Агазеҭ «Аҧсуа университет» аредактор хада, аҧсуа бызшәа акафедра арҵаҩы, ажурналист, апублицист Алхас Чхамалиа Азеиҧшмилаҭ лингвистикатә Еизара Ду аҟны иқәгылара аҟынтә
Ҳазҭагылоу аамҭазы, иҟалап, ҳтәыла ауааҧсыра ргәы кыдызххьоу акакәзар, аҳәынҭқарратә (аҧсуа) бызшәа азҵаара. Ари атема лассы-лассы иҳаҳауеит, телехәаҧшрала иаабоит, ҳаҧхьоит акьыҧхь аҿы. Аха уамашәа иубаша даҽакуп: аныха иашьцылаз алапҟьа агәыдиҵон ҳәа ҳаазқәылаз мыцхәы ихҭаҳкцәеит абызшәа. «Ихҭаҳкцәеит» анаҳҳәо иаанаго уи ауп, изыхәҭоугьы изыхәҭамгьы уи ианалацәажәо. Ҳәара аҭахым, дарбанзаалак аҧсуа ибызшәазы игәы былуеит, иҭахуп уи дызлацхрааша акы ихәыцыр, ак иҳәар, ак иӡбар. Аха зегьы иреиӷьзар ҟалап дасу иус данаҿу. Ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара хылаҧшра азҭаша аиҳабыра, уи аус азыруша аструктурақәа – аинститутқәа, амилаҭтә университет, еиуеиҧшым аусҳәарҭақәа уҳәа, иҳамоуп аспециалистцәа, аҵарауаа-абызшәадырыҩцәа, аҧсуа бызшәа арҵаҩцәа. Нас дарбану урҭ раҟара ари апроблема здыруа?!
Изеицәааӡарызеи, 2007 шықәсанӡа иҟан иаахтны аҧсуа бызшәа ҳәынҭқарратә бызшәак аҳасабала иҳәаақәызҵо азакәан адкылара иаҿагылозгьы. Уи аахижьҭеи иаахтыҵәҟьаны, игәаӷьны иаҿагыло шыҟамгьы, иадгылаҩцәоу, мамзаргьы адгылара аҭахуп ҳәа зҳәо рхыҧхьаӡара рацәаҩны иаабом, ачынуаа рыҩнуҵҟагьы, ҳуаажәларраҿгьы (иналаршә-ҩаларшәны, ана-ара хаз-хазы акьыҧхь, арадио, ателехәаҧшра, нас асоциалтә ҳақәа уҳәа рҟны иқәгылало аӡәы-ҩыџьа рыда).
Иаҳгәалаҳаршәап аҵарауаҩ, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩ, азинҭҵааҩ Зураб Ачба аҧсуа бызшәа астатус азы игәаанагара. Уи иҩуан: «Единственное, на что могут притязать абхазы в силу того, что абхазское государство распологается в пределах их исторической родины, в которой они существуют и развиваются как этнос, это внедрение абхазского языка во все сферы деятельности государства. Здесь не может быть никаких компромиссов, так как язык является идентификационным стержнем народа, и все оговорки о том, что его можно использовать только в школах, театрах, печати и т.д. не могут быть приняты. Язык есть средство коммуникации, и чтобы полноценно существовать, он должен работать, т. е. функционировать по всему периметру государственной жизни. В любом ином, даже очень щадящем режиме он деградирует и вымирает».
Анаҩс З. Ачба иазгәеиҭоит: «Знание абхазского языка будет способствовать сближению неабхазского населения с абхазами. Оно позволит им воспринимать абхазию не только как место своего проживания, а ощутить ее как бы изнутри, приобщаясь к ее культуре, традициям, прочувствовать связь времен».
