Найти тему

Аеҵәа лашеи амра шашеи (Аочерк)

Оглавление
  • Баграт Шьынқәба изхәыцра

Саныхәыҷыз даара бзиа избон амш бзиақәа раан, аҧша хьшәашәа аҵла махәқәа рбыҕьқәа еихыршәшәо, ирхәмаруа иаман иандәықәыз, ҳашҭа иҭагылаз аҳа амҵан икаршәыз акәахьча шкәакәа снықәианы жәҩан ҵам-ҵамра ихыҧсалаз аеҵәақәа рзыҧшра. Усҟан исыздыруамызт адунеиаҿ иааҟоу зегьы шеидҳәалоу, зегьы ҭыҧк-ҭыҧк шырзалху, «напынҵак-напынҵак» шрымоу, имыцхәу, мамзаргьы иаҭахым ҳәа акгьы шыҟам. Аха зегь дара роуп, сашьҭан иҵегьы иааигәаны зегьы реилкаара, рдырра. Еиқәыҧхьаӡо сҿаасхон абыргцәа рҟынтәи исаҳақәахьаз аеҵәақәа, мамзаргьы аеҵәа гәыҧқәа рыхьыӡқәа: Жәгараа, Еҵәаџьаа, Хымсараџьаа, Асар рымҩа, Ашьха рымҩа, Амҩақәа риаҵәа, Нарҭаа риаҵәа, Шарҧыеҵәа (даҽакала уи Ашаеҵәа ҳәагьы азырҳәон), Хәылҧыеҵәа, Амшынҳәаеҵә, Жәырқьиеҵәа, Аишәахьча, Ахьча ииаҵәа, Ашәуа ииаҵәа… Нас акраамҭа алаҧшҳәаа зегьы еиҧхьышьшьаауа урҭ снарышьҭалон. Иҟан игәасҭоз, исызгәамҭоз, урҭ зегьы аамҭак азы реицбара залшомзаарын. Избанзар досу инарыгӡон еиуеиҧшымыз «анапынҵақәа» еиуеиҧшымыз аамҭақәа рзы. Иаҳҳәап, Шарҧыеҵәа (Ашаеҵәа) «напынҵас» иамоу, изызку амш ашара ишазааигәахоз акәын. Уи иацны иҿыхоит аҧсаатә, аҵар рашәабжь аацәырыргоит, арбаҕьқәа ракәзар аиқәҿыҭра иалагоит, ауаатәыҩсагьы хыма-ҧсыма иҩагыланы русқәа нхацдыркуеит. Ара зегьы еидҳәалоуп, урҭ рахьтә акы анеиҧҟьа, ианыҟамла, адунеи ақәзаара иацу аинаалара еилахәоит, иацәыӡуеит агьама. 

Б. Шьынқәбеи аҧсуа быргцәеи
Б. Шьынқәбеи аҧсуа быргцәеи

Аеҵәақәа ирызкны сара исыман схәыҷтәы философиа. Иаҳҳәап, зегь реиҳа илашоу еҵәак збар, ибзианы издыруаз, иааигәаны избахьаз, уаҩы цқьак, уаҩы лашак идкыланы сахәаҧшуан. Иҟан иара убас, убри аеҵәа убри ауаҩ итәуп ҳәагьы схазы ианышьақәсырҕәҕәалоз. Ирҳәонгьы исаҳахьан адунеи иаақәу ауаатәыҩса зегьы еҵәак-еҵәак рымоуп ҳәа. Ус акәзар… Сналагон схазыҳәан даҽа лкаақәак, аартрақәак рыҟаҵара. 

Сазхәыцуан иара убас, амра шашагьы. Аеҵәа лашеи иареи ганкахьала, еидкылашьа сзыҟаҵомызт, аха даҽа ганкахьала, зынӡа еиҧшнысшьалон. Уи адунеи иаақәу зегьы еицырзеиҧшны иахьылашоз, иахьыҧхоз акәын.

Ҽнак зны, уахынла, аеҵәақәа ҳхаарцыруа, аҧсуа шҭак аҿы гәыҧҩык аҿар ҳаизаны ажәеинраалақәа ҳрыҧхьон. Араҟа иҟан, шамахамзар аҧсуа поетцәа зегьы ражәеинраалақәа. Аха еиҳарак далаҳкаауан аӡәы. Уи Баграт Шьынқәба иакәын. 

