Найти тему

Алықьса ГОГӘУА: «АҲӘЫНҬҚАРРА ЕИҲАУ УС ҲАМАӠАМ. АҲӘЫНҬҚАРРА АМАҴ ААУРОУП ЗЕГЬЫ»

Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Ноча‑иҧа Гогәуеи ажурналист, Аҧсны ажурналистцәа реидгыла алахәыла, агазеҭ «Аҧсуа университет» аредактор хада Алхас Чхамалиеи реиҿцәажәара

Алықьса Гогәуа
Алықьса Гогәуа

– Алықьса Ноча-иҧа, иаҳҭахуп иахьатәи ҳаицәажәара хацҳаркыр, абжьааҧнытәи аиҿцәажәарақәа иреиҧшны акәымкәа, маҷк даҽакала, даҽа ҵкарк инықәырҧшны. Шәара иаҧышәҵахьеит ҧсра зқәым арҿиамҭа ссирқәа, ҳаҧхьаҩцәа бзиа ибаны изыҧхьо, изыхцәажәо. Урҭ ҳаҧсуа классикатә литератураҿы иаарылыҳәҳәо ҧҵамҭақәоуп. Аха иахьа хықәкыла ҳаззааҭгыларц иаҳҭаху алитература акәӡам, Шәара шәхаҭара ауп: шәдац-ҧашә, шәыҧсҭазааратә мҩа, шәҧышәа, шәлаҧшҳәаа, иахьатәи ҳаамҭа иазкны шәгәаанагара, иахьеи-уахеи шәзызхәыцуа, шәгәырҩа, шәхьаа… Ҳарзыхынҳәып хараӡа имҩасхьоу ашықәсқәа, ҳазааҭгылап шәыҧсҭазаара ахыҵхырҭа, шәхәыҷра.

– Сара Аџьамҧазра сиит. Уи ахьӡ ахьынтәаауагьы ҳара ииашамкәа еилаҳкаауеит: «аџьамҧазиа» (бузина) акәӡам, избанзар «бузина» ҳәа изышьҭоу иара Урыстәылагьы ирдыруа иҟалеижьҭеи акгьы ҵӡом, Американтәи иааит. Аџьамҧазра ҳәа – ари ажәытәӡа аахысгьы иахьӡын, аџь амҧан азара ҳәа ауп иаанаго, азара – ашәарыцара. Исгәалашәоит, иара сара схаангьы Аџьамҧазра хыхь зегь џьран, ҟьаҟьаран, шәарыцарҭа ҭыҧын. Ашьҭахь уи зегьы ықәганы ачаирҭақәа ҟарҵеит егьит... Аџьамҧазра исхызгаз сышықәсқәа, санхәыҷӡаз инаркны, еиҳагьы исгәалашәоит, ашьҭахь исхызгаз сышықәсқәа раҵкысгьы. 

Саб нхаҩы ҳасабла дыбжьаратәын, ҵара имамызт, аха даара длакәҳәаҩын, дажәабжьҳәаҩын. Уажә иахьысҳәо акалашәа иҟоуп, аха убасҟан днартәаны иааидыруаз алакәқәа, ажәабжьқәа зегьы анҵазҭгьы, институт дуӡӡак иазхон, убриаҟара ирацәаны идыруан, нҵәашьа ақәӡамызт. Ҳара ҳҟны убас иҟан, зны-зынла жәаҩык-ҩажәаҩык еицны иаауан, аӡыс шьны ирыманы, итәаны ирфон-иржәуан, нас иаашаанӡа жәабжьҳәаран, лакәҳәаран ицоз. Итәаны абри саб еиҭеиҳәоз иазыӡырҩуан. Усҟан сара аҩышьагьы здыруан, аха акы анысҵартә аҭагылазаашьа абаҟаз… Ахәыҷқәа зегьы шьыжьы инаркны хәлаанӡа аус аауан, адуцәа ҳрывагыланы. Сара 9-шықәса анысхыҵуаз нахыс ацәмаа аанкыланы сцәаҕәон. 

