Арубрика: Агазеҭ "Аҧсуа университет" архив аҟынтә
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, аҭоурыхҭҵааҩ-аетнолог, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуҩы Марина Барцыц лыҿцәажәара
– Марина Мкан-иҧҳа, иҧшьоу Ҳиааира 25 шықәса ахыҵуеит. Маҷк аҭоурых ҳазхьаҧшуазар, шәгәы иаанагозма аибашьра ҟалоит ҳәа, изалшозма уи ахыҧара?
– Ҳарҭ аҧсуаа аибашьра ҟалоит ҳәа аӡәгьы ҳазыҧшӡамызт. Амала уаҩы ибарҭан аҭагылазаашьа аибарххара аҟынӡа инеины ишыҟаз, аха иҟан агәыҕра аиҿцәажәарақәа рыла, ҭынч мҩала азҵаарақәа зегьы ӡбахап ҳәа.
Инарҵауланы ҳазхәыцуазар, аҭоурыхаҿ аҳәынҭқарра дуқәа анхыбгало, аимпериақәа анеилаҳауа, аҳәынҭқарра маҷқәа ирҧырхагамхарц залшаӡом, ирыбжьыҧсааргьы ҟалоит. Изхысҳәаауа, асовет ҳәынҭқарра ду анеилаҳа, Аҧсны аҭагылазаашьа цәгьахеит. Владислав Григори-иҧа Арӡынба иазгәеиҭон, акахьы ҳааибагап ҳәа ҳара ҳнапы рхханы ҳашгылаз, дара атанкқәа рыла иаҳзааит ҳәа. Ус ауп иагьшыҟаҵәҟьаз. Сгәы излаанаго ала, аибашьра ахыҧара цәгьан. Насгьы ақырҭцәа рхы иақәгәыҕуан: усҟантәи Урыстәыла анапхгара дара рполитика иадгылон, бџьарлеи, џьаҧҳанылеи, техникалеи еиқәшәан, хыҧхьаӡарала усгьы акырӡа иҳаиҳан.
Аҧсуаа зқьышықәсалатәи рҭоурых угозар, ишырҳәо еиҧш, еснагь ажьаҳәеи аҧсынгьерии рыбжьара иҟан, аха зегьакоуп, алҵшьа рдыруан, иҕәҕәаз доуҳамчык ҩнуҵҟала ирыман, уи еиқәнархон. Усҟан иара аамҭа ахаҭагьы анырра ҕәҕәа ҟанаҵон, адунеи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа даҽакала иҟан. Убарҭқәа зегьы ирыбзоураны, ҳҭоурыхтә ҧышәа ду ҳхы иархәаны, агәаҕь зызҭаз аҧсуа жәлар зегьы рыжәҩахыр еибырҭеит. Аиааира агаразы, аҭагылазаашьа ҳаламӡыкәа алҵразы имҩаҧгаз, еиҿкааз аусқәа рацәан: жәашықәсала ицоз амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара, «Аидгылара» имҩаҧнагоз аусқәа, ашьҭахь еиҿкааз Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа, нхыҵаа ҳашьцәеи ҳареи ҳаимадарақәа… Ажәакала, ҳмилаҭ хьчаны, ҳаҧсуара еиқәырханы, иаҳзааиз аҧышәара ду иааирала ҳалҵит. Иаҳҳәар ҟалоит, усҟантәи аамҭа, усҟан иҟаз адунеижәларбжьаратә ҭагылазаашьа хшыҩла, ҟәышрыла ҳхы иаҳархәеит. Аринахыс хықәкы хаданы ҳаҧхьа ишьҭо – ҳиааира пату ақәҵаны, ҳажәлар рырҿиара, ҳҳәынҭқарра арҕәҕәара, аихаҳара роуп.
– Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны ианақәлаз аамҭазы аҧсуа жәлар аибашьра иазыҟаҵаӡамызт, уи моу иркышаз абџьарҵәҟьагьы рымаӡамызт. Аха ирылзыршеи ҳажәлар абас еиҧш аҿагылара, ирылазҵеи агәаҕьра, ирызҭеи аҕәҕәара?