Ажәҩан ашҟа схы санааҩаха, илаша-лашо, зегьы иаарылукаартә еиҧш икыдын еҵәак. Убасҟан иаасгәалашәеит саныхәыҷыз аҳа амҵан стәаны иҟасҵоз «аартрақәа» ртәы. Сагьҽазыскит уажәы аеҵәа иадыскылаз ашәҟәыҩҩы иааигәаӡаны иеилкаара, «иҭҵаара». Ҵоуп, алитературала издыруаз, сзыҧхьахьаз ашәҟәқәа рыла исымаз адыррақәа маҷӡамызт, аха сара еиҳаз сҽазыскит, исҭаххеит «иаарҧшымыз аарҧшра». 

Аухантәарак ҭаха снаҭомызт сыгәҭакы, сшазхәыцуаз ацәа иаасымнахит, иҟалап ҧхыӡлагьы избазар, аха урҭқәа ртәы гәынкыланы еиҭасҳәартә еиҧш акагьы сызнымхеит.  

-3

Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба. Дарбан аҧсуоу жәлар рыбзиабара иаҧсахаз ари ауаҩ ихьӡ лашеи иҩымҭа ссирқәеи ззымдыруа! Уи ҳара ҳаамҭа дафырхаҵоуп. 

 «Б.У.Шьынқәба Аҧсны азы убас дҳаман, Л.Н.Толстои Урыстәыла дышрымаз еиҧш – дпоет дуны, дырҵаҩны, амилаҭ рдоуҳатә ҧшьаҩны» – абас лыҩуеит аҵарауаҩ, Аҧсуа ҳәынҭқарратә университет апрофессор М.Г.Ладариа. Ааи, уи ҵабыргуп. Избан акәзар, апоет икалам иҵыҵит хәызмаӡам аҩымҭа ссирқәа. Урҭ иахьагьы аҧхьаҩцәа рыҩнуҵҟа актуалра змоу арҿиамҭақәа ирхыҧхьаӡалоуп, аҧсуа литература ахьтәы фонд иалоуп: ароманқәа «Ахра ашәа», «Ахаҳә еиҩса», «Ацынҵәарах», аповест «Чанҭа дааит», абалладақәа «Аҿарпын», «Асаби», ажәеинраалақәа «Ажәа», «Кофҭа шкәакәа», «Раида гәышьа» уҳәа убас иҵегьы. 

Апоет ирҿиамҭақәа зегьы аамҭа цацыҧхьаӡа еиҳа-еиҳа ишьҭырхуеит, иҿыцны ирыдыркылоит еизҳауа абиҧара ҿа. Урҭ ааӡагоуп, ихшыҩ рҵагоуп иахьатәи аҿар рзы, аҧхьаҟагьы ус акәхоит.

Ирацәоуп Б.У.Шьынқәба алитература аганахьала илиршаз, имч зықәхоз акаҿы даанымгылеит, ауаажәларра-политикатә, аҭҵааратә усқәа инарываргыланы ҩнапыкла ишьҭыхны икын арҿиара аус. Урҭ рахьтә акгьы камыжьӡакәа «еивакны» иааигон. Шаҟа ирацәази апоет иҵегьы ижәлар иреиҳәарц ииҭахыз, игәы иҵхоз атемақәа, еиуеиҧшым азҵаарақәа уҳәа...

Б.У.Шьынқәба изку гәалашәарақәак азгәаҭазарц, хыхь ишысҳәаз еиҧш, «иаарҧшым аарҧшра» хықәкыс иҟаҵаны, исыӡбеит сиҿцәажәарц уи иҧа Бинур Шьынқәба. Уигьы иааигәаны дыжәдыруазарц сҭахын.

Бинур Шьынқәбеи Алхас Чхамалиеи
Бинур Шьынқәбеи Алхас Чхамалиеи

Бинур Баграт-иҧа Шьынқәба дынхоит Урыстәыла аҳҭнықалақь Москва, аха иҧсадгьыл гәакьахь имоу абзиабара аӡыхь ҭабара ақәым, ирӡуам аимадара. Еиқәырханы иааигоит иаб ихәышҭаара. 

Бинур Шьынқәба занааҭла дынџьныруп. Урыстәылатәи ауаажәларратә академиа аушьҭымҭацәа дреиуоуп. Дҭаацәароуп, хҩык ахшара драбуп. Урҭгьы иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирылгахьеит. 

Бинур Баграт-иҧа хыла иара ишҟа исымаз азҵаарақәа рахь сиасаанӡа, ҳҩыџьагьы ҳнарыҩныс-ааҩнысны иаабеит апоет дахьынхоз аҩны ауадақәа. 

Аҟәа, Б. У. Шьынқәа иҩны, иусуратә стол
Аҟәа, Б. У. Шьынқәа иҩны, иусуратә стол

Иааҳакәыршаны убри еиҧш ҳауа ҷыдак ыҟан, иҿыцу дунеи ссирк ҳаҭаазшәа, алакә тәыла еиҧшыз, ахы унардыруан доуҳак. Ауада аҭӡамцқәа ракәзар, ицәажәон адунеи иқәу ауаатәыҩса зегьы еицырзеиҧшыз бызшәала – аразра, абзиабара абызшәала. Асахьақәа… Џьара иубон Баграт Уасил-иҧа ианиаазтәи аамҭа, даҽаџьара – иуаҩыбжара днахыҳәҳәо, неихыркәа имамкәа, иус даҿны. Убла иаахгылон апоет аурыс шәҟәыҩҩцәа дуқәа А.Т.Твардовски, К.М.Симонов, Р.Ф.Казакова уҳәа дрыгәҭылакны. Кәакьк аҿы икнаҳан «иҕьазҕьазуа аҧсуа ҟама», џьара икҿагылан аҧса зхарсыз алабашьа. Урҭ зегьы «шҳазхьаауазгьы», ҧшьаала «ҳнарымпыҵаҵны» стол хәыҷык ҳнадтәалеит. 

Ауада аҩнуҵҟа иааҭынчрахеит, ҧыҭраамҭак ҿымҭ ҳтәан. Амала адәахьынтәи иааҩуан еибархәмаруаз ахәыҷы рацәа ршыкьбжьы. 

Сара исҭахын Бинур иҿцәажәарала жәлар рпоет ду Баграт Уасил-иҧа иаҳзымдыруа иҧсҭазаара аганқәа раарҧшра, насгьы интерес дус исыман сзыҿцәажәаран иҟаз ауаҩы ҳаамҭазы ҳтәылаҿы имҩаҧысуа апроцессқәа дшырзыҟоу аилкаара. Аҭаацәа бзиа ирылҵыз, аҧышәа змоу аиҳабацәа ражәа еснагь иҿырҧшыгами, имҩақәҵагами!

Дышҧашәгәалашәои Баграт Уасил-иҧа абык иаҳасабала, насгьы иарбан ҟазшьа ҷыдақәаз имаз? – абри азҵаарала ахы кын ҳаицәажәара. 

–Сара исгәалашәоит, саб убриаҟара иусура, ишәҟәыҩҩра даланахаланы дыҟан, ҳара ихшара ҳахь уиаҟара аамҭа имамызт. Аха зегь дара роуп, еснагь ҿырҧштәыс дҳаман. Исгәалашәом знызаҵәыкгьы уи ибжьы шьҭыхны, даҕьуа, дыцәҳауа. Зегьы ҳҭыҧ аадыруан, ашьшьыҳәа иҳаиҳәоз ҳара иҳазхон. Аиаша ҳҳәозар, иҳәарагьы ҳҭахӡамызт, уи ҳшьа-ҳда иалан. Аиҳабы-аиҵбы, аихаҵгылара, апатуеиқәҵара уҳәа зегьы аадыруан. Аҧсуара аҵасқәа зегьы ҳаҩны иҟан, уи ҳааӡон. 