Ҳаҩнаҭа зегьы зхагылаз сан рыцҳа лакәын, лџьабаа ҕәҕәан. Илкуаз-илшьҭуаз зегь маншәалан, афатә иҟалҵоз агьама иахьагьы исгәалашәоит. 

Арахә ҳаман, ашьамаҟа, аҧсаса уҳәа. Ҳаџьмақәа ракәзар, убриаҟара хьарала ибзиан, жәхьак иамҵуаз аҟара ахш рымҵуан. Аџьамҧазра иахьагьы иҟоуп аҭыҧ, Џьыкчарҭа захьӡу, ҩбаҟа гектар раҟара зҵазкуа адәы, сара схаан акәшамыкәша зегь шыцран, ҳарахә убрахь илбаацаны аџьыка раҳҭон. Убри аҩгектарк иабашаз арахә иман сабду, ачнырцәа иман. Уи даара дуаҩ беиан, дагьуаҩкын, Хындыгә ихьӡын (иҧшәма, сара санду – д-Арышҧҳан). Сабду инапы иазымдыруаз акгьы ыҟамызт, дагьҟазан, инапала ауаџьаҟ ҟаиҵеит усҟантәи аамҭазы.

Гогәуаа ҳанхон уа, Аџьамҧазра, нас – Какәбаа, Каҷабаа, Гьемуаа, аҧсҭа Гәарамиаа, Зыхәаа нхон, бзиагьы иҟан. Нас зегь сгәалашәом уажәы… Дочиаа ыҟан, Қапаа, Шамаа уҳәа ирацәаҩын, Аџьамҧазра зегьы ҭырҭәааны ауаа нхон. Иахьа бжеиҳан адгьылқәа ҭацәуп, ауаа маҷхеит. 

Алықьса Гогәуеи Анатоли Лагәлааи ажурнал "Алашара" аредакциаҿы
Алықьса Гогәуеи Анатоли Лагәлааи ажурнал "Алашара" аредакциаҿы

Аџьамҧазра, ажәытә Маршьанаа иртәыз ҩнык аҿы алагарҭатә школ ыҟан, 4‑класск аман, убра сҭалеит. Ашкол ахь сцаанӡа аҩреи аҧхьашьеи саҳәшьцәа еиҳабацәа исдырҵахьан. Аҵара бзианы исҵон. Ашьҭахь Тҟәарчалҟа сиасит. Ҳәарада, Аџьамҧазра ашкол ааигәан, аха Тҟәарчал ашкол ахь ҳцарц азыҳәан Ҕьаџьыргьы ҳаруан, Аалӡгагьы. Ааигәа цҳа хӡамызт, уакәшаны уцарц уалагар, ихаран. Исгәалашәоит, зны аӡы ҳшыруаз саҳәшьа рыцҳа дысцәагарц акааҳагымхеит. Аалӡга ӡы бааҧсуп, ауаа рацәаҩны иагахьан, Ҕьаџьыр акәзаргьы, ианхыҵуаз ҳаҕеимшхара. Аха сара сшыруаз аҽгьы зыруамызт, убриаҟа сашьцылахьан, исҵахьан аҧан. Абарҭ аҩӡык урырны узцар, Тҟәарчал ашкол ҳахьҭаз аҟынӡа 8 километрк раҟара бжьан.

– Шәара шәхәыҷра шықәсқәа Сталин иаамҭа иадҳәалоуп, шәахаануп 1941—1945 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡа. Шәгәалашәараҿы ишҧаанхеи арҭ ашықәсқәа?

– Аибашьра ду анцоз алемс иҳаирпланқәа Очамчыра еснагь абомбақәа аларыжьуан, ашьҭахь Тҟәарчалгьы иаларыжьит, егьырҭ ақыҭақәа рҿгьы. Амала, ҧсыҭбара ҳәа акгьы ҟамлеит. Аха убринахыс еснагь «атревога» ҟарҵо иалагеит, иара ҳара ҳҿгьы агәