Уи азкын аҳәса Жәларбжьаратәи рымш - Март 8. Аусмҩаҧгатә еиҿнакааит Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти рза адепартамент.
Ацәыргақәҵа аҟны ицәырган ахьӡ-аҧша змаз, Аҧсны аҭоурых аҿы имҩашьауа зышьҭра аанзыжьыз аҳәса рфотосахьақәа. Аиҿкааҩцәа рхықәкы хада - зыҧсҭазааратә мҩа мариамыз аха акрызҵазкуа аҳәса рхаҿсахьақәа еиҵагыло абиҧара рызнагара ауп, иазгәарҭеит аиҿкааҩцәа.