Аҧсуа бызшәа аиқәырхареи, арҿиареи, Аҧсны аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рҿы ахархәареи рпроблема иазкны Иаку Аконцепциа алхра – абарҭ азҵаарақәа ракәын изызкыз ииун 10 рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысыз Алингвистикатә форум – Азеиҧшмилаҭ лингвистикатә Еизара Ду. Уи еиҿкаан ААУ аҟны иаҧҵоу Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи рцентр аҧшьгарала. Афорум рхы аладырхәит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа, Аҵареи абызшәатә политикеи рминистр Инал Габлиа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, Аҟәа ақалақьи атәыла араионқәеи рҟынтә Аҵара аусбарҭақәа реиҳабацәа, аҧсуа бызшәа акафедрақәа русзуҩцәа, аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа, аҵарауаа-абызшәадырыҩцәа, аметодистцәа, астудентцәа.
Аизара ду аартуа иқәгылаз Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа иазгәеиҭеит, афорум аҟны иқәгылоу апроблема хада аҳәынҭқарразы акрызҵазкуа зҵаараны ишыҟоу. Дазааҭгылеит ауниверситет знысыз аҭоурыхтә мҩа, иҳәеит аҧсуа бызшәа арҿиара аус аганахьала имҩаҧырго аусура.
«Ишыжәдыруа еиҧш, ҳара ҳҵараиурҭа 47 шықәса ипедагогикатә институтны иҟан, 42 шықәса ҵуеит уи университетны ишьақәгылеижьҭеи. Ҳҵараиурҭа анысит даара иуадаҩыз аамҭа. Аха иҳалшоз зегьы ҟаҳҵон ҳнапы ианыз аус, амилаҭтә кадрқәа рааӡара аганахьала. Аибашьраан акәзар, рхы бзианы иаадырҧшит ҳарҵаҩцәа. Ҳуниверситет иаиуит ааха ӷәӷәа – Аҧсны ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 94-ҩык ҳҵараиурҭа аусзуҩцәеи астудентцәеи. Иагьа убас иҟазаргьы, ҳара ҳуниверситет иалнаршаз маҷӡам, иҟаҳҵахьоу ҟәнаҳшьаӡом, аха иҟаҵатәу, ҳҿаҧхьа ишьҭоу аусқәа акыр ирацәоуп», – иҳәеит Алеко Гәарамиа. Аректор еизаз иргәалаиршәеит аҵарауаҩ Џьорџь Хиуитт аҧсуа бызшәазы ииҳәаз ажәақәа – «Аҧсуа бызшәа ҿиарц шәҭахызар, шәцәажәала аҧсышәала». Уи иашоуп ҳәа ахиҳәааит, аха иациҵеит: «Абри аганахьала, сгәаанагарала, еиҳа ииашаны иҳәеит Руслан Бебиа – амаалықь ацәажәара иҽаназикуа илымҳа иҭаҩуазароуп иани иаби рбызшәа, иаҳауазароуп аҧсшәа».
Алеко Гәарамиа иажәақәа рыла, аҧсуа бызшәа арҿиара аус аганахьала иагьа ус еиҿукааргьы акгьы аанагаӡом, дасу ибызшәа шиҭаху, уи ада ҧсыхәа шыҟам ихдырраҿы ишьақәымгылакәа.
Аректор иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳәынҭқарратә бызшәазы азакәан рыдыркылаанӡагьы, аҧсуа бызшәа арҿиара иадҳәалаз аусқәа ауниверситет аҟны ишхацдыркхьаз:
«Иахьатәи ҳаизараҿы иқәгылоу азҵаарақәа рганахьала ҳара ҳусура хацҳаркижьҭеи акрааҵуеит. Ауниверситет аҟны иааҳартит «аҧсуа бызшәа иаҧсуам ашколқәа рзы» азанааҭ, факультетцыҧхьаӡа иалаагалеит аҧсуа бызшәа амаҭәар, иааҳартит аҧсуа бызшәа аҩбатәи акафедра. Ауниверситет аҭалараан аҧсуа сектор ахь ицо абитуриентцәа рзы ихадароуп аҧсуа бызшәазы аҧышәара, аурыси аерман секторқәеи ирҭало абитуриентцәа рҿы имҩаҧаагоит аиҿцәажәара, аҳәынҭқарратә бызшәа ахьынӡардыруа ашьақәыргыларазы. Анаҩс урҭ х-ҩаӡарак (х-гәыҧк) рыла еихшаны абызшәа дҳарҵоит: иззымдыруа, хар амамкәа издыруа, ибзиаӡаны издыруа. Иаҧаҳҵеит, аусгьы ауеит аҧсышәала арҵага программақәа реиқәыршәаразы аҟәша. Аус рыдуланы иҭыжьуп 160 рҟынӡа арҵага шәҟәқәеи, ацхыраагӡақәеи, еиуеиҧшым ажәарқәеи», – иҳәеит Алеко Гәарамиа.
