Найти тему

АҦСУА-АДЫГА ДУНЕИ ЕИМАЗДО АҬҴААҨЫ

Тыжьын Али Чуреи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны адоктортә диссертациа ахьчараан
Тыжьын Али Чуреи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны адоктортә диссертациа ахьчараан

Февраль 10, 2021 ш. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧысит аҧсуа литература акафедра адоцент, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Тыжьын Али Чуреи лдоктортә диссертациа ахьчара иазкыз Зныктәи адиссертациатә хеилак аилатәара. Афольклористика азанааҭ иаҵанакуа адиссертант лтема иахьӡын "Ҭырқәтәыла инхо аҧсуа-адыга диаспора рқьабзтә, рашәаҳәара-инструменталтә традициа".

Адиссертациатә хеилак аилазаараҿы иҟан Аҧсни Нхыҵ-Кавкази рҟны еицырдыруа аҵарауаа: абызшәадырыҩцәа, афольклорҭҵааҩцәа, аетнологцәа, алитератураҭҵааҩцәа уҳәа. Адиссертациатә хеилак хантәаҩра азиуан афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Шоҭа Салаҟаиа. Ахеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ - афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаараус апроректор Џьулетта Адлеиба. Аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ - афольклорҭҵааҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Цира Габниа. 

-2

Аофициалтә оппонентцәас иқәгылеит: Т. М. Керашев ихьӡ зху Адыгеиатәи ареспубликатә агуманитартә ҭҵаарадыррақәа ринститут афольклор аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Нафсет Чуиакова, Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аетнологиеи антропологиеи ринститут Кавказҭҵаара аҟәша аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа алахәыла-корреспондент Иури Анчабаӡе, В. И. Абаев ихьӡ зху Нхыҵ-Уаҧстәылатәи агуманитартәи асоциалтәи ҭҵаарадыррақәа ринститут афольклори алитературеи рыҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ нага, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Диана Сокаева. Аҭҵаарадырратә консультант - Х. М. Бербеков ихьӡ зху Ҟабарда-Балҟариатәи аҳәынҭқарратә университет аурыси аҳәаанырцәтәи алитературақәеи ркафедра апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Зинаида Кудаева. 

Иазгәаҭатәуп, аҧсуа-адыга музыкатә фольклор атемала уаанӡа инарҭбаау аҭҵаарақәа аӡәгьы ишымҩаҧимгацыз, уи ахырхарҭала ари раҧхьатәи доктортә усумҭаны ишыҟалаз. Шьҭрала иҟабарда ҭыҧҳау, амҳаџьыр хылҵшьҭрақәа иреиуоу Тыжьын Чуреи аҧсуа-адыга музыкатә фольклор дазҿлымҳауижьҭеи акрааҵуеит, шықәсырацәала адәынтәи аматериал еизылгон. Лара илылшеит афольклортәи аетнологиатәи нҵамҭақәа шьаҭас иҟаҵаны Ҭырқәтәылатәи аҧсуа-адыга диаспора рашәаҳәара-инструменталтә культура аҭагылазаашьа аарҧшра.

-3

Адиссертациатә хеилак ахантәаҩы Шоҭа Салаҟаиа иқәгылараҿы иҳәеит, Тыжьын Чуреи лдиссертациатә усумҭа аинтерес ду шаҵоу, ишактуалтәу, ҳаешьаратә жәларқәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара, иҵегьы ҳаизааигәахара аус ишацхраауа. "Аҧсуааи адыгааи ҳдақәа ирҭаныҟәо шьакоуп", - иазгәеиҭеит академик. 

Аепидемиатә ҭагылазаашьа иахҟьаны хаҭала ахьчарахь изымааз Адиссертациатә хеилак алахәылацәа аилатәара рхы аладырхәит онлаин арежим ала, Zoom аплатформа ахархәарала.

-4

Ахьчара алҵшәақәа рыла, Адиссертациатә хеилак алахәылацәа зегьы еицҿакны рыбжьы рҭиит Тыжьын Али Чуреи афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор ҳәа аҵарадырратә ҩаӡара ланашьаразы.

Адиссертациа ахьчара иалахәыз апоет, ауаажәларратә усзуҩы, акыршықәса инеиԥынкыланы Аԥсуа-Абаза жәлар Адунеизегьтәи рконгресс маӡаныҟәгаҩ хадас иамаз, ажурнал «Аԥсны Аҟазара» аредактор хада Геннади Аламиа инаҵшьны иазгәеиҭеит, амҳаџьыр хылҵшьҭрақәа иреиуоу, аҟабарда ҭыԥҳа Тыжьын Али Чуреи Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны адоктортә диссертациа ахьылыхьчаз ҳаԥсуа-адыга диаспора зегь азы аҵак дуӡӡа шамоу.

«Тыжьын Али Чуреи дыздыруеижьҭеи уажәшьҭа 20-ҟа шықәса ҵуеит. Аконгресс аҿы маӡаныҟәгаҩ хадас саныҟаз аамҭақәа рзы, ажурналқәа аныҭсыжьуаз ауп раԥхьаӡа акәны Тыжьын даныздырыз, усҟан лара дқәыԥшын. Аха иубаратәы иҟан лаԥхьаҟа акрызлыҵуа аӡә лакәны дшыҟалоз, убасҟангьы ихацлыркхьан лара лыҭҵааратә усурақәа, зҵаарасгьы ишьҭылхуаз аԥсуа-адыга дунеи иазкыз, уи иадҳәалаз темақәан. Сара иахьынӡасылшоз ала азҿлымҳара лзызуан, ҳжурналқәа рҟны лассы-лассы данысҵон. Акыр аинтерес аҵоуп Тыжьын лхатә ҭоурых: Ҭырқәтәыла далыхәхәа лыԥсадгьыл ахь, Ҟабардаҟа дгьежьит, уа аурыс бызшәа лҵеит, ашьҭахь аԥсуаа даҳҭацахеит. Ажәакала, Тыжьын Али Чуреи аԥсуа-адыга жәлар рыбжьара хьтәы цҳаны даҳзыҟалеит. Дызҿу аус – ус дууп, аԥхьаҟагьы ақәҿиарақәа ҳазшаз илаҭәеишьааит!» – иазгәеиҭеит Г. Аламиа.

Т. Чуреи адиссертациа анылыхьча ашьҭахь
Т. Чуреи адиссертациа анылыхьча ашьҭахь