- Агазеҭ "Аҧсуа университет" аматериалқәа рыла
2012 шықәсазы Париж еицырдыруа ашәҟәҭыжьырҭа «Картуш» аҟны иҭыҵит афранцыз журналист Режис Жанте ишәҟәы «Аҧсуаа ртәылахь аныҟәарақәа» зыхьӡу (францыз бызшәала). Ааигәа уи ашәҟәы ҳара иаҳҧыхьашәеит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны.
Режис Жанте ихьыҧшым францыз журналиступ. Диит Франциа амраҭашәаратәи арегион аҟны, Нант ҳәа иахьашьҭоу, Атлантикатә океан аҿықәан. Жәашықәса инарзынаҧшуа аус иухьеит Кавкази Абжьаратәи Азиа атәылақәеи рҟны. Дкьыҧхьуеит Париж иҭыҵуа есҽнытәи агазеҭ «Фигаро» адаҟьақәа рҟны.
Ҵоуп, францыз бызшәала иҩу ашәҟәы ҳара аҷҷаҳәа ҳаҧхьаны, иаҳәо хәыц-хәыц еилырганы шәаҳәара алшара ҳамам. Аха егьа ус акәзаргьы, ашәҟәы иаҧхьаз аҭырџьман иажәақәа рыла, Режис Жанте ииашаҵәҟьаны, ашәҟәы ахы инаркны аҵыхәанӡа ихьыҧшым гәаанагарала Аҧсны ахцәажәара иҽазишәоит. Уи ус шакәу даҽазныкгьы иарҵабыргит ааигәа Интернет ахархәарала аҭыжьымҭа «FRI» аҟны ҳара ҳзыҧхьаз Режис Жанте иҿцәажәара. Зыӡбахә ҳамоу ашәҟәы дазааҭгылауа иазгәеиҭоит:
«Ашәҟәы ахаҭа ахьӡ Қырҭтәыла аӡәырҩы иргәамҧхеит. Дара ргәаанагарала, аҧсуаа ртәыла ҳәа акгьы ыҟаӡам, Аҧсны – аҧсуаа ахьықәынхо Қырҭтәыла аҵакырадгьыл ауп. Убри аҟынтә, сара даара исҭахын аҭыҧантәи ауаа срыҿцәажәарц, изҩырц уаҟа избаз, исаҳаз… Сара сзы ихадароу – иарбан ганзаалак ргәаанагара ҳаҭырқәҵарала азыҟазаара ауп, ганкы иадымцәылакәа».
Ашәҟәаҿы ажурналист дазааҭгылоит Аҧсны аҭоурых: ажәытә аамҭа, амҳаџьырра, Лыхнытәи ақәгылара, ақырҭуа-аҧсуатә еибашьра. Еиуеиҧшым ахқәа рызкуп иналукааша аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа, аҵарауаа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: Владислав Арӡынба, Шьалуа Инал-иҧа, Станислав Лакоба, Сергеи Шамба, Виачеслав Чрыгба, Оҭар Ӡиӡариа уҳәа. Иалкааны дахцәажәоит еицырдыруа асахьаҭыхҩы ҟаза А.Краиниуков иҭыхымҭа, аҵарауаҩ Гьаргь Ӡиӡариа Лыхны иқәгылара иазку. Дахцәажәоит Аҟәа, асасааирҭа «Риҵа» ааигәара иҟоу акаҳуажәырҭаҿы аҧсуаа рхымҩаҧгашьа: уаҟа итәаны акаҳуа шыржәуа, атәыла ауаажәларратәи аполитикатәи ҧсҭазаара ишалацәажәо, аамҭа шырхырго.
Автор инарҭбааны дазааҭгылоит аҧсуаа амшаҧ-ныҳәа шазгәарҭо. Уи иазку ахы иахьӡуп «Џьгьардаа мшаҧы ишаҧыло». Ажурналист иазгәеиҭоит, аҧсуа қыҭа Џьгьардаҟа дшымҩахыҵыз аҵарауаҩ Арда Ашәба дицны. Акыр аинтерес аҵоуп уаҟа иибаз, иаҳаз атәы исахьаркны дахьахцәажәо.
Ашәҟәаҿы хазы иалкааны иануп Режис Жантеи аҵарауаҩ Оҭар Ӡиӡариеи реиқәшәара атәы. Ажурналист аҧсуа ҵарауаҩ иҩны дыҟан. Иара еиликаауан, аҧсуаа Аҧсны рыҧсадгьыл акәӡам ҳәа П.Ингороҟәа итеориа иадгыло ақырҭуа ҵарауаа ирҳәо иаҿагылоу агәаанагарақәа. Убри аганахьала, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Оҭар Ӡиӡариа ажурналист инарҭбааны изеиҭеиҳәоит Аҧсны аҭоурых, ахәҭакахьала, аҧсуааи амшыни реизыҟазаашьа. Уи иазкны аҵарауаҩ аусумҭақәа маҷымкәа имоуп. Амшын иадҳәалоу алексика акәзар, аҧсуа бызшәаҿы зқьыла иуҧылоит. Абри аҟынтә алкаа: аҧсуаа Аҧсны жәытә-натә аахыс инымхозҭгьы, рыҧсадгьыл акәымзар, иабантәааи нас амшын иадҳәалоу алексика?!
Франциатәи асас далацәажәоит дшыхнахыз аҧшәма исасдкылара, аишәаҿы имыццакӡакәа, ҭынч-ҭынч еицәажәо, аҧсуа кониак инаҿыхәо акыр аамҭа шыргаз атәы. Уамашәа ибаны дрыхцәажәоит аҧсуа ныҳәаҿақәа. Ашәҟәаҿы автор иҳәоит, Оҭар Ӡиӡариа иҩнаҭа ааныжьны данцоз аамҭазы, аҵарауаҩ иҧшәма асас ҳамҭас ишилҭаз афранцыз шәҟәыҩҩы Антуан де Сент Екзиупери иҩымҭа «Апринц хәыҷы» (аҧсышәала), уи аҧсшәахь ишеиҭалгаз лан – Аҧсны жәлар рпоет Нелли Ҭар-ҧҳа.
Иазгәаҭатәуп, асеиҧш аҧсуаа ирызку ашәҟәқәа аҳәаанырцә лассы-лассы ишҭымҵуа. Убри аҟынтә, акыр ихәарҭахон зыӡбахә ҳамоу ажурналист Режис Жанте ишәҟәы еиҭаганы иҭыжьзар. Аҳәынҭқарра аганахьала азҿлымҳара аныҟала, уи ишиашоу афранцыз бызшәа аҟынтәи аиҭагара зылшо аҵарауаа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны иҟоуп, хаҭала иуҳәозар, афранцыз бызшәа азҟаза Ельпида Маклакова.
Ҳгәы иаанагоит, аҧсуа ҧхьаҩы изы ашәҟәы даара аинтерес аҵоуп ҳәа.
Автор: Алхас Чхамалиа