуа ҳәынҭқарра ахьӡала, В. Арӡынба, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ахада ҳәа аҵаҩны. Арҭ ажәақәа иара В.Арӡынба ихаҭа изаҳкыртә иҟоуп иахьа. 

Иҟалаз уи ауп, ашәҟәы аныҭрыжьуаз ианыз аҧсышәала ианзамыҧхьа, ианырзеилымкаа, иҧхьаркит. Нас иҳарҳәеит, абас ахьрыхьыз азы аҳәынҭқарра дуқәа рнапхгаҩцәа анаҭаауа иаанрыжьуа анҵамҭақәа знырҵо ашәҟәы аиҭаҭыжьраан ианаҳҵоит ҳәа. 

Нас уа, Ҭырқәтәыла аиҧыларақәа рацәаны иҟан. Балбаллы ҳәа иахьашьҭоу ақыҭаҿы ҳаннеи, издыруаз ҩыџьа тракторк акабина сынҭадыртәан срылганы абнахь сыргеит. Амагнитофон нықәырҵан абасгьы сарҳәеит: «Иҟоу аиаша ҳауҳәароуп, убжьы ҭааҩуеит. Уара уаадыруеит, угәра аагоит. Иаауеит џьоукы анс рҳәоит, џьоукы арс рҳәоит. Уара иудыруа, угәаанагара ҳауҳәарц ҳҭахуп. Убжьы абра ианылоит, нас уамырҧхашьааит». Саргьы сыҧшҩым, сынцәам, аха сгәаанагара расҳәеит, аҭагылазаашьа шыҟаз, аибашьрагьы ҟаларц шалшо… Ашьҭахь хатәгәаҧхарала иааз аҷкәынцәа реиҳараҩык убра В.Арӡынба даннеиз иҟаз, иалахәыз роуп. Ажәакала, В.Арӡынба Ҭырқәтәылаҟа ицара аҵак дуӡӡа аман, иаӡбазгьы рацәоуп. Аха иҳәатәуп, уаанӡагьы, уи ашьҭахьгьы Аҭаи Ацәышбеи, Ирфан Аргәыни, нас урҭ рҩызцәеи Аҧсны адгыларазы еиҿкааны ирымаз аилак абзоурала ҳдиаспора рыҩнуҵҟа аус дуқәа шеиҿыркаауаз, аџьабаа ҕәҕәаны ишырбахьаз. 

Хатәгәаҧхарала еибашьуаз ртәы анаҳҳәо, ибжьаҳажьыр иашам Алада-Урыстәылантәи иҳацхраарц иаазгьы. Абраҟа зегь раҧхьаӡагьы зыхьӡ ҳәатәу дреиуоуп Константин Озган. 

– Ирҳәоит Дудаев иҿы шәара ишышәҭахыз шәнеиуан-шәааиуан, шәидтәаланы шәиацәажәон, шәзызнеиуаз аусқәагьы ҟамҵакәа шәдәылҵуамызт ҳәа.

– Дудаев иҟны сышнеиқәоз-сшааиқәоз зегьы ртәы ара иалаҳхузеи, аха азҵаара анықәшәыргыла, хҭыс заҵәык шәасҳәоит. 

Ари ҽнак зны Грознынтәи рациала Тҟәарчали сареи ҳаимардеит. Иҟоузеи ҳәа санразҵаа, иҳамоу ҳабџьар, ҳџьаҧҳаны даара имаҷхеит рҳәеит. Саалаган Дудаев иҟны снеит, иҟоугьы абас-абас ауп, аҧсуаа убас узаарыцҳауеит «хыхь Аллаҳ дыҟоуп, ҵаҟа – Дудаев», ҧсыхәак ҳзыҟауҵароуп ҳәа. Аҧсны аҳәаа аҟынӡа абџьари аџьаҧҳани ргаразы авертолиот имысхырц сҭахын. Саниҟәамҵӡа, ашәҟәы ҩны исиҭеит, «Выполнить рейс с гуманитарным грузом до границы с Абхазией» ҳәа анҵаны. Дудаев ихаҭа иҧырҩы дсиҭеит. Убасҟан анс акә, арс акә, Тҟәарчали Аҷандареи 19 реис ҳзыҟаиҵеит. Ашьҭахь иара Ахбиук дҭахоит, Васиухин ижәлан. 

