Найти тему

Абиблиотека аус зыҧсҭазаараз Шьулиа Гәарамиаҧҳа лгәалашәара иазкны

Иҵит шықәсык Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аколлектив дрылагыламижьҭеи урҭ доуҳала изырҧшӡоз, ираҧхьагылаз, гәаҭала ибеиаз, зажәа ҟәандала еснагь зегьы ргәыҟаҵашьа иақәшәоз, хылҵшьҭрала иуаҩ нагаз, аамсҭашәара ду злаз, аҧҳәыс-аҳкәажә ҳәа ззырҳәоз, шықәсырацәала ҳмилаҭтә ҵараиурҭа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҭҵаарадырратә библиотека иазааҧсахьаз, уи напхгара азҭоз Шьулиа Самсон-иҧҳа Гәарамиаҧҳа. Лара лыҧсҭазаара далҵит апрельмза 5, 2020 шықәсазы.

Зқьиара, зуаҩра зхы-зҿы ианубаалоз Шьулиа Самсон-иҧҳа, дҳалалын адунеи азна. Аха аҧсҭазаараҿы илыцымныҟәаз ллахьынҵа иаҳа-иаҳа илныруан, илхьаауан... Акгьы лынмырҧшӡауа цәашьҵас длашон, илырлашарц лыкәшамыкәша зегьы, аха ҩнуҵҟала абылра даҿын, дбылуан. 

Иҵит шықәсык, аха аҧсҭазаара ду аҿаҧхьа аамҭа егьамчым. Иҵышт жәашықәсагь, шәышықәсагь, зқьышықәсагь, ҵыхәаҧҵәарада аамҭа мҩаслашт. Аамҭа иамам ҳәаа, ҳара ҳауп имҩасуа. Ихадароу - ҳашьҭахь иаанхо, иаанҳажьуа агәалашәара ауп. 

Иуадаҩуп Шьулиа Самсон-иҧҳа ииасхьоу аамҭала лыхцәажәара. Цәала-жьыла ари адунеи лыҧсахзаргьы, доуҳала дҳацзаауеит: ахәыҷы иҟынӡаҵәҟьа зхы назгоз, аиҵбацәа рыгәшәа ҳәаны рацәажәашьа зҽақәзыршәоз, иахьаҭахызгьы ацәаҩа ҷыда аазырҧшуаз, гәаҭала иӷәӷәаз, агәаӷьра ду злаз...

-2

Лыҧсҭазаареи лусуреи рҿы лҧышәа дуӡӡан, уи аҿар ирымалдон. Инасыҧын лааигәа агылара, лыҿцәажәара: лабжьгарақәа мҩақәҵаган, лажәа ааӡаган.

Ауниверситеттә газеҭ аредакциаҿы аусура саналага инаркны еиҳагьы исзааигәахеит, еиҳагьы исбарҭахеит ари аҧҳәыс-аҳкәажә, абырг лаша лхаҭара. 

Изныкымкәа исҳәахьеит - ҳгазеҭ аномер ҿыц шааҭыҵлак еиҧш, иаҧхьаны иагу-иабзоу азы згәаанагара зҳәоз раҧхьа дгылан лара. Уи лгәаанагара, лабжьгарақәа сара сзы еснагь акыр рыҵаркуан. Ганкахьала, сылцәыҧхашьон, аха даҽа ганкахьалагьы, лацәажәара сазыгәдуун. Мышқәак схабар аалымбар, аҭел дасуан, дсазҵаауан, лусурҭа ауадахь сналыҧхьон, дазҿлымҳан агазеҭ.

-3

Еснагь лгәы иҵхон абиблиотека аус. Убри аганахьала гәаартыла лыгәҭыхақәа еиҭалҳәон. Изныкымкәан абиблиотека аихьӡарақәеи уи аус шеиҿкаатәу, аҧхьаҟа ишеиӷьтәу иазкны агазеҭ азы астатиақәа лыҩхьан. 

Лыҿцәажәара гәахәаран, лдыррақәа рацәан: ажәытә-аҿатә лара дызхааныз, дызхаанымызгьы налаҵаны. Иааҧымҵәаӡакәа дцәажәаландаз уҳәарын. Лара илдыруан ажәытә ажәабжьқәа маҷымкәа, дахьииз, дахьааӡаз, раҧхьаӡа акәны лшьаҿа ахьеихылгаз Гәыҧ, Аранаа инаркны, ишырҳәо еиҧш, Рҩани Дәҩани рыбжьара инеиҭарҳәа-ааиҭарҳәоз ахҭысқәа, аҳәамҭақәа...
Шьулиа Гәарамиаҧҳа лколлегацәеи лареи
Шьулиа Гәарамиаҧҳа лколлегацәеи лареи

Шьулиа Самсон-иҧҳа лцара - хьаа дууп зегь ҳзы, харҭәаашьа змам цәыӡ дуӡӡоуп ҳҵараиурҭазы, ҳбиблиотеказы. 

Дҳагхеит ауаҩы лаша. Аха аира зшаз - аҧсрагьы ишеит. 

Лыҧсаҭа бзиазааит! 

Лгәалашәара лаша наунагӡа иҳацзаауеит.

Алхас ЧХАМАЛИА

агазеҭ "Аҧсуа университет"

аредактор хада

  • Авидео (А. Чхамалиа ихатәы архив) ⤵️