Найти тему

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны имҩаҧгахоит азеиҧшмилаҭ лингвистикатә форум

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет Алингвистикеи аинформациатә технологиақәеи р-Центр аинициативала апрель мзазы имҩаҧгахоит Алингвистикатә форум - Азеиҧшмилаҭ лингвистикатә Еизара Ду. 

Афорум атема:

"Аҧсуа бызшәа аиқәырхара, арҿиара, Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рҟны ахархәара"

Афорум апроблема хада: аҧсуа бызшәа аиқәырхаразы, арҿиаразы, ахархәаразы, Аҧсны Аҳәынҭқарра аусбарҭақәа рҟны аларҵәаразы Иакыу аконцепциа алхра.

Афорум аусурахьы иааҳаҧхьоит:

ахәыҷбаҳчақәа, ашколқәа, абжьара-занааҭтә ҵараиурҭақәа, ауниверситет, аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа русзуҩцәа, еиуеиҧшым аилазаарақәа рхаҭарнакцәа, Жәлар Реизара иалахәу, аҳәынҭқарратә усзуҩцәа, иара убас аҧсшәа згәы азыбылуа. 

Ажәахәқәа ҟазҵо ируалуп дасу дызхаҭарнакыу аусбарҭаҿы абызшәазы ихәарҭаны Иакыу аконцепциа иалагалатәны ирыҧхьаӡо азгәаҭақәа рыҟаҵара.

Ажәахәқәа ирзыҧҵәоуп 10 мин. рҟынӡа.

Ажәахәқәа ртемақәеи ртезисқәеи аашьҭлатәуп ҳазҭоу ашықәс апрель мза 12-нӡа аелектронтә ҧошьҭахь: centrLiIТ@yandex.ru (мамзаргьы инагатәуп Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҭҵаарадырра аҟәшахьы). 

Афорум мҩаҧгахоит ҳазҭоу ашықәс апрель мза 28 рзы (ари арыцхә наскьагахар ҟалоит ареспубликаҿы иҟоу аҧкрақәа ирыхҟьаны) Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет азал ду аҿы. 

Афорум аусура хыркәшахоит аҧсуа бызшәа апроблемақәа рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҧсны Аиҳабыра рахь ажәалагала аҟаҵарала.