Слово «Анцәа» (Анчва́ ‒ Бог) в романе Баграта Васильевича Шинкуба «Ацынҵәарах» (Ацынтзвара́х ‒ Последний из ушедших).
• Абри Анцәа дзықәшәихьаз аҭыҧ хара саҧырызгашаз амч акәӡан исыхоз...
• Адунеи ҳара ҳзы иааҳәит, Анцәа ҳаицәымыӷхеит, ишубо!
• Алоу-иҧа Шьардын шәыӡӷаб Анцәа ишиҳәара дыҟоуп ҳәа ҳаиҳәалон акәымзар, абар хымз нҭакәкәа инҵәеит Џьуна лхабар ҳәа акгьы ҳаздыруамызт.
• Анцәа дуқәныҳәааит, дад, иацназго аамҭа уоугәышьар, егьызеиӷьым хаҵаны угылеит!
• Анцәа игәарԥханы иимшаз абни, иҟаиҵалак дзақәиҭузеи?
• Анцәа иҟнытә, ҽадахәак ҳамагәышьан, ҳнаплых нақәҵаны, ма Сиҭ, ма сара аџьармыкьахь ҳдәықәлон...
• Анцәа илҧха лоуааит, сара сызҭахыз ари ҳҭаца хәыҷы лакәзаап! – нахысҳәааит саргьы.
• Анцәа исиҭаз гәыкала сазыразны ишәымҵасҵеит, шәнапы ашәыркы, шәыххь згеит!
• Анцәа иуимырбааит, уи аҵкыс еицәоу агәыҭҟьага уаҩы иаҳараны иҟам!
• Анцәа иҳаҭәеишьаз акы хнацҳап, дад, унапы аркы.
• Анцәа иҳәаны, уи лареи сареи ҳанеиқәшәа, дсыманы аҩныҟа сдәықәлоит.
• Анцәа иџьшьоуп ҳәынҭқарра мчра ӷәӷәак ахьумпыҵакым, иара уахык аублаақәа уҳалгон... Иудыруазааит, аублаак адунеи дықәнаҵ ушәира дшаҟәымҵуа, уҧсахыҩ цәыршәаганы игәаҿы ушаанхо!
• Анцәа ҳазшаз уиҵаҧшны, иаҳзаарҧш ауаатәыҩса рахь абзиабара иумоу, ҳаҭга ҳазҭашәаз џьаҳаным ҭылашьцара.
• «Анцәа ҳаицәымыӷхеит! Ари адгьыл ҳақәҵран ҳаҟазар акәхап. Иаха иҟьаҟьаӡа иаашаанӡа абамба сы иауа-иауа мацара, ҳашьхақәа, гәаҩеи ҧсҭеи узгәамҭо ихырҩаҧшьааны иаалгеит…».
• Анцәа ҳаицәымыӷхеит, ашәиҧхьыӡ иҳашьҭеиҵаз иахьабалак иҳашьҭоуп! – дналагеит, сҽы дақәтәаны дахьааиуаз сашьа.
• Анцәагьы дихамышҭызаап!» – аасгәахәит аҭаҳмада иажәақәа: «Анцәа иҳаҭәеишьаз», «Ԥсымиллаҳ» анаасаҳаҵәҟьа.
• Арахь ҳара ҳажәлар ҳрызҵаап, ирҳәо ҳазыӡырҩып, ираҳҳәаша, Анцәа иҟнытә, уажәшьҭа иаадыруеит!
• Аха Анцәа ҳазшаз иџьшьоуп, имыӡзаап аҧсуаа рыжәла, иӷьацазаап рдаракәац!
• Аха сара сыгәжәажәара заҳауадаз, ауаа сшырхашҭыз еиҧш, Анцәагьы сихашҭхьан...
• Ахаҵарԥыс данырзилак ҳажәла Анцәа азирҳааит ҳәа аҟәҟәа ихысуаз, ашәырҵәҟьа аџьармыкьахь икылганы аҭира ҧхашьароуп ҳәа изыҧхьаӡоз, иабакылси, рыцҳақәа!
• Аҵлақәа ирыхьыз умдыруеи Анцәа иҟны ианнеи? «Аиха ҳахнашьааӡоит, џьара еиқәырхашьак ҳаҭ!» – рҳәеит дара. «Аиха зларҟьо аихахәы шәара ишәжьуп-ишәцәоуп, сара ишҧаҟасҵари?» – аҭак ҟаиҵеит Анцәа.
• Аҵәцақәа шәаԥхьа иқәгылоуп, уажәшьҭа, Анцәа, улыҧха ҳаҭ, ҳәа аҩы акака аанышәкыларгьы қәнагоуп».
• Аҩныҵҟантә исаҳауеит ӡҟык иҵәыуабжьы, агәды-гәды ахгоит игара ахьҵысуа, инхагәышьазаап ҭынч ҭаацәак, изысшәирызеи, Анцәа рызирҳааит, аха иабаҟоу сара стәқәа: сан, саб, сашьа, саҳәшьцәа?..