«Абызшәа зегь раҧхьа игылоуп, уи зегьы аҵанакуеит», – иҳәон Д. И. Гәлиа. Раҧхьаӡа акәны аҧсуа алфавит шьақәзыргылаз П. К. Услар иакәзар, иҩуан: «Скольким бы языкам мы не выучились, ни один не запечатлится в целом духовном мире нашем так глубоко, как язык родной – язык, на котором непосредственно выражается своеобразный склад наших понятий. Это относится ко всем народам и ко всем языкам в мире…»
Ажәахә кьаҿк иҭагӡаны даара иуадаҩуп асеиҧш иҟоу азҵаара ду –аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара алацәажәара, уи аҳәаақәа, уи амҽхак уҳәа рзааҭгылара…
Аҳәынҭқарратә (аҧсуа) бызшәа арҿиараҿы, ҳгәаанагарала, иалкаазар ҟалоит реиҳа ихадоу абарҭ апроблемақәа: абызшәа апрактикаҿы ахархәара есааира аҭшәахара, уи астатус изыхәҭоу аҳәынҭқарратә структурақәа рганахьала ихьысҳаны иахьахылаҧшуа (мамзаргьы зынӡа иахьахыламҧшуа), аҧсуа литературатә бызшәа ацәхьаҵра, лассы-лассы аҩышьаҧҟарақәа рыҧсахра, рырҽеира, абызшәа арҿиаразы иахьынӡахәҭоу афинанстә цхыраара ахьыҟам. Абарҭ реиҳа ихадоу азҵаарақәа ракәзар ҟалап изхьыҧшу жәабала, шәкыла зҳәаз иеиҧш, нҵәара зқәым егьырҭ азҵаарақәагьы.
Афинанстә ҭагылазаашьа еилкаауп, аха иҟоуп рацәак харџь дук зҭахым азҵаарақәагьы. Иаҳҳәап, аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аҩаӡара аҟынтәи аҳәынҭқарратә бызшәа шҳәынҭқарратә бызшәоу дырны, иагьа иуадаҩзаргьы, маҷ-маҷ ахархәара иалагар, ауааҧсырагьы абызшәа шхәарҭа дуу, уи аҳәынҭқарраҿы зда ҧсыхәа ыҟам хархәаганы, «инструментны» ишыҟоу анырбалак, жәаҳәарада абызшәахьы азҿлымҳара ҟарымҵар аушам. Акызаҵәык, иҟазароуп аилкаара, аҭахра, иҳамазароуп иӷәӷәоу ҳхатәы граждантә позициа.
Аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара азҵаараҿы, хықәкыла иаагозар, иаҵанакуа маҷым аҧсуа литературатә бызшәа. Изеиҧшроузеи иахьа уи аҭагылазаашьа? Ҳабанӡақәныҟәои? Иаҳҭахума уи? Агәра аагома? Ари баша машәыршақә ицәырҵыз зҵаараӡам, избан акәзар иахьа дарбанзаалак аҧсуа бызшәа ацқьара иацклаҧшуа игәеимҭарц залшом аҧсуа литературатә бызшәа «ахьынӡалаҟәыз», еиҳа ииашахоит «иахьынӡалаҳарҟәыз» ҳҳәар. Ҳаамҭазтәи асахьаркыратә литература ҳаҟәыҵып, апериодикатәи егьырҭ аҭыжьымҭақәеи урыцклаҧшуа уҿааухар, иубоит аҧсуа бызшәа ажәар есааира «ишыҭшәахо», ишӷархо.