– Изеиҧшроузеи шәара шәгәаанагарала усҟан аиашьара ҳзызуз, зшьа ҳазказҭәаз ҳашьцәеи ҳареи иахьатәи ҳаизыҟазаашьа? Иҟаҵатәузеи ҳаимадарақәа рырҕәҕәаразы, иҭахаз рыхьӡ акамыршәразы? 

– Ауаҩы дануаҩха, иуал иқәушәа даҽаӡәы дихәамҧшуазароуп. Ауаҩы абзиара узыҟаиҵазар, уаргьы акы шухәҭоу удыруазароуп. Иаҳзыҟарҵазар, ҳара ҳаҧсоуп ҳәа ҳамхәыцлароуп. Хатәгәаҧхарала аҷкәынцәа шәҩыла иааны иҟарҵаз, зхы ақәызҵазгьы рацәаҩуп, убри ҧхасҭаҳтәыр ҳәа сацәшәоит. Избан акәзар, усҟан ҳшеибабоз еиҧш, усҟантәи ҳаизыҟазаашьақәа иахьа иҟаӡам. Аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы «ахьӡ» мацара ҳашьҭалан, аус атәы ҳхашҭызшәа аҭагылазаашьа ҟалеит. 

-8

Иҭахаз рыхьӡ кашәара ақәӡам. Урҭ аҭоурых аҟны иануп, рыхьӡқәа наунагӡа иаанхоит. Аха уи адагьы иҟаҳҵаша рацәоуп. Акызаҵәык, иҳалшо, иҭахаз рыхшара, рҭаацәа ыҟоуп, убарҭ Аҧсныҟа иааганы пату рықәаҳҵо, абраҟа рыҧсы дҳаршьо, рабацәа, рашьцәа рхы зқәырҵаз ҳаҧсадгьыл рбо, ҳаҧсҭазаара иалархәны иҟаҳҵароуп. Убри аганахьала иҳамоу ҳмал-ҳшьал уҳәа ҳармеигӡароуп. Избан акәзар, иахьа ҳара иҳамоу аҭагылазаашьа ҳазҭаз урҭ роуп. Ҳаизыҟазаашьақәа иҵегьы еиҕьтәтәуп, ҳаимадарақәа рҕәҕәатәуп. Уи азы дасу ирылшо ҟарҵароуп, иахьыҟазаалакгьы, изҿызаалакгьы, ахӡыргара мацараз акәымкәа. Дасу дахьгыло аҭыҧаҿ илшо ахәыҷы азы ихы дамеигӡароуп. Аҵла злагылоу адацқәа рыла ауми. Аха аҵла ус иҧшӡаӡа, иҕәҕәаны, иҳаракны изыҟалаӡом ҵаҟа ихәыҵоу адацқәа ракәымзар, урҭ «аус рымур»... Иаҳҳәап, ишҧаҟалои адацқәа «ҳаргьы ҳарбааит» ҳәа адгьыл ихәыҵыҵырц рҭаххар? Аҵла иазҳаларц азыҳәан адацқәа рроль ухәмарроуп. Уи зхысҳәаауа, иҟаҳҵо зегьы гәык-ҧсык ала иҟаҵалатәуп, ус баша ахӡыргаразы, ахьӡ азы акәымкәа. 

Хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны аџьабаа збаз зегьы иҭабуп ҳәа расҳәоит, ирбаз аџьабаазы, иаадырҧшыз агәымшәаразы. Иҭахаз ргәалашәара аҿаҧхьа схырхәоит.

-9

Ҷыдала агазеҭ “Аамҭа” азы

© Алхас ЧХАМАЛИА

© Аамҭа”, №9-10, 2018 ш.