Аректор дазааҭгылеит шықәсқәак раҧхьа ишыҟаҵаз ашьаҿа бзиа, аҧсуа бызшәа акомпиутертә технологиақәа рахь аларҵәаразы. Ари апроект иадыҧхьалан Ҭырқәтәылатәи аҧсуа диаспора ахаҭарнакцәа, иазҧхьагәаҭаз аусурақәагьы 70% рҟынӡа инагӡан, аха ишааиуаз, иаанкылахеит финансла аиқәыршәара. Уи ашьҭахь иӡбан Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи рцентр аарта. Ари ҟалеит октиабр 1, 2019 шықәсазы, атәыла анапхгара адгаланы имҩаҧган уи аӡыргарагьы. Имаҷым аамҭа кьаҿк иалагӡаны Ацентр имҩаҧнагахьоу, еиҿнакаахьоу аусқәа.
Афорум аҿы дықәгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа. Уи дазааҭгылеит, аҧсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рзы ихадоу зҵаараны ишықәгылоу. Насгьы инаҵшьны иазгәеиҭеит, ари апроблема аӡбаразы аҳәынҭқарра анапхгареи, аҵарауааи, аҵара-ааӡара знапы алакуи, аҭаацәеи рымчқәа еибырҭар шахәҭоу.
«Ирҳәоит, ажәлар ыҟоуп ҳәа зхатәы бызшәа зҳәо дыҟанаҵы. Сара абри иацысҵар сҭахуп даҽакгьы – Аҧсуа ҳәынҭқарра ыҟазаауеит аҧсуаа аҧсышәала ицәажәонаҵы, ҳҳәынҭқарра аҧсшәа цәа аханаҵы. Сара агәра ганы сыҟоуп, ус наунагӡа ишыҟало, аха уи азы иҟаҵатәу даара ирацәоуп, – иҳәеит атәыла Ахада. – Ари аус аҿы рылшарақәа еибырҭароуп аҳәынҭқарра анапхгара, аҵарауаа, аҵара-ааӡара знапы алаку, аҭаацәа. Ари азыӡба уаҵәахьы иахыгатәу усӡам. Иахьа адунеи аҿы имҩаҧысуа апроцессқәа, апрогресс инаваргыланы, зхыҧхьаӡара маҷу ажәларқәа рзы ирыцу ашәарҭарақәагьы рацәоуп», – иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Атәыла Ахада иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит, иахьынӡауала аҧсуа бызшәа арҿиара аус ахылаҧшра шаиҭо. Иҳәеит, абызшәа арҵараҿы, аҿар уи радыҧхьаларазы иҟаҵатәу, мҩақәас илхтәу, «аҵаратә система ахьырмариатәу, иахьырӷәӷәатәу» рзы аицазхәыцра шаҭаху.
Афорум аҿы инарҭбааз алагалажәа ҟалҵеит Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи рцентр анапхгаҩы, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаараус апроректор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Џьулетта Адлеиба. Уи лықәгылара хацыркуа иазгәалҭеит:
«Иахьа ҳазлацәажәараны иҟоу – ҳбызшәа, ҳаҧсуа бызшәа ауп, иахьазы хымҧада, иӡбатәны иаҳзышьҭоу, даара актуалра зҵоу, зымыӡбара азин ҳамам азҵаарақәа роуп. Аҧсҭазаараҿы ус иҟоуп, иахьеи-уахеи иааиҧмырҟьаӡакәа иӡбалатәу азҵаарақәа ауаҩы данырхаргалалак (урҭгьы умыӡбар ҟалом, ҳәарада), крызҵазкуа, ажәлар етноск аҳасабала рхеиқәырхара змадоу апроблемақәа (хаха аибашьра акәымкәа, абжьааҧнытәи аҭагылазаашьақәа раан) ушьҭан, уаҵәы, ҧыҭрак ашьҭахь, ҳанеиқәшәалакь, ҳаназыманшәалахалакь иҳаӡбаргьы амуеи ҳәа ушгәыӷуа, иумбаӡакәа иаармарианы зыӡбара иацы иалшоз, иахьа еиҳа иуадаҩхо, уаҵәы зынӡа ӡбашьа рмоуа ианыҟало. Рыӡбара уадаҩхоит абжьааҧны зынӡа хьаас иумкыша, инамҩатәны иуӡбаша азҵаара ссақәагьы. Баша ирҳәомызт, нас, адырцәа «аамҭеи аҭыҧи» ҳәа. Ианаамҭоу иузыҟамҵаз хыҧҽыганы иуҧылар ауеит», – иазгәалҭеит Џьулетта Адлеиба.
Ацентр анапхгаҩы лықәгылараҿы хәҭа-хәҭала дырзааҭгылеит аҧсуа бызшәа арҿиараҿы ицәырҵуа апроблемақәа, ҧхьаҟа узмышьҭуа аҧынгылақәа, атеориеи апрактикеи ирыдҳәалоу уҳәа азҵаарақәа жәпакы.
«Иҟам ҳәа узҳәаӡом иахьазы аҧсшәа ахархәара, аларҵәара иазку аҧшьгарақәа, аха урҭ русура еимадаӡам, аӡәы дызҿу аӡәы издырӡом. Иаҳҳәозар, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырра аҟәша аҧшьгарала аабыкьа еиҿаҳкааит Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи рцентр. Ари Ацентр хықәкы хадас иамоуп аҧсуа бызшәа арҿиареи, ахархәареи, Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа зегьы рҿы аҧсшәа аларҵәареи, аҧсуа бызшәа, Аҧсны Аконституциа ишаҳәо еиҧш, ҳәынҭқарратә бызшәаны излаҟоу инақәыршәаны. Иаҳҳәар ҳалшоит, «пилот» программак аҳасабала модельк иаҩызоуп ҳәа, иара иаӡбо азҵаарақәа ирышьашәалоу рыӡбара зылшо аҵарауаа, аметодика знапы алаку, арҵара апроцесс иазҿлымҳау зегьы русеицура азыҧхьагәанаҭоит», – лҳәеит Џьулетта Адлеиба.
Аизараҿы иалхын Иаку Аконцепциа апроект аус адызулаша, ақәгыларақәа рҿы иҟаҵахо ажәалагалақәа азгәаҭаны ихазырҭәааша акомиссиа. Уи аилазаараҿы рыӡбахә ҳәан Ацентр аусзуҩцәа: апрофессорцәа А.М. Касланӡиа, А.Ш. Ажьиба, О.П. Ӡиӡариа, Л.Р. Ҳагба, адоцентцәа Д.С. Аџьынџьал, Б.А. Хагәышь. Иалхын иара убасгьы афорум амаӡаныҟәгаҩцәа ргәыҧ: Дифа Габниа, Линда Џьениа (аҧсуа литература акафедра аусзуҩцәа), Риҵа Сақаниа (аҧсуа бызшәа акафедра аусзуҩы).
Анаҩс ииасын ақәгыларақәа рахь. Арегламент инақәыршәаны ақәгыларақәа ирзыҧҵәан жәаба-жәаба минуҭ аамҭа. Иааидкыланы иугозар, зынӡа 20-ҩык инарзынаҧшуа ажәахәқәа ҟарҵеит.
Ақәгыларақәа рнаҩс ииасын ахцәажәарақәа рахь. Уи рхы аладырхәит: Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет алагарҭатә ҵара апедагогикеи аметодикеи ркафедра аиҳабы, апрофессор А.Касланӡиа, Аҧсны абыргцәа рхеилак аиҳабы А.Думаа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы, адоцент А.Ашәба, ААУ афилософиеи акультурологиеи ркафедра аиҳабы, апрофессор И.Ҭарба, Аҟәа ақалақь Аҵара аусбарҭа аиҳабы А.Ҭаркьыл, атехникатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат А.Чамагәуа, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аусзуҩы Ҭ.Џьапуа.
Алингвистикатә Еизара Ду ахыркәшамҭазы еизаз ирзаҧхьан «Аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы, арҿиаразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа ирыларҵәаны ахархәаразы (2021-2023 шш.) Иаку Аконцепциа (апроект)» атекст. Аизара алахәылацәа еицҿакны уи ишазыразу аадырҧшит. Анаҩс Иаку Аконцепциа апроект аус адуланы, ихарҭәааны, ажәалагалақәа ацҵаны атәыла анапхгара рахь инашьҭхоит.
Автор: Алхас ЧХАМАЛИА