Идыру усуп, аҧсуа ҩыра анышьақәгыла инаркны, аҧсуа сахьаркыратә литература аҿиарамҩа иананылоз аамҭазы, аҧсуа литературатә бызшәа шьақәгыланы иҟамызт. Убри аҟынтә раҧхьатәи алитературатә рҿиамҭақәа раӷьырак ажәлар рбызшәа, афольклор абызшәа иазааигәаны иҩын. Урҭ иреиуоуп, иаҳҳәап, Д. Гәлиа, С.Ҷанба, И. Коӷониа уҳәа рҩымҭақәа. Иуҧылон адиалекттә ҷыдарақәа зныҧшуаз арҿиамҭақәагьы. Иаҳҳәап, В. Агрба иҩымҭақәа рҟны аҧыжәара аман аҧсуа бызшәа бзыҧтәи адиалект. Ажәлар рбызшәа аҷыдарақәа маҷымкәа иуҧылоит иара убасгьы Ӡ. Дарсалиа, И. Папасқьыр, М. Лакрба, Л. Кәыҵниа, Л. Лабахәуа уҳәа рҩымҭақәа рҿгьы. Аха усҟан алитературатә бызшәа ашьақәгылара раҧхьатәи ашьаҿақәа ракәын, аҿиара амҩа ианын…
Араҟа уажәы ҳазлацәажәо азҵаара адиалектқәа мацара ирызкым, ирызҳәам… Иубарҭоуп ҳбызшәа ӷәӷәала атрансформациа ахҭысуа ишалагаз: хазы игоу ажәақәа, аилкаарақәа, ажәеицааирақәа уҳәа ҵакыла ииашамкәа ахархәара анрымоу маҷым. Ганкахьала, иуҳәар ҟалоит, абызшәақәа рыҿиара аҭоурых аҿы ари ҧсабаратә процессуп ҳәа, аха ҳабанӡаиашахои?
Аҧсуа литературатә бызшәа акыр аџьабаа адырбалахьеит еиуеиҧшым абиҧарақәа, иаҳхысыз ашәышықәса 20-30-тәи ашықәсқәа инадыркны иахьа уажәраанӡа. Аха рыцҳарас иҟалаз, иҳазгәамҭаӡакәа уи (алитературатә бызшәа) ҳацәхьаҵуа ҳалагеит.
Аҧсуа литературатә бызшәа ҳаналацәажәо, ҳхаҿы иааиуеит, ахәҭакахьала, аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа, даҽакала иуҳәозар, аорфографиеи апунктуациеи рызҵаарақәа. Ари акрызҵазкуа, иактуалтәу проблемоуп.
Ҳазааҭгылап нас, иааркьаҿӡаны акәзаргьы, аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа рышьақәгылареи рыҭҵаареи рҭоурых.
1933 шықәсазы иҭыҵит Д. Гәлиа авторс дызмаз «Аҧсуа бызшәа иаазыркьаҿу аорфографиа». 1934-1935 шықәсқәа рзы акьыҧхь рбеит абызшәаҭҵааҩцәа А. Аҳашбеи В. Кәыкәбеи рыстатиақәа.
1958 шықәсазы (аиҭаҭыжьра – 1960 шықәсазы) иҭыҵит Х. Бӷажәба иусумҭа «Аҧсуа орфографиа аҧҟарақәа» зыхьӡу. Уи ҟалеит аҧсуа литературатә бызшәа аҿиараҿы, аизҳазыӷьараҿы, анормақәа рышьақәыргылараҿы хәызмам усумҭаны.
1978 шықәсазы иҭыҵит Л. Ҷкадуа лмонографиа – «Аҧсуа бызшәа апунктуациа».
1981 шықәсазы иҭыҵит «Аҧсуа орфографиа аматериалқәа» зыхьӡу аусумҭа (авторцәа: Н. Аршба, Ҭ. Шьаҟрыл, Т. Ҳалбад, Л. Ҷкадуа).
1997 шықәсазы иҭыҵуеит даҽа шәҟәык – «Аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа» (авторцәа: Н. Аршба, Т. Ҳалбад, Л. Ҳагба, Л. Ҷкадуа). Уи рҽеины, ихарҭәааны еиҭаҭыжьын 2011 шықәсазы. Ари лагала дуны иҟалеит аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа рганахьала. Аха излаабо ала, иахьа уажәраанӡагьы иаанханы иҟоуп еимаку-еиҿаку азҵаарақәа, аҵарауаа рахьтә гәыҧҩык «ирыдрымкылаз», иуҳәар ауазар, изқәышаҳаҭым. Абри аҭагылазаашьа иахҟьаны иахьа ҳаҧсуа литературатә бызшәа акыр ихьысҳахеит, насгьы «иарма-ӷьырмахеит»: ас иуҩыргьы ҟалоит, егьыс иуҩыргьы ҟалоит, мамзаргьы даҽа принципк: сара ишысҭаху изыҩуеит.
Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы аҧсуа бызшәа иалагалан хазы игоу фонемақәак раҳасабала: «гә», «қә», «кә», «ӷә», «хә», «ҟә». Арҭ ашьҭыбжьқәа уаанӡагьы иҳаман, аха иарбан даҽакала. Арҭ арҽеирақәа ралагалара аҵакы аҵарауаа изныкымкәа иазгәарҭахьеит, уажәшьҭа алацәажәара иашам ҳәа азаҳаҧхьаӡоит. Хаҭала уажә шәҿаҧхьа иқәгыло арҭ арҽеирақәа хьаҳәхьачарада ирыдгыло уаҩҧсуп. Аха ицәырҵуеит азҵаара: аҳәынҭқарра иалшома уаанӡатәи аҩырала иҭыжьыз ҳаҧсуа сахьаркыратә литература, ҳаклассикцәа рҩымҭақәа зегьы шынеибаку реиҭаҭыжьра? Иалшозар, ианба? Иарбан харџьқәоу ари аус иақәырӡтәу? Уи аӡәыр дазааҭгылахьоума?
Ишыжәдыруа еиҧш, аамҭак азы иҧсахын ҳамзар (амзақәа рыхьӡқәа). Ҳаргьы жәашықәса инарзынаҧшуа уи «аҵара ҳаҿын»: ажьырныҳәа, жәабран, хәажәкыра, мшаҧы, лаҵара, рашәара, ҧхынгәы, нанҳәа, цәыббра, жьҭаара, абҵара, ҧхынҷкәын. Аха ишааиуаз, аамҭақәак рзы, қәҵаракгьы ыҟамкәа, «ҳааҟәырхын» еиҭах ажәытә ишыҟаз ахь ҳхынҳәит. Излаадыруала, ианаларгалозгьы қәҵарак ыҟамызт, ианаҟәырхуазгьы – ус.
Инаҵшьны иазгәаҭатәуп, иахьа уажәраанӡагьы ҳаҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа рганахьала иҟоу аиқәшаҳаҭымрақәа аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара, арҵара аус ианымҧшырц залшом. Уи ус шакәу мҩашьарада ирбарҭоуп арҵаҩцәа, ирбоит иара убасгьы ашәҟәыҩҩцәа, реиҳаракгьы ажурналистцәа, аредакциақәа русзуҩцәа уҳәа. Ицәырымҵыр аушам анаҩстәи азҵаара: иазычҳарыма ҳбызшәа лассы-лассы иахҭысуа, мамзаргьы иахҭааго «аекспериментқәа»?
Ҳарзааҭгылап хыхь зыӡбахә ҳҳәаз ашәҟәқәа – «Аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа» рҟынтәи зҵаарақәак. Амала иҳәатәуп, аҩышьаҧҟарақәа еиҭарыхәаҧшны, ирҽеины ишыҭрыжьыз 2017 шықәсазгьы. Анаҩс, ҩаҧхьа уи арҽеирақәеи ахарҭәаарақәеи алагаланы еиҭаҭыжьын 2019 шықәсазы.
Иаагап аҩышьаҧҟарақәа (еиуеиҧшым аҭыжьымҭақәа) рҿы аиҿагыларақәа, «аиқәымшәарақәа» ахьаарҧшу ҿырҧштәқәак.
Аҩышьаҧҟарақәа рышәҟәы актәи аҭыжьраҿы (1997) ҳаҧхьоит: «Аурысшәа абзоурала (иазгәаҭатәуп, уа ишыҟам ҵаҟа иаагоу ацыбжьыҟатә еицааирақәа – акомплексқәа) аҧсшәа иаланагалаз аинтернационалтә ажәақәа рҿы ацыбжьыҟатә еицааирақәа ҩлатәуп аҧсшәа артикулиациатә база ишазыманшәалоу, иҧсабаратәу ацыбжьыҟатә еицааирақәа рыла». Иаагап уантәи аҿырҧштәқәа: психика-аҧсихика, психология-аҧсихологиа, псевдоним-аҧсевдоним, аффикс-аффиқс, префикс-апрефиқс, лекция-алеқциа, акцент-ақцент уҳәа убас иҵегьы.