• Даара иҭабуп, Бирам, Анцәа усзааигазшәа ауп сара ушсықәшәа, сусқәа урманшәалеит, уџьабааҧса сырӡрым, – сҳәеит сара.
• Дахьнеиуазгьы Анцәа ихаҭа дырҭаазшәа иеигәырӷьаны иҧылон, аҧсхых иқәызгьы – уажәшьҭа акгьы смыхьыр ҟалап ҳәа игәы ааӷәӷәахон.
• «Закәызеи, мшәан, аҵлагәаҩа иҭиааз аублаак, акымзарак знапы ианӡам аӡәы, амҳаџьырқәа нцәас дрыҧхьаӡоит, иара ииҳәо ада акы ныҟәыргом!
• Иаб, усгьы имал-ишьал зҳәаз еиҧш, илшартә дыҟан, Анцәа иҟынтә, иӡбеит аҵара иирҵарц, аха имацара џьаргьы ишьҭра иҭахымызт.
• Иагаумҳәан, ашьхарыуаа Урыстәыла аҳәынҭқарра ианыҵыз ҳакәымзи, ҳрыцҳаишьазар акәхап, Анцәа илҧха иауртә, иҿынеихан, вали Омер-ҧашьа иҿы днеит.
• Издырит арҭ Анцәа иҵаҧшуаз џьоук шракәыз, иаазықәшәоз аҧсцәа анышә иаҭо иааиуазаарын.
• Изиҭаххазеи, Анцәа злыҧха ҳаура, ахаангьы цәгьара зымуц абасҟак иргәаҟра?
• Инапы кыџьқыџьқәа рыла акыраамҭа илархаҩархо икын, Анцәа идырп урҭ аҭаҳмада игәаладыршәоз...
• Иудыруеит, Саид, сышҩыҵшәаз инаркны Ҳаџьы Кьарантыхә сара сзы дныхан, дынцәан, аха ашьҭахь, ҳабџьар шьҭаҵаны амшын ахылара данақәшаҳаҭха, сара сзы дыҧсит.
• Ишудыруа еиҧш, Анцәа ауаа еиҧшны ишеит, аха џьыбаҭыхла еиҟарамзарц ақәиҵеит.
• Иџьасшьон сара џьоукы-џьоукы иаразнак рықәҵәиаара: мшәан, иацы Таҳир нцәаҵас дызбоз, иахьа, иҟоуҵәҟьа еилымкааӡакәан, дҳаӷоуп, дҳамшьыр ҳхәарҭам ҳәа иаақәгылеит.
• Каирҟа иаауаз тәым чаландарк сахьыԥшит, Анцәа иҵаҧшуаз уаазар акәхарын, алмҩанык крысҿарҵон, крысдыржәуан, саахәара, сыҭира иашьҭамлеит.
• Нас «Анцәа улҧха» ацымхәрас «ҧсымиллаҳ!» иҳәан, ацхаӡҩа днаҿыхәан, ихәы инапы наиркит.
• Нцәак иеиԥш ҳухәаҧшуеит, дад Таҳир, нас иҳауҳәозеи?
• О, Анцәа ду, ҳахьнеилакгьы ҳашә аумыркын! – саб дааныҳәаныҧхьаны ашә ныдиҵеит.
• О, Анцәа злыҧха ҳаура, абри еиҧш ахлымӡаах лахьынҵас ирымазма ашьхарыуаа зегьы?
• О Анцәа, злыҧха ҳаура, абриаҟара алаӷырӡ абаҵәахыз уажәраанӡа!
• О, Анцәа злыҧха ҳаура, ауаҩы мыжда дышҧагәыӷырҭадахо, дегьшҧарыцҳахо, уаҳа иҧсадгьыл ахь хынҳәышьак шимам идыруа, тәым дгьылк дангәаҟло, иуахҭа даназыԥшу!
• О, Анцәа злыҧха ҳаура, уҧсы шҧаҭахеи, укнаҳаны уршьит ҳәа акәын ирҳәоз.
• Саб Ҳамырза дызлаз ҳаҭыр иқәырҵон, хар змам аӡәы ҳәа дыҧхьаӡан, дуаҩыразын, Анцәа ииҭаз ичеиџьыка хәыҷы инапы иқәҵаны дгылан, иҿцәажәарагьы хаан.
• Сҽеиқәсыршәеит, уажәшьҭа Анцәа иҳәозар, cгәы ҿзырҩааз сыгәҭыха анагӡараз амҩа сықәлоит.
• Сышхынҳәыз заҳаз сызгәалашәоны иҟаз зегьы Сиҭ иҩны иааины сырбон, Анцәа иџьшьоуп, узгаз рымшра ааугеит ҳәа исыдныҳәалон.
• Уа, Анцәа ду, шьарда зымчу! Уа, жәларак ҳаҧсы хаа знапы цқьа иану, ҳлахьынҵа аныршоз иацыршаз иаҳхылаҧшхәу, Быҭха! Улҧха ҳаҭ, угәыҧха ҳаҭ!
• Уа, Анцәа злыԥха ҳаура, ари еиԥшгьы аӡәыр даниахьоума, аублаа гәықәхақәа зегь ҳахьырц ҳаҟан акәымзар!