Ш. Салаҟаиа, Шь. Инал-иҧа, Б. Шьынқәба, Хә. Бӷажәба
Ш. Салаҟаиа, Шь. Инал-иҧа, Б. Шьынқәба, Хә. Бӷажәба

Исгәалашәоит саби уи иҩызцәа Гь.А.Ӡиӡариеи Ш.Д.Инал-иҧеи ҳаҩны еидтәаланы аицәажәарақәа анрымаз, еиуеиҧшым апроблемақәа ианрылацәажәоз. Усҟан аамҭа уадаҩ ҳҭагылан, еиҳаракгьы Сталини Бериеи рхаан. Аҟәа уналалар ҧсышәак анумаҳауаз ыҟан, аҧсышәала уцәажәар ҟаломызт. Ауаа хаҭала иалкааны ирышьклаҧшуан. Убри иахҟьаны, иҟан ара Аҟәа данзаанымгылозгьы, ақыҭарахь дцар акәын. Иҩымҭақәа рҿы аколлективизациа, апартиа уҳәа рыӡбахә ахьамҳәоз акьыҧхьра уадаҩын, азин ҟарҵомызт. 

Бинур ҭынч-ҭынч ацәажәара даҿын. Ажәа заҵәыкгьы саҩмыжькәа сшыӡырҩуазгьы, уи аамҭа иақәыршәаны, ахара исаҩсхьаз схәыҷра амшқәа сырзыхынҳәуан. Ҭаха снаҭомызт аеҵәа лашеи амра шашеи рызхәыцра, адунеи аиҿкаашьа, акосмос, аҧсабара азакәанқәа срымҽхаркуан. Избан, уахынла аҵых ҵәцаразы, аеҵә еилаарцыруа ианыҧхо, ирхылҵуа алашара адунеи анарлашо, иаалырҟьаны иаахыло аҧҭа еиқәарақәа урҭ хырҩарц изалаго, амра шаша акәзар атыҩ изакуа, иахылҵуа аҧхарра ауаатәыҩса рышҟа инамышьҭкәа иара иаҵәахырц изалаго? – абарҭ реиҧш иҟаз азҵаарақәа маҷымкәа иқәсыргылон, аха аус злаз аҭак аҟаҵара акәын. Убри аганахьала макьана сыҧшааҩын.

Баграт Шьынқәбеи Алықьса Гогәуеи
Баграт Шьынқәбеи Алықьса Гогәуеи

–Иара еснагь игәы иҵхон аҧсадгьыл азҵаара, – иажәа наигӡон Бинур. – Зны сиазҵааит, абри ароман «Ацынҵәарах» аҩра угәазырҧхеи, абри атема зышьҭухи ҳәа. Аҭакс ус иҳәеит: «Амилаҭ хәыҷқәа еснагь ашәарҭара иҭагылоуп. Уажәы Асовет мчра ыҟоуп егьиуп, аха аамҭа даҽакала ицар ҟалоит, усҟан ҳара иҟаҳҵаша ҳус-ҳҳәыс аадыруазароуп. Амилаҭ маҷ ртәы цәгьоуп». Абри иара есымша иҳәон. 

Игәасҭахьан, хәыҷык иқәрахь даннеи еиҳа анцәа иахь ихы ишьҭуа дшалагаз. Убри атәы ароман «Ахаҳә еиҩсаҿгьы» ианыҧшуеит, уи аҵакы ҕәҕәоуп.

Ирацәаҩын ҳаҩны асасцәа иаҳҭаауаз, уи зегьы ҳаигәырҕьон.

Александр Твардовски, Константин Симонов, Баграт Шьынқәба. Агәыӡера
Александр Твардовски, Константин Симонов, Баграт Шьынқәба. Агәыӡера

Исгәалашәоит, А.Т.Твардовски ажурнал «Новыи мир» аҿы А.И.Солженицын иҩымҭақәа «Один день Ивана Денисовича», нас «Матренин двор» ананиҵа аамышьҭахь, иусура дамырхын Аҧсныҟа дааит, акраамҭа абра ҳара ҳҿы, Ҷлоу дыҟан.

Саб иҟазшьа аҷыдарақәа шәразҵаауазар, исҳәарц сылшоит, егьа ауадаҩра дақәшәаргьы, адунеихаан игәы каижьуамызт. Ажәеинраалақәа рыҧхьара бзиа ибон. Зны-зынлагьы аҧхьарца аанкыланы иацырҕызуа иҿааихон.

Иахьа, ҳауаажәларраҿы, даҽаамҭанык еиҧшымкәа иалацәажәоит аҧсуара апроблема, уи аиқәырхара, аныҟәгара уҳәа. Шәара иахьынӡажәдыруа, дышҧазнеиуаз Баграт Уасил-иҧа аҭаацәа рҿы абри азҵаара? – абас аҿынасырхеит Бинур ишҟа анаҩстәи сызҵаара. Иара уиаҟара ахәыцрақәа иҽрыламгалакәа, иажәа раӡаны дналагеит:

–Сара усазҵаауазар, аҧсуара аҩнаҭаҿоуп иахьалаго. Ахәыҷы иааӡара даара иуадаҩу акоуп, баша ирҳәом «аӡәы иааӡара аӡә даҧсоуп» ҳәа. Ари адунеизегьтәи проблемоуп. Сгәаанагарала, аҧсуара ҳәа ҳазҿу, сара уи ҭҵаарадыррала иҭызҵаауа раҵкыс издыруеит ҳәа сҳәом (иаҳҳәап, аҵарауаҩ Ш.Д.Инал-иҧа иеиҧш сара исзымҳәар ҟалоит), аха уи анцәа иахь, адоуҳахьы еиҳа ахы хазар ҟалап, адәахьтәи аформақәа ҳазлацәажәо раасҭа. Аҧсуара ҳҳәеит, аха ажәытә ажәлар иныҟәыргоз зегь бзиан ҳәа ҳҳәаргьы ҟалаӡом. Ажәлар идеалтәны рыҟаҵара иашам, идеалтәны иҟауҵаша аӡәызаҵәык иоуп – Ҳазшаз. Абри атәы саб еснагь иҳәон. 

Б. Шьынқәба, К. Шьаҟрыл, Гь. Ӡиӡариа
Б. Шьынқәба, К. Шьаҟрыл, Гь. Ӡиӡариа

Усҟан ааӡара зынӡа даҽакала имҩаҧысуан. Уажәы сара исзеилкааӡом… Ҳаб мызла аҩны даныҟамызгьы ыҟан, аха саҳәшьеи сареи аҧсуара ҳауит аҩнаҭа аҟынтәи. Уи адоуҳа еснагь ҳаҩны иҟан. Иахьа аамҭа аҽаҧсахит, уахьынаҧшааҧшуа иубарҭоуп уи ҳаҧсуарагьы ишацрасыз, еиҳаракгьы аҿар рганахьала. Маҷк еиҧҟьеит аҭаацәеи ахшареи ирыбжьаз аимадара. Урҭ рахьтә аӡәырҩы ринтересқәа хазхеит…

Иахышәҳәаауазеи аҵыхәтәантәи аамҭазы амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны аҿар ахьҭахо? – сҳәеит сзыҿцәажәоз ауаҩы маҷк снаиҧыҩлашәа, ҳәарада, аӡәгьы уи бзиоуп ҳәа шахимҳәаауа шыздыруазгьы. Аха исҭаххеит ицәыригаз апроблема иҵегьы инарҭбааны далацәажәарц. Иҟалап сызҵаара цқьа ақәыргылашьа сақәымшәазаргьы. Аха исҳәарц исҭахыз ҳәаны салгаанӡа иара еиликаахьан. Сажәа алгахагь сымҭакәа дналагеит:

–Ари даара трагедиа дууп. Зегь ҟазҵо ааӡароуп… Иахьа жәанызқь доллар иаҧсоу амашьына аахәаны ахәыҷы дақәуртәоит, аха хәыҷыкгьы ухәыцыр ами! Уи адунеихаангьы аусура иҭаххаӡом, идоуҳа маҷхоит. Азакәангьы ыҟоуп, зегь ыҟоуп, аха урҭ акагьы ахәаӡом… 

Баграт Шьынқәба. Ҷлоу, Лаганиахә
Баграт Шьынқәба. Ҷлоу, Лаганиахә

Ҽнак саб сиазҵааит, иарбану уара уаажәларратә идеалс иуҧхьаӡо, ажәлар рыҿиараҿы хымҧада иаҳҭаху ҳәа. Уи аҭак зынӡа икьаҿӡаны исиҭеит: «Иааҳҭаххалакгьы, амала аматериалтә беиара мап». Убри аҟынтә, хәыҷык анцәа иахь, адоуҳахьы ҳхынҳәыр еиҕьзар ҟалап. Уи ада аҳәынҭқарра аргылара залшаӡом. 