Ҳахәаҧшып зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы анаҩстәи аиҭаҭыжьраҿы ишану: «Атәым бызшәақәа рҟынтә аҧсшәа иаланагалаз аинтернационалтә ажәақәа рҿы иаҳҧыло ацыбжьыҟатә еицааирақәа «пс» (апсихологиа, апсихика, апсевдоним, арапсодиа), «кс» (аффикс, апрефикс, асуффикс, алексика, атекст), «кт» (адиалект, актиор, адиректор, архитектор), «кц» (алекциа, аредакциа, афункциа, абстракциа) аҩышьа арманшәаларазы ишыҟоу иааныжьтәуп».
Ишыжәбо еиҧш, араҟа аҧҟарақәа аки-аки еиҿагылоит.
Даҽа ҿырҧштәык. 1997 шықәсазтәи аҭыжьымҭаҿы ҳаҧхьоит: «Абхьыӡқәа, ажәлақәа ирыцло ажәақәа –иҧа –иҧҳа ҵәаӷәаҷла ирыцрыганы нбан хәыҷыла иҩлатәуп: Аинар Мсаусҭ-иҧа, Алиас Шьаҳан-иҧа, Абыхә-ҧҳа Мадина».
Уажәы иаҿҳарҧшып анаҩстәи аҭыжьымҭаҿы ишану: «Аҳәсақәа рыжәлақәа ирыдҳәалоу аформант -ҧҳа ҩтәуп дара ирыцҵаны: Ануаҧҳа, Ачҧҳа, Ӡаҧшьҧҳа, Шьаҟрылҧҳа…»
Иааидкыланы иугозар, 20-22 шықәса рыҩнуҵҟа аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа, ишеибаку акәымзаргьы, ҧшьынтә (!) ирҽеин, иҧсахын.
Аҩышьаҧҟарақәа лассы-лассы рыҧсахра атенденциа аганахьала, ҳарзааҭгылар цәгьамызт егьырҭ абызшәақәа. Ахара ҳазцарызеи, иаҿҳарҧшып уи аурыс бызшәа.
Ишдыру еиҧш, «1956 шықәсазы иҟаҵан аурыс бызшәа ареформа. Убасҟан ирыдыркылаз аорфографиеи апунктуациеи рыҧҟарақәа роуп хадаратәла иахьагьы рхы иадырхәо, изықәныҟәо. Аха иаҳгәалаҳаршәап, иҟан уаҟагьы аимак-аиҿак, ауааҧсыра ирыдыркылаз ирыдрымкылаз, аха аҧҟарақәа аус руа иҟарҵеит, асистема аус адыруит, аҳәынҭқарра иара атәы ҟанаҵеит. Иаадыруеит, иҳаҳахьеит иара убасгьы 1964 шықәсазы аурыс бызшәа ареформа ҿыц ргәы ишҭазгьы, аха иалымҵит, иалдмыршеит.
Иаҳҳәарц иаҳҭаху, абызшәаҿы арҽеирақәа ҟаҵалатәым, аҧсахрақәа алагалалатәым ҳәа акәӡам. Иаҳгәалаҳаршәап, иҳаман асовет аамҭазы аҵарауаа дуқәа (хықәкыла абызшәаҭҵаара знапы алакыз, иара убасгьы уи знапы алакымыз, аха аҧсуаҭҵаараҿы иаарылыҳәҳоз ахатәрақәа), иаагап, Шьаҟрылаа, Гь.Ӡиӡариа, Ш.Инал-Иҧа, Б.Шьынқәба уҳәа егьырҭгьы. Нас урҭ аҧсуа бызшәа аганахьала ак рымбо, акы рзымдыруа, гәаанагарак рымамкәа иҟазма?! Аха, ҳгәы азҩоит, иацәшәон ҳәа ус иааинырсланы, «иаахжәаны», абызшәа «алакьысра». Абри ауп хаҭала аус злоу, избан акәзар ҳбызшәа анахь-арахь ишеимҳарххо, «ишылаҳархаҩаҳархо», апап илабашьа иахьыз ахьыр алшоит.