• Уа, Анцәа иџьшьоуп, уеибганы уахьызбаз, Заурҟан! – сыжәҩа днахьынҧашалеит.
• Уа, Анцәа, улыҧха ҳаҭ, иаҳҭоу уныҳәаз, иаднагалазгьы абзиара шәыгымхааит!
• Уа, Анцәа, шьарда зымчу, улыԥха-угәыԥха ҳагумыжьын, амҩа ҳақәлоит.
• Уажәшьҭа, Анцәа иҳәозар, ажәларқәа ҭынч аамҭак рзыҟалап ҳәа уаҩ дақәгәыӷыртә иҟоуп.
• Уажәы-уажәы: «Анцәа, улҧха ҳаҭ!» ацынхәрас, «Аллаҳ, улҧха ҳаҭ!» – зегьы ирҿакын.
• Уара, Заурҟан, сара саҵкыс насыҧла уеиӷьуп, Анцәа иуҟәырхуп, аха ара уеибганы узҭымҵыргьы, иубаргәузеи, уҧсадгьыл узныҵыз абырлашрақәа зегьы убла иабахьеит!..
• Уара иарбан дину иумоу ҳәа дсазҵаар ҳәа сшәоит, аха Анцәа иҟынтә, Заурҟан уи далацәажәаӡом, сара акгьы шхасымҵо идыруазшәа.
• «Уара иушьуа Анцәа дишьуам» ҳәа, аамҭак изыҟалан, иразҟымҩа даҽаџьара ахы архар?
• Угәы иҭоу Анцәа уахьигӡааит, дад!
• Угәы иҭоукыз ҳақ усуп, Анцәа уахьигӡааит, дад Таҳир!
• Уи аамҭазы сара сзы нцәасгьы, џьаамасгьы, ныхасгьы иҟаз, сызлааиуаз агәарабжьара ахьаанҵәоз игылаз, жәлар рҵеи бзиахә Таҳир инапала иҟаиҵаз, аҩны хәыҷы акәын.
• Уи, асас Анцәа дысзааишьҭит ҳәа ауп дышихәаԥшуа, уареи сареи хазы ҳнеицәажәап, абзиаразы! – иҳәан, дҩагыланы дцеит.
• Уи даман аныхаҧааҩ, «аныха амаа зкыз», ауаҩытәыҩсеи аныхеи ирыбжьаҟазоз, «хыхь иҟоу Анцәа ду» иахь еиҭазҳәоз ажәлар аныха ишазгәаку.
• Уи дшысхагылоу сара Анцәа сшьы!.. – дцәажәон сан, лчымазара аҵкыс лааӡамҭа хьаас дҟаҵаны...
• Ус аматанеирагьы сналагон: «Уа, шьарда зымчу Анцәа ду! Суҳәоит сгәаҟрақәа рҵыхәа ҧуҵәарц!
• Ус ауп; аа, Анцәа ихьӡала ацәгьа дыршуан, асулҭан ихьӡала азакәан еиларгон...
• Ус ҳалахь ианызар акәхарын, угәы каумыжьын, Анцәа ииулак зегь бзиоуп, ҧыҭрак уааҧшы, аиҳабыра ангылалак, ирӡбуа усгьы иуаҳап.
• Ууаҭәа абаҩ еибгоуп, Анцәа урыцҳаишьеит, уеибганы аҩныҟа ухынҳәит!
• Ҳаҧсы шҭоугьы, ари анышә иаҳҭаз раҵкыс ҳрыцҳауп, ари азҩаҿкы изацәцо ҳакәӡам, ҳанҧслак ҳазжуа дҟамлакәа, алеи абгеи рзы адәы ҳақәхозар акәхап! – рҳәан, Анцәа илҧха роуратә, еиқәанҵәаз ҭаацәак иахьынӡалшоз ирҧшӡаны, иҩагыланы ицеит.
• Ҳара нцәак уаҳзиҩызоуп, Соулаҳ, иаҳа ҳанеицәазгьы агәышьҭыхга ҳауҳәон, иахьатәи уцәажәара, иҟалап угәамбзиара иахҟьазар.
• Шьарда зымчу ҳабацәа рныха ду акажьра заҟа иаҳзымариахаз жәдыруеит, ааигәа зны ишаҳзырҳәаҵәҟьаз, нцәа дызмам жәларуп ҳара!
• Ҩыџьа аублаақәа, аҩыџьагьы адин амаҵ азызуаз, ҳадгьыл аҿы ҳаныҟаз аахысгьы ҩ-нцәак реиҧш ҳазхәаҧшуаз, аӡәы – имам Саҳаҭқьери, егьи – ҳныхаҧааҩ Соулаҳ, ҳахьааиз адгьыл аҿы ааибышьа рымамкәа, ахҟa рыбжьалеит.
• Џьоукы Аллаҳҭаала иҵаныҳәон аџьаамақәа рҿы, егьырҭ – ашкәакәақәа мчыла ирыдырцалон ақьырсианра, динс ишьҭырххьан, даҽаџьоукыхгьы аҵла ҧшӡақәа рымҵа амра нцәа иҵаныҳәон.