Бинур ацәажәара даҿын, сара слымҳа кыдҵаны сӡырҩуан, хыхь ишысҳәахьоу еиҧш, убри аамҭазгьы ҳазну адунеи ду сазхәыцуан. Араҟа исыцхраауан саныхәыҷыз, аҳа амҵан икаршәыз акәахьча шкәакәа сықәианы аеҵәақәа санырзыҧшлоз зхы скхьаз схәыҷтәы философиатә хәыцрақәа. 

Иаҳҳәап, еснагь амра ҧхалозар, аҧсҭҳәа хымлар, ақәа амур аарҩара ҳақәнакны ҳниаӡаа ҳцар алшоит. Аеҵәақәа ракәзар, ҳәарада, урҭ еснагь ажәҩан ҵдырлашаауазар бзиоуп, ахара ицо амҩа идырбоит, игәыхәтәы дахьырыгӡоит. Аха алашьцарагьы далсны дымныҟәар, хәыҷык аџьабаа имбар, дымгәаҟыр-дымҵәаҟыр, имҩаҿ икаҧхо алашара заҧсоу изымдрыр, ишахәҭоу ахә изымшьар ҟалоит, ирымҳәои, ацәгьа умбакәа абзиа уздыршам ҳәа. Ус анакәха, ҳаҧсҭазаара зегьы ҧышәаразар, ацәгьеи абзиеи рыҩбагь гәаҭан руакы алаҳхырц ҳазшаз иҳаҭәеишьазар?.. Мап, мап, саланагалацәеит, еиҕьуп ҳаиҿцәажәарахь схынҳәыр.

Маҷк шәалацәажәар сҭахын Баграт Уасил-иҧа ақыҭа дшазыҟаз… – абас сналагеит анаҩстәи сызҵаара. Убри аамҭазы иагьгәасҭеит уажәы Бинури сареи ҳаидтәаланы ҳаицәажәара агазеҭтә ҿцәажәара, аинтервиу ҳәа ҳзышьҭоу аформа шышьҭнахыз.

–Ақыҭа, ҳәарада, даара пату ақәиҵон, игәхьааигон, лассы-лассы уахь дцалон. Дарбан аҧсуоу нас ақыҭа иадҳәалам, уи бзиа изымбо!

Ҷлоу, Б. Шьынқәба Иҩны-музеи аҟны аҧсуа сахьаҭыхыҩцәеи астудентцәеи
Ҷлоу, Б. Шьынқәба Иҩны-музеи аҟны аҧсуа сахьаҭыхыҩцәеи астудентцәеи

Ҽнак зны, ақыҭаҿы ахәышҭаара ҳаҽҳәатәан. Иара ила еихмырсыҕьӡакәа акраамҭа амцахь дыҧшуан, ҿымҭӡакәа. Нас ус ҿааиҭит: «Абри амца аҵакы даара иҕәҕәоуп. Ажәытәан, абас ахәышҭаара иакәшаны, амца иахәаҧшуа ианаатәалоз акәхарын ианырыӡбалоз ирҧеиҧшыз ацәгьарақәа, аибашьрақәа раан ишықәҧаша, аҕа ишиҿагылаша». Аҵыхәтәаны, инаҵшьны иазгәеиҭеит: «Аҧсуа имца, ихәышҭаара ыҟанаҵы иаҧсуарагьы ыҟоуп, ихаҭарагьы аанхоит. Абри зегьы ирхадароуп ҳаҧсуараҿы, абри шәхашәмыршҭлан!»

Ҳаицәажәара шцац ицон, саанрыжьуамызт схәыцрақәа, сашьҭан «иаарҧшым аарҧшра», схатәы аартрақәа рыҟаҵара. 

Дызусҭада ашәҟәыҩҩы? Издыруада уи адгьыл аҿы инхо еҵәа лашазар, мамзаргьы ҧсызхоу зегьы зыҧхарра рзызшо мра шашазар? 

Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа
Москва, СССР Жәлар рдепутатцәа

Еилыскааит акы. Ашәҟәыҩҩы – аамҭа хәашьқәа раан, аҭоурых аҵх лашәқәа рзы ажәлар рымҩа зырлашо еҵәоуп. Акәтаҕь ҧымҽӡакәа ианбылгьо ҳәа ҳанаҿу аамҭазгьы, уи аҧхарра рзишоит цәала-жьыла, доуҳала ишәырц, еизҳарц азы, усҟан уи дымра шашоуп. 

Ашәҟәыҩҩгьы аеҵәеиҧш ихылҵуеит алашара, амреиҧш – аҧхарра. Урҭ ршәахәа хаақәа – ираӡоу, ишәоу-изоу ажәақәа роуп. Ус анакәха, еилыскаарц сҭаххеит ашәҟәыҩҩы иажәа ҭынха.

Ирлахьынҵозеи, насгьы аӡәыр аус рыдиулома Баграт Уасил-иҧа иҭынхаз анапылаҩырақәа? – сҳәеит апоет хымҧада, иҿыцу, аҧхьаҩцәа зыргәырҕьаша аҩымҭақәа маҷымкәа имахарын ҳәа сгәы иаанаганы.

–Анапылаҩырақәа имаз еидкыланы ҩ-томкны аҭыжьра иазырхиоуп. Аха иҟоуп асалам шәыҟәқәа уҳәа убас иҵегьы. Сақәгәыҕуеит урҭгьы рҭыжьра алыршахап ҳәа. 

Бианеи Бинури
Бианеи Бинури

Ҳаицәажәара маҷк иаухазшәа сгәы иаанаган, исыӡбеит Бинур ишҟа аҵыхәтәантәи азҵаара сҭиирц. Аха маҷкгьы слак-ҩакуа саақәхеит, избанзар ирацәан еилыскаарц исҭахыз, мшәан, «иаарҧшым аарҧшра» ус имариоума?! Маҷк сагьацәшәон схы иадысҵаз аҭакҧхықәра. Аха сҽааизызган аҿынасырхеит:

Дзызхьаауааз, насгьы гәыҵхас имааз апоет иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рзы?

–Даара хьаа дус иман ажәлар рыбжьара маҷк абри аҕыҕеибагара иибоз, политкатә ҟазшьала аҽеиҩшара… Игәы иҵхон иара убас ҳбызшәа аҭагылазаашьа, хыҧхьаӡарала ҳмаҷра – ҳдемографиа азҵаара. Нас еснагь иҳәон: «Аҳәынҭқарра дуқәа раасҭагьы ҳара еиҳа аполитика ҳамазароуп. Аибашьра ҳаиааит, ари ус дуӡӡоуп. Аха еицәоу даҽа «еибашьра ҕәҕәак» ҟалараны иҟоуп. Иаауа аҕа еиҳагьы дыҕәҕәоуп, еиҳагьы дбааҧсуп. Убри аҿы ҳзаиааир – аҧеиҧш дуӡӡа ҳзыҧшуп…» – Сара сшанханы сихәаҧшуан, нас азҵаарагьы исҭеит «дызусҭада иаауа аҕа» ҳәа. Иара аҭакс «аҧара» иҳәеит. Нас маҷк дааҭгылан инациҵеит: «Уи ишахәҭоу ахархәашьа ҳзақәымшәар ҳусқәа ҽеихом, ҳдоуҳагьы даара иаҧырхагахоит. Иаҳахьчаз ҳадгьылгьы убри «аҕа» иҳамихыр алшоит... 

Ииашоуп, адунеиаҿ иҕару-ибеиоу есымшагьы иҟан, иҟалоит. Аха доусу дызқәиҭу ихатәы дгьыл имазароуп иҳәынҭқарраҿы. Ҩнапыкла иктәуп ақыҭақәа, убрахь ихынҳәтәуп, ақыҭа акәын еснагь ҳаазгоз». Абарҭқәа ракәын еиҳарак саб гәыҵхас имаз. 

Б.  У. Шьынқәба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба иныҳәаҿа анааникыло аамҭазы
Б. У. Шьынқәба Аҧсны Раҧхьатәи Ахада В. Г. Арӡынба иныҳәаҿа анааникыло аамҭазы

Исгәалашәоит, уи лассы-лассы ииҳәалоз даҽакгьы: «Аҧсҭазаараҿы узызхьааша, ухы зыхҭнуҵаша ҳәа акагьы ыҟаӡам ухәышҭаарамцеи уҧсадгьыли рыда, урҭ рыҩбагьы акоуп. Уи азы ақәҧара, ианамуӡагьы ахы ақәҵара иҧшьоу усуп». Абри аҵакы аҭынч ҧсҭазаараҿгьы аҿар еснагь иазхәыцлар сҭахуп, – абри ала иажәа хиркәшеит апоет иҧа Бинур.

Сара акраамҭа ҿымҭ стәаны уи сихәаҧшуан, срызхәыцуан иажәақәа, еиҭеиҳәоз игәалашәара ацыҧҵәахақәа сыхшыҩи схәыцреи рыжәҩан ҵылашьцара мацәысеимҟьарак еиҧш иргәылсуан. Зназгьы хәыцрала слаҧшҳәааҿ иаацәырҵуан илаша-лашо жәҩан анаӡараҿы икыдыз, жәлары зегьы, иара убас адунеи иаақәу ҧстәи ҧсаатәи еицырзеиҧшны ишеи-шеиуаз еҵәа ссирӡак. Уи ашара иазҳәан. 

– Шарҧыҵәа… Шарҧыеҵәа… Ашаеҵәа! – гәаныла сгәаҵа инҭысҳәааит. 

Ажәҩан агәыҵа казказуа ицқьан, еикәаҕҕаа икыдын аеҵәа гәарҭагь.

Акыр-кырҳәа зыбжьы аагаз аҭел ҧхыӡ нашанак згәылаз ацәа хаа ааиҧнарҟьазшәа ауит. Убри аамҭазы сзызхәыцуаз, жәҩан анаӡараҿ икыдыз аеҵәақәа зымҩа иааныжьны, аҧхьан Бинури сареи ҳаидтәаланы ҳахьеицәажәоз ауадахьгьы саахынҳәит.

Баграт Шьынқәбеи Мушьни Лашәриеи
Баграт Шьынқәбеи Мушьни Лашәриеи

–Сӡырҩуеит… Бзиара жәбааит!.. – иаагеит Бинур ибжьы. Аҭел егьи анаӡараҿынтә иааҩуан еицырдыруа аҧсуа поет Мушьни Лашәриа ибжьы. Уи даара ныҳәа дук еиҧш деигәырҕьаны адырра ҟаиҵеит ҿыц ишҭыҵыз жәлар рпоет, ҳаҧсуа литература ахьӡырҳәага Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба акьыҧхь зымбацыз иҩымҭақәа еидызкыло даҽа ҩ-томк. Ари ажәабжь бзиа сара схаҭагьы даара агәахәа ду снаҭеит. Исҭаххеит иаарласӡангьы урҭ аҩшәҟәык рдаҟьақәа неихыршәшәа-ааихыршәшәо рыҧхьара. 

Ари амш ҭоурыхтә хҭысын, ныҳәан аиашаз, жәлары зегьы рзы…

Бинур абзиаразы ҳәа наиаҳәаны, жәлар рпоет иҩны сындәылҵны амҩаду санаангыла амш шьыбжьагәы инеихьан. Уажәраанӡа хәыцрала слаҧшҳәааҿ избоз, жәҩан анаӡараҿы икыдыз аеҵәа лаша ахаҭыҧан икыдын амра шаша. Еилых ҟамҵакәа уи ашәахәа хаақәа рықәыҧхон адунеи иаақәыз зегьы. Иаҭахын зыҧсы ҭамыз аҵиаақәа рыҧсы ҭанаҵарц, еизҳауаз ашәаҧыџьаҧ рымч иацнаҵарц, згәы ҵааз ауаҩы игәаҵа арҧсасирц, амҩа иаша иқәыз длаша-лашо днеиларц.

Зегьы аамҭак аамҭак рыман, напынҵак-напынҵак рыман, иара убас лахьынҵак-лахьынҵак…

Иахьагьы срызхәыцуеит аеҵәа лашеи амра шашеи.

Алхас Чхамалиа,

агазеҭ "Аҧсуа университет"

аредактор хада

(Ажурнал «Алашара». - 2009 ш., №4)

-16