– Ҳаҧхьагыла Владислав Арӡынба иоума, ҳажәлар роума аҧхьаӡашьа рзымдыруа иҟазма! Ибзиаӡаны еилыркаауан иаҳҿагылаз амчқәа зеиҧшраз, ҳаҕацәа хыҧхьаӡарала акырӡа ишҳаиҳаз. Аха аҧсуаа уаҳа даҽа мҩакы ҳамаӡамызт. Насгьы ҳарҭ аҧсуаа, иара Кавказ егьырҭ ажәларқәа реиҧш, ҭоурыхла, традициала аибашьратә культура ныҟәызго жәларуп. Ирымҳәои, ахаҵа дзииуа иҧсадгьыл ахьчаразоуп, адәы дзықәугьы ахьӡи ахьымӡҕи рзы ауп ҳәа. Ашәарҭарақәа раан, «иахәалак» анырҳәалак, зхы изахәоз, абџьар акра зылшоз, дхәыҷума-дуума, дҭаҳмадоума зегьы еидгылон. Абарҭ ҳатрадициақәа ҳахәеит. Избан акәзар, аханатә ҳара даҽакала ҳаҟазҭгьы, ас еиҧш иҧшӡоу, иссиру, ибеиоу атәылаҿы ҳанханы, ҳҕьацаны, ҳасасцәагьы бо, ҳаҧшәмарагьы хьчаны иахьа уажәраанӡа ҳзааиӡомызт.
Даҽакгьы. Ҳара «ҳқалақьтә культураӡам». Аҕацәа ҳақәлар, иаҳҳәап, ҳақалақьқәа аанҳажьыр ҟалоит аамҭала: ҳқыҭақәа рахь, ашьхарахь ҳцоит, аха зегьакоуп, дара уа нхашьа раҳҭаӡом, ҳгьежьны ҳааны ирымаҳхуеит. Абригьы ижәытәӡатәиу аҧсуаа рстратегиоуп, ижәытәӡатәиу тактикоуп. Иаҳхысыз аибашьра ҳгозар, шаҟантә ҳҽазаҳшәеи Аҟәа аҭарцәра, аха шьхала ҳамжәылакәа акгьы алымҵӡеит. Ажәакала, ҳатрадициа дуқәа ҳацхрааит, ҳаиқәдырхеит.
– Ирымазма ҳажәлар аиааира агәрагара?
– Аибашьраан аҭагылазаашьақәа еиуеиҧшымкәа ианыҟало ыҟоуп. Изеицәааӡарызеи, иҟан ажәлар рҿгьы, шәызҿагыло зусҭцәада, урҭ ҳиааиуеит, ҳшьаҟьаны иаҳхысуеит ҳәа ицәажәозгьы, агәкажьгақәа зҳәоз. Иахьагьы уи изаҟәымҵӡац џьоукы-џьоукы, аинтернет «иҭатәаны», ҳаҧсит, ҳаӡит ҳәа гәкажьгамзар бзиарак рҳәаӡом. Аибашьраан, ҳҵеицәа хацәнымырха ахы ианаҿагылаз аамҭазы, џьоукы Гәдоуҭа ақалақь агәҭа итәаны убасҵәҟьа ицәажәон: аҳәса, еиҳаракгьы ахацәа. Уигьы ыҟан, ҳәарада. Аха иааидкыланы иугозар, ҳажәлар зегьы ус ихәыцуан ҳәа узҳәом, реиҳараҩык агәрагара дуӡӡа рыман. Избан акәзар уаҳа даҽа мҩакы ҳамаӡамызт: ма ҳаиааир акәын, ма адунеи ҳаныӡаауан, ҳҭахон.
– Шәазааҭгылар ҳҭахуп аибашьраан Владислав Арӡынба ихаҭара аҵакы.
