Иацаҳҵоит ажурналист, агазеҭ "Аҧсуа университет" аредактор хада Алхас Чхамалиа ихатәы проект "Аамҭа агәеисыбжь".
Ишәыдаагалоит арҵаҩы, аҵарауаҩ, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афизика-математикатә факультет напхгара азҭо, аматематикатә анализ акафедра аиҳабы, аҭҵаарадырра зҽаҧсазтәыз аусзуҩы, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Ниазбеи Лука-иҧа Ҧачлиа изку адырраҭара.
Авидео
- Апроект автор Алхас Чхамалиа
1996 шықәса раахыс, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Алықьса-иҧа Гәарамиа ибзоурала, ҳара ҳҵараиурҭаҿы иаартуп афизика-математикатә факультет иҭало рзы ҽынла-латәарадатәи азыҟаҵаратә школ.
Ари аус аиҿкаара аганахьала раҧхьаӡа аинициатива аазырҧшыз дреиуоуп афакультет адекан, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, апрофессор Ниазбеи Лука-иҧа Ҧачлиа. Иара иажәақәа рыла, аханатә инаркны азыҟаҵаратә школ аус ауеит еиҧҟьарада, хықәкы хадасгьы иамоуп ҳтәылаҿы аматематикатә школ ашьҭыхра, арӷәӷәара.
Аҽазыҟаҵарақәа рахь иныҟәо реиҳараҩык ақыҭақәа рҟны инхо, амаҭәар бзиа избо, заҧхьаҟа зыҧсҭазаара аматематика ма афизика иадызҳәалар зҭаху роуп. Азыҟаҵара мҩаҧысуеит ҷыдала иаҧҵоу апрограммала, иалкаауп еиҳа ахшыҩзышьҭра зҭатәу атемақәа, ашкол аҿы иҧсыҽны аус зыдулоу.
Иазгәаҭатәуп, аханатә аахысгьы араҟа азыҟаҵара шымҩаҧысуа хәыда-ҧсада! Аҿар арахь иныҟәоит мчыбжьык ахь знык, сабшала. Аматематика амаҭәар дырзаҧхьоит Ниазбеи Ҧачлиа, афизика - Иана Гыцҧҳа, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент.
Иахьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет афизика-математикатә факультет аҟны аҵара ддырҵоит х-хырхарҭак рыла: аматематика, ахархәаратә математика, афизика. Азыҟаҵаратә школ ахь иныҟәо ракәзар, арҭ ахырхарҭақәа рахьтә иалырхуеит дасу иргәаҧхо.
"Аҿар аус рыдулара, разыҟаҵара иҧшьоу уск исзаҩызоуп, избанзар арҵаҩра ари сара сыҧсҭазаара ауп. Араҟа ҳзықәныҟәо апрограмма анаҩсан дасу хаҭала ҳрызнеиуеит: еилаҳкаауеит ирдыруа-ирзымдыруа, ашкол аҟны изхысыз-изхымсыз, еиҳа ахьысҳара ахьрымоу, нас ирзеиҭаҳҳәоит, иреилҳаркаауеит, идҳарбоит. Аҵыхәтәаны, изхысыз ҳалацәажәоит, ишьақәҳарӷәӷәоит. Реиҳараҩык, шамахамзар, аҵара рҭахуп, рхы азцоит. Сара сыхәҭаахьалагьы ак рыгсыжьуам. Алҵшәа бзиақәагьы ҳамоуп", - иазгәеиҭеит Ниазбеи Ҧачлиа.
Иахьазы зыӡбахә ҳамоу ари азыҟаҵаратә школ ахь иныҟәоит 19-ҩык аҿар. Урҭ аҵараиурҭа хәыда-ҧсада ирзаҧнаҵо алшарақәа ишахәҭоу еиҧш ахархәашьа изақәшәар, иреиҳау аҵара аҭаларазы амҩа рзаатуеит.
Ҳаҭыр зқәу Ниазбеи Лука-иҧа!
Гәык-ҧсыкала ишәыдаҳныҳәалоит шәиубилеи. Ишәзеиӷьаҳшьоит агәабзиареи ақәранҵыра дуи!