Найти в Дзене

Иҵит 28 шықәса Марттәи ажәылара ҟалеижьҭеи

Гәымсҭа аихамҩатә цҳа. Афото аинтернет аҟынтә
Гәымсҭа аихамҩатә цҳа. Афото аинтернет аҟынтә

Аҟәа, март 15 — Аҧсуа университет, Фатима Агәхаа. 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны аҟазаареи аҟамзаареи раамҭа иҭагылан, ицон Аџьынџьтәылатә еибашьра. Аҧсуаа рыҧсадгьыл аиқәырхаразы хацәнымырха аӷа иҿагылан. Аҧсны еиҩшахеит ҩ-хәҭакны, ҩ-фронтк рыла — Мрагыларатәи Гәымсҭатәи (Мраҭашәаратәи) ҳәа. 

1992 шықәса октиабр мзазы Гагра анҭадырцәы инаркны, аҧсуа архәҭақәа рымчқәа еибыҭаны атәыла аӷа иҟынтәи ахақәиҭтәразы, аҳҭнықалақь анапахьы аагаразы изныкымкәа аҽазышәарақәа мҩаҧыргоит, аха еиҿагылаз амчқәа реиҟарамра иахҟьаны илыҵшәадахон. Убасеиҧш иҟаз, ҳаибашьцәа рзы илыҵшәадахаз ажәыларақәа иреиуоуп Марттәи аоперациа.

1993 шықәса, март 15-16 руха, Аҟәа ақалақь ахақәиҭтәразы аҧсуа ар имҩаҧыргаз ажәылара еиуеиҧшымкәа ахәшьара арҭоит, аха ииасхьоу аамҭала аҭоурых ахцәажәара, алкаақәа рыҟаҵара акыр иуадаҩуп.  

-2
"Џьоукы иазгәарҭоит, Марттәи ажәылара, ианвартәи ажәылара еиҧш, хықәкыс иаман ҳәа Мрагыларатәи афронт аҟны ақәыҕәҕәара армаҷра. Аха ус иагьа иҟазаргьы, хықәкы хадас иарбаз аҳҭнықалақь Аҟәа ахақәиҭтәра акәын. Ииашоуп, ҳаибашьцәа рҿаҧхьа иқәгылаз ахықәкы рзынамыгӡагәышьеит, аха илҵшәадахеит ҳәагьы ҳазҳәом. Избан акәзар ари ажәылара иаанарҧшит аҧсуаа рыҧсадгьыл ахақәиҭтәра шрылшоз", — иазгәеиҭеит ҳара ҳзыҿцәажәаз аибашьра аветеран, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба. 

Аибашьраан Аҧсны атәылахьчара аминистрс иҟаз Сулҭан Сосналиев иакәзар, Марттәи ажәылара ари анаҩстәи ажәыларақәа — ииультәи, сентиабртәи — рзы аҽазыҟаҵара хада иаҩызан ҳәа иҧхьаӡон. 

Еиуеиҧшым арратә експертцәеи, ҳаибашьцәеи иара убасгьы аҭоурыхҭҵааҩцәеи ргәаанагарала, ишьаарҵәырахаз Марттәи ажәылара иабзоураны, аҧсуа ар акыр аибашьратә ҧышәа рнаҭеит, иднарбеит иҟаз агха-ҧхақәа, аҩжьрақәа, иҟарҵеит алкаақәа. 

Ажәылара ахьлыҵшәадахаз зыхҟьаз амзызқәа иреиуоуп амчқәа реиҟарамра, ҳаруаа рылшарақәа рмаҷра, аҧышәа амамзаара, арратә техникеи ахархәагақәеи, ауаатәыҩсатә ресурсқәеи разымхара.

"Аибашьраҿ ус иҟоуп, амеханизм иаҩызоуп, ак аусура иаҟәыҵыр зегь аанкылоит, аӡәы идҵа анизынамыгӡа — ахықәкы анагӡара уадаҩхоит. Ара зыдҵа ззынамыгӡаз рацәаҩхеит, избан акәзар аӷагьы усда баша дтәамызт", — иҳәоит Аҩӡба. 

Иҟоуп агәаанагара, ақырҭцәа ажәылара ҟалараны ишыҟаз азы заа аинформациа роухьан, даргьы уи рҽазыҟаҵаны иҧшын ҳәа.

-3

Ари ажәылара ашьҭахь Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ахантәаҩы, ҳархәҭақәа ркомандаҟаҵаҩ хада Владислав Арӡынба иҳәеит: "Еидысларак аҟны ҳаҵахазаргьы, уи иаанагаӡом аибашьра ҳаҵахеит ҳәа. Ҳгәы каҳажьыр ҟалаӡом. Ҳтәыла ахақәиҭтәразы ақәҧара иацҵахоит. Агәра ганы сыҟоуп аиааира ҳара ишааго азы".

-4

Убасҟан аӷа даҽа хәымгаракгьы игәы иҭеикит - иҭахаз ҳаибашьцәа рыҧсыбаҩқәа рҭаацәа ирмоуртә еиҧш аҟаҵара. Нас уи ала аҧсуаа дара-дара ҩнуҵҟала еиҿаиргыларц. Ииашангьы, зыҷкәынцәа рыҧсыбаҩ змауз аҭаацәа, атәыла егьырҭ ауааҧсыра жәпаҩыкгьы, Аҧсны анапхгара рахь агәынамӡара аадырҧшуа иалагеит. Аха убри аамҭазы аҭагылазаашьа рнапахьы иааргоит анацәа.

"Иҭахаз ҳаҷкәынцәа ҭахагәышьеит, рыҧсыбаҩ ҳмоузаргьы, рыҧсадгьыл аҿы ишьҭоуп. Ҳаҧсцәа шәырҟәаҵны, ҳаҧсадгьыл азы акыр шәылшозар, аӷа иҿагыларазы акрышәзыҟаҵозар, шәгыл", — рҳәеит зҵеицәа зыцәҭахаз. 

Абасала, аҟәыӷара ду аарҧшны ҳажәлар ҩаҧхьа еилаҵәеит, аӡәыкны еиднакылеит азҵаара хада — аҟазаареи аҟамзаареи рызҵаара. Абри аилкаара акәхап ҳмилаҭ еиқәзырхазгьы, аиааирагьы ҳзыргаз.

28 шықәса раԥхьа Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз, ишьаарҵәырахаз ажәылараҿы иҭахеит 222-ҩык ҳаҧсуа еибашьцәа.

  • Авидео:

Рыҧсы ҭынчзааит, хашҭра рықәымзааит Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа!

ААУ аҟны. Афото: Алхас Чхамалиа
ААУ аҟны. Афото: Алхас Чхамалиа
ААУ аҟны. Афото: Алхас Чхамалиа
ААУ аҟны. Афото: Алхас Чхамалиа