Аҧсышәала иҩу, адунеикаҭаҿ ицәырҵуа анҵамҭа ҿыцқәа мшызҳа ирызҳауам, урҭ рхыҧхьаӡара есааира иагхоит. Ари аҭагылазаашьа зегьы еицгәаҭаны ирымоуп, аха уи иахҟьаны асаркьал аӡәгьы дасуам, уамак ҟалеит ҳәа аӡәгьы иҧхьаӡом. Исызцәырҵуеит агәаанагара, аҧсуаа рбызшәа ҧеиҧшк шамам еилкааны рхы мҩаҧыргозшәа. Бызшәада ҳара ҳаӡуеит, ҳтәылагьы ҳцәыӡуеит. Иахьа сырзааҭгыларц сҭаххеит сахьала иҩычоу, еиуеиҧшым ажәларқәа иаҧырҵаз ажәаҧҟа хьыршәыгәқәа.
Иҟоуп аҭырқәа жәаҧҟак, «аӡын ахырҵәы зҭаху, ажә иџьыба иҭартәаны имазароуп» ҳәа. Уи аҵакы абасоуп ишыҟоу: узҿу аус алыҵшәа аиур уҭахызар, иахәҭоу аџьабаа убароуп.
Иҟоуп аиспан жәлар ражәаҧҟа, «амаамын абырфын маҭәа ашәызаргьы, ишмаамыну инхоит» ҳәа. Уи иаанаго абриоуп: амаҭәақәа иагьа иурҧшӡаргьы, урҭ рҵакы рзыҧсахуам.
Араҧцәа ирымоуп жәаҧҟак: «Ан лыблала амаамын хәыҷгьы ашьабсҭеиҧш иҧшӡоуп». Ари зыхҳәаау еилкаауп: анацәеи абацәеи рзы рыхшара хәҷыжәларс иҟоу зегьы иреиӷьуп.
Азулусцәа ражәаҧҟа: «Зегь реиҳа иҧшӡоу алаҳагьы лассы-лассы ахәацқәа аӷроуп». Уи аҵакы: дарбанзаалак ауаҩы иҿынҧшыларала уихымцәажәан.
Афранцызцәа ражәаҧҟа: «Абгахәҷы ҧҳәысс акәты азааумган». Уи аҵакы: маҭәарқәак еимарам, реидҵара ахәҭам.
Иракаа ирымоуп жәаҧҟа бзиак, «зегьы зхароу ацгәы ауп» ҳәа. Уи аҵакы: имариоуп иуқәнагоу аҭак ззымҳәо ахара идҵара.
Иҟоуп адунеиаҿ Сьерра-Леоне ҳәа ҳәынҭқаррак. Уаҟа инхо ауаа ирымоу ари аҩыза ажәаҧҟа: «Ахәацгьы агәахы ҧжәар ауеит» ҳәа. Уи аҵакы: дарбанзаалак ауаҩы ичҳара хыжжыр ауеит.
Акитаицәа ражәаҧҟа: «Ҵәыцак-ҵәыцак есыҽны ‒ унхоит 99 шықәса рҟынӡа». Уи аҵакы: угәаҳәара маҷк аҟара уацныҟәар ҧырхагам.
Алманцәа ражәаҧҟа: «Мыцхәы зыҧсы зшьауа ажьакца иҿықәлоит». Уи аҵакы: иахьынӡашәылшо маха-шьахала шәласыз, ишәыхәоит.
Араҧцәа ражәаҧҟа: «Ацха зфаз иҧаҵаҿы иаанхоит». Уи аҵакы: ахара зду ҟәыхла деилукаауеит.
Ашведцәа ражәаҧҟа: «Иаҧсам амахә узықәтәоу аххра». Уи аҵакы: шәхаҭа ишәаахараны иҟоу аус шәымӡбалан.