– Ахаҭарагьы злиаауа ажәлар роуп. Ажәлар усҟан дырҭахын Владислав Арӡынба иеиҧш иҟаз анапхгаҩы, аҧыза. Сгәы иаанагоит, даҽаӡәы дырҭаххаргьы, убригьы дцәырҵуан ҳәа. Абраҟа сазааҭгылоит гәалашәарак.
Аибашьра ҟалаанӡа Москва аспирантураҿы аҵара ахьаҳҵоз, ҽнак зны ҳҩызцәа ачеченцәеи ҳареи ҳаиқәшәеит. Дара ус ҳарҳәеит, аамҭа уадаҩуп, Аҧсны аибашьра ҟалоит, шәара убри аан напхгаҩыс аҵарауаҩ далышәхит (Владислав Арӡынба изы), аруаҩ иакәымкәа ҳәа, избанзар дара аруаҩ, аинрал Џьохар Дудаев дрымамзи! Абри зысгәалашәаз, ашьҭахь аамҭа иаҳнарбеит ҳара усҟантәи аамҭазы Владислав Арӡынба иеиҧш иҟаз ахаҭара шакәыз иаҳҭахыз. Аҧсуа жәлар хыҧхьаӡарала ҳмаҷуп, убри аҟынтә мчыла акәымкәа хшыҩла, ҵарала акәын еснагь ҧхьаҟа ҳашцоз, Д.Гәлиа инаиркны иахьа уажәраанӡагьы. Ҳуниверситет аректор, академик Алеко Гәарамиа лассы-лассы иҳәалоит, аҵарадырра милаҭтә идеианы иҟалароуп ҳәа. Ари даара ииашоу, ҧхьаҟа ҳазго мҩоуп.
Ижәдыруеит, аибашьраан еиҧш, уи аҧхьагьы Владислав Григори-иҧа ҵарауаҩк иаҳасабала имаз ахыҧша, иара ибзоураны ҳаззымдыруаз ажәларқәагьы ҳардырит, ҳҭоурых адунеи иахирҵәеит. Ианаҭаххагьы ар рҧызак иаҳасабала даара дфырхаҵаны ихы ааирҧшит, ҳажәларгьы аиааирахь икылигеит.
Владислав Арӡынба ажәлар рыбзиабара иман, даргьы рхы-рыҧсы еиҧш дырбон, игәрагьы ргон, ихьӡ ҳәаны жәылара ицон. Данцәажәоз «шәхацкы» ҳәа ииҳәоз ажәа баша ажәаӡамызт, уи игәаҵантә иаауаз ажәан. Игәы иҭази, иажәеи, иуси еиқәшәон.…Исгәалашәоит, аидысларақәа раан иҭахоз ҳаҷкәынцәа рсиақәа анизнаргалак шаҟа ихьааигоз, шаҟа хыхь-гәыхь инаҭоз: иара ихьчараны дыҟаны изымыхьчазшәа, иара ихарала иҭахазшәа акәын ишидикылоз. Сара убас избеит аамҭала иара иҿы сыҟанаҵы (мызки бжаки инапаҵаҟа аус зуан).
Еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа Арӡынба изы абас рҳәон: «Ишәыбаргәузеи, шәарҭ аҧсуаа, абри иеиҧш анапхгаҩ бзиа дахьшәымоу! Ҳаргьы дҳамандаз абри иҩыза аҧхьагыла!». Ажәакала, Владислав Арӡынба ихаҭара атәы ҳҳәозар, даара акыр иҳахәеит аибашьраан. Уи акырӡа аҵанакуан.
– Изеиҧшрозеи аибашьра аҧҳәыс лыблала?
– Аибашьра ианалагаз сара Москва сыҟан, сааит. Аамҭала Владислав Арӡынба иҟны аус зуан, Гәдоуҭа ақалақь аҿы. Октиабр азбжазы аибашьра ацәаҳәахьы сцеит, Ешыраҟа. Иҟан аҳәса, абџьар кны еибашьуаз, иҟан аибашьцәа ирыцхраауаз, амедиаҳәшьцәа, асанинструкторцәа ҳәа изышьҭоу.
Убас еиҧш иҟоуп, аибашьраҿы еиҳа ауаа рацәаҩны иҭахар алшоит ахәцәа аныҟалалак, урҭ ацхыраара рызҭо ҟамлар, раҧхьатәи 15 минуҭ ирылагӡаны иақәнагоу ацхыраара рмоур. Убри аҟынтә сҩызцәагьы саргьы иҳаӡбеит ҳашьцәа-аибашьцәа ахьеибашьуа ҳрывагыларц, рыхәра ҭыҧқәа ҿаҳҳәаларц, излаҳалшо ала ҳрыцхрааларц. Ҳзызкыз аҧсеиқәырхара акәын.
Сжурналистӡамызт, аха афотоаппарат сыман, аибашьра ҭысхуан. Ихәу даныҟалалак, сфотоаппарат наҟ инышьҭаҵаны ацхырарахьы, аҧсеиқәырхарахьы сиасуан. Афоторепортиор иакәзар, ихәу дҟаларгьы иҭихуа ҭихуеит, дзызку даҿызаауеит, уи ауп иара иус. Сара моу, аибашьра авидеохроника ҭызхуаз Ҭали Џьапуа-ҧҳа лакәзаргьы – убас, лкамера нышьҭаҵаны ахәцәа рыҧсеиқәырхарахьы диасуан. Ауаҩы деиқәырхатәын, убри зегьы ирхадаран. Аха егьа ус иҟазаргьы, аибашьцәа рхаҿсахьақәа аҭоурых иазныжьтәын, иҭыхлатәын. Избан акәзар, иахьа уҿаҧхьа игылаз аибашьҩы уаҵәы дҭахар ҟалон, дыбжьаӡыр алшон. Шьыжьымҭан ашара еицаҧылоз хәылбыҽхан ҳаибабо ҳаибамбо ҳаздырӡомызт. Аибашьцәа рааигәара ҳахьыҟаз дара ргәы арҕәҕәон, зны-зынлагьы иаҳцәыҧхашьаны иҟарымҵашазгьы ҟарҵон.
Аибашьра адәаҿы убла иабо рацәоуп, аха аибашьра ацәаҳәаҿы уаныҟоу укәша-мыкәша иҟоу аҭагылазаашьа еилырганы иуздырӡом: уганахь иҟаз ҧхьаҟа ицама, мамзаргьы ихьаҵма… Ахәцәа алганы ҳҭыҧқәа рахь ҳхынҳәызар, ҳаибашьцәа рзы уи иаанагоз аҭагылазаашьа цәгьам ҳәа акәын, ҳзыхнымҳәыр – зегьы иреицәан.
– Шәабаҧылеи Аиааира амш, насгьы уи шәгәалашәараҿы ишҧаанхеи?
– Уаанӡатәи ажәыларақәа раан еснагь аҧхыӡқәа збон, избоз зегь лашьцаран. Аха аҵыхәтәантәи ажәылараан убас еиҧш аҧхыӡ збеит, Аҟәа, Ҷоҷуа имҩа ҳәа иахьашьҭаз ҳаҟахуп: ажәҩан лашаӡа, ашәаҧыџьаҧ зегьы ҧшӡаӡа, амра каххаа иҧхоны, аҵла рбыҕьқәа ҩежьӡа, иссирны, гәеизҳараны избеит. Уамашәа иубаша, сентиабр 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәраан убри аҭыҧ аҿы сақәшәеит, сыҧхыӡ лабҿаба избеит. Убри амш гәырҕьара дуун зегь ҳзы.
Сентиабр 30 – Аиааира иамшуп. Аха сара сзы иааираны, ныҳәа дуӡӡаны иҟалеит ҳар – мрагыларатәии мраҭашәаратәии афронтқәа – Кәыдры ацҳаҿы реиқәшәара. Ари ҟалеит сентиабр 29 рзы. Исҳәарц сылшоит, убасҟан Кәыдры ацҳа раҧхьа иқәсыз среиуоуп ҳәа саргьы. Уи насыҧ дуны исыҧхьаӡоит. Убасҟан цәгьала исықәҿианы имаҷымкәа афотоҭыхымҭақәагьы ҟасҵеит. Абри амш сара сгәалашәараҿы иаанхеит еиҟәшаны иҟаз ҳажәлар реиқәшәара иамшны, Аиааира дуқәа ирымшны.
– Иҧшьоу Аиааира 25 шықәса ахыҵит. Ҳажәлар ҧхьаҟатәи рҧеиҧш азы ишәҳарц ишәылшозеи?
– Аиааира 25 шықәса ахыҵра – ари хҭыс дуӡӡоуп ҳажәлар зегьы рзы, еиҳау ныҳәагьы ҳмилаҭ рзы иҟаӡам. Уи рхы-рыҧсы ақәырҵеит зықьҩыла ҳҵеицәа, ҳашьцәа нхыҵ-кавказаа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла уҳәа рҟынтәи ҳџьынџьуаа, Алада-Урыстәылантәи хатәгәаҧхарала иааз, шаҟаҩы рыӡбахә уҳәари! Иахьа иҵит 25 шықәса, аха маҷк ҳаззеибашьыз ҳхашҭызшәа ҳҟалеит аамҭала. Уи ақәрахьымӡа Саида Дел-ҧҳа лажәеинраалак аҿгьы илҳәахьан, иҟалараны иҟаз лбозшәа. Иабаҟоу ҳҵеицәа ззықәҧоз, рыҧсы зыхҭнырҵоз амилаҭ ридеиа, рхықәкы? Аҳәынҭқарра ҳамоуп, аха аҳәынҭқарра – «мыругоуп», аҳәынҭқарра – хықәкӡам. Аҳәынҭқарра заҳҭаху, уи ҳхы иаҳархәароуп ҳхықәкы анагӡаразы: ҳажәлар еиқәырханы, аамҭа ҳацныҟәо, ҳмилаҭтә хаҿра, ҳбызшәа, ҳкультура еиқәырханы, адунеи зегь ҳадыруа, ажәларқәа зегьы ҳаицазхарҵартә еиҧш, ҳхы агәра ааго.
Ҳхықәкы – ҳмилаҭ аиқәырхара, арҿиара, аамҭа иацныҟәо, адунеи ианымӡаауа аҟаҵара. Убри ҳгәалаҳаршәалар ауп, ҳалацәажәалар ауп. Аҧсуаа еснагь аицәажәашьа, аилабжьашьа, ахшыҩ еилаҵашьа рдыруан. Ҳара мчыс иҳамаз ҳҳәоуеиқәшәара акәын. Иахьа адунеи амаа зку амчрақәа амилаҭтә ҳәынҭқарра хәыҷқәа ракәым, иҕәҕәоу аҳәынҭқарра дуӡӡақәагьы хдырбгаларц иаҿуп, еиуеиҧшым амеханизмқәа рхы иархәаны. Ҳҽеидаҳкылароуп, ҳаҽҳарҕәҕәароуп, аиаша аибыҳәашьа ҳхы ақәҳаршәароуп. Ҳиашароуп аиааирагьы ҳзыргаз.Аринахысгьы ҳажәлар анцәа иумырӡын!
Зегьы ишәыдысныҳәалоит Аиааира 25 шықәса ахыҵра. Иҟазааит ҳаҧсадгьыл ҧшӡаҿы наунагӡа аҭынчра! Иҟалааит аизҳазыҕьара!
Аиҿцәажәара мҩаҧигеит Алхас Чхамалиа
Агазеҭ "Аҧсуа университет" №6. Сентиабр, 2018 ш. Афотоқәа: Марина Барцыц лхатәы архив аҟынтә