Аҟәа, Ацәыргақәҵатә зал Хада аҟны лаҵара 31 инаркны рашәара 4-нӡа Аҧсны ажурналистцәа Реидгыла имҩаҧнагоит афотоцәыргақәҵеи агәаларшәаратә еиҧыларақәеи. Урҭ рызкыуп агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» аҟны аус зуаз, 2021 шықәса рзы зиубилеитә рыцхәқәа ыҟоу ажурналистцәа: Борис Ҭыжәба, Руфеҭ Быҭәба, Владимир Чуаз, Сарион Ҭаркьыл, Гьаргь Нарасқәуа, Рамиз Барцыц, Давид Киут Виктор Кәакәасқьыр.
Агазеҭ «Аҧсны ҟаҧшь» асовет аамҭазы иамаз амҽхаки иҟанаҵоз анырреи акыр иӷәӷәан. Иара убас аҧсуа интеллигенциа реиҵааӡара, реиҵагылара аус аҟны агазеҭ аус ду нанагӡон.
Аҧсны ажурналистцәа реидгыла имҩаҧнаго афотоцәыргақәҵеи агәаларшәаратә еиҧыларақәеи хықәкыс ирымоуп агазеҭ «Аҧсны» аӡыргара, амилаҭтә кьыҧхь зааҧсара аду аиҳабыратәи абиҧарақәа ргәаларшәара, урҭ рлагаламҭа ажурналистцәа ҿарацәа реилыркаара.
Ацәыргақәҵа аиҿкаараҿы ацхыраара ҟанаҵеит афотомаҵзура «Аҧсныпресс-АРТФ.