Лассы-лассы иаабоит, иҳаҳауеит – аҳәынҭқарратә (аҧсуа) бызшәа арҵара апроблема иалацәажәо рахьтә – иҟоуп азҵаатәы инарҵауланы еилызкаауа, ҵарадыррала уи знапы алаку, иара убас практикала, ҧсабарала абызшәа бзиаӡаны издыруа ауаа маҷҩымкәа. Аха урҭ рнаҩс иҟоуп даҽа категориак иаҵанакуа ауаагьы. Урҭ абызшәа ахаҭа цқьа иззымдыруа, мамзаргьы «изаҭәашьаны» иаламцәажәо роуп. Аха, рыцҳарас иҟалаз, урҭ абызшәа ахьырзымдыруа, мамзаргьы уи ала иахьымцәажәо акәӡам, ирыцҳара дуу – тәым бызшәала аҧсуа бызшәа иахьалацәажәо ауп.
Даҽа зҵаароуп абызшәа арҵара аус. Уигьы ус иааинырсланы узлацәажәаша акакәым. Аха иазгәаҭатәуп, рҭагылазаашьа акыр ишуадаҩугьы, цхыраара дук шрымамгьы, ҳаҧсуа рҵаҩцәа ирылдыршахьоу, иахьагьы ирылдыршо шмаҷым. Убри аҟынтә аҧсуа бызшәа азҵаара ианалацәажәогьы, дара раасҭа даҽаӡәы ари азҵаара нҭырҳәыцааны издыруам. Аха уамашәа иубаша, ицәырҵит убри аҩыза атенденциа, занааҭла арҵаҩра иадҳәалам, уи амҧангьы иҟам џьоукы-џьоукы ишабалак, зеиҧш ажәала абызшәа арҿиара, уи арҵара аус ианалацәажәо. Ари – даара ишәарҭоу тенденцианы иҧхьаӡатәуп.
Ирацәоуп аҧсуа бызшәа аҿиара иаҧышьклаҳәуа азҵаарақәа. Урҭ зегьы араҟа реиқәыҧхьаӡара залшом, избан акәзар уи азы иаҭахуп еиуеиҧшым аҭҵаарақәа рымҩаҧгара. Аха ус иагьа иҟазаргьы, иалкаатәуп даҽакгьы – аҧсуа бызшәа акомпиутертә технологиақәа рҟны иахьынӡахәҭоу аларҵәара ахьамам. Абри аганахьалагьы иҟоуп уаҩы дзеигәырӷьаша ажәабжь бзиа, иҟаҵоуп акрызҵазкуа ашьаҿақәа.
Октиабр 1, 2019 ш. рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аректор, академик Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа идҵаҟаҵарала иаартын Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи рцентр. Уи напхгаҩыс дамоуп афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Џьулетта Ианкәа-иҧҳа Адлеиба, ауниверситет аҭҵаараус апроректор. Ари аструктураҿы иҟоуп иҷыдоу агәыҧ, адоцент Андреи Абыхәба напхгара зиҭо, аҧсуа бызшәа акомпиутертә технологиақәа рахь аларҵәара аус адызуло: аамҭа кьаҿк иалагӡаны иҟарҵахьоу, ирылдыршахьоу маҷӡам. Иара убасгьы Ацентр абзоурала хра злоу аусқәа мҩаҧгоуп аҧсуа бызшәа арҿиара аус еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рганахьала. Ус анакәха, уажәшьҭа иаамҭазар ҟалап ацәажәарақәа аанкыланы аус ахь аиасра, Ацентр акәша-мыкәша аҽеидкылара, изыхәҭоу ауснагӡатәқәа рыдкылара. Ари аус иаҭахуп имаҷымкәа ахарџьқәа, аҳәынҭқарра аганахьала ацхыраара.
Ҳажәахә хыркәшо хшыҩзышьҭра аҭазарц ҳҭахуп даҽакгьы. Аҵыхәтәантәи ажәашықәсақәа рзы адунеиаҿ иаладырҵәо иалагеит абасеиҧш иҟоу атенденциа: ирҳәоит шәышықәса рыҩнуҵҟа абриаҟара-абриаҟара абызшәақәа аныӡаараны иҟоуп ҳәа, насгьы еиқәырыҧхьаӡоит иарбан бызшәақәоу уҳәа уб.иҵ. Уамашәа иубаша, ари «ажәабжь» ҳақәшаҳаҭхазшәа ҳаҩнуҵҟа иаамҵарсны инеиҭаҳәа-ааиҭаҳәо иҳаманы ҳдәықәлеит – ҳбызшәа ақәӡаара амҩа иану бызшәоуп ҳәа. Избан нас ҳара ҳхаҭақәа аокеаннырцә «ирыӡбыз», иазгәарҭаз ари «апрогноз» тиражрацәала изалаҳарҵәо? Уи ақәшаҳаҭхара иаанаго уаҵәтәи ҳҧеиҧш мап ацәкра акәӡами?!
Еиҵагыло аҧсуа ҵарауаа ҿарацәа ируалуп аиҳабацәа рџьабаа пату ақәҵара, ҳаҭырла азыҟазаара. Аҩышьаҧҟарақәа ртәы ҳҳәозар, баак рбганы баак аргылара ҧхьаҟа ҳазгом. Убри аҟынтә, иахьа уажәраанӡа ҳҵарауаа ирбахьоу аџьабаа ахәшьара аҭаны, еилкааны, иҟарҵахьоу азгәаҭаны, ирҽеитәу рҽеины, иҧсахны еиқәышаҳаҭны акы иазкылстәуп. Ари аус аҟны иаарҧштәуп аилкаареи агәаҳәареи, иаҭахуп аҳәынҭқарратә хәыцра, аҳәынҭқарратә знеишьа.
Аҵыхәтәаны ажәалагалақәа:
1. Иаанкылатәуп апрактикаҿы лыҵшәа аазмышьҭуа азеиҧш цәажәарақәа, ақәгыларақәа, ареалтә, аконкреттә ҵаҵӷәы змам;
2. Аҳәынҭқарратә бызшәа арҿиара иадҳәалоу азанааҭдырратә (апрофессионалтә) зҵаарақәа рылацәажәараан аҧыжәара рыҭалатәуп ҵара-дыррала, занааҭла, практикала, теориала уи иадҳәалоу ауаа;
3. Иаанкылатәуп абызшәа арҿиара аус аҿы азанааҭтә, аҭҵаарадырратә шьаҭа змам азнеишьақәа;
4. Аҵарауаа-абызшәадырыҩцәа, иара убасгьы изыхәҭоу аусҳәарҭақәа адгаланы (убрахь иналаҵаны Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт, Аҧсны аҵарадырра аминистрра, Апедагогика аинститут) еиқәышаҳаҭны, иахьынӡауала еиҭарыхәаҧшны, ирҽеины, ихарҭәааны ҿыц еиҭаҭыжьтәуп аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа. Уи шьақәырӷәӷәахароуп иреиҳау аҩаӡара аҟынӡа инаганы, анаҩс аӡәгьы аилагара илымшо, аӡәгьы дзахымҧо. Насгьы уи ашәҟәы ҭыжьтәуп тиражрацәала (5-10 нызқь екземплиар еиҵамкәа). Уи рыстол иқәзароуп аҧсуа бызшәа арҵаҩцәа, ашәҟәыҩҩцәа, апресс-маҵзурақәеи аредакциақәеи русзуҩцәа, ажурналистцәа, аҵарауаа уҳәа. Аамҭала иаанкылазааит аҧсуа бызшәа аҩышьаҧҟарақәа рыҧсахреи рырҽеиреи аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан ишахәҭоу аусура иалагаанӡа.
5. Ирӷәӷәатәуп аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан ахылаҧшра изыхәҭоу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рганахьала.
Саҭамыз, ажәа шәасыршьит, иҭабуп шәахьысзыӡырҩуаз!
10.06.2021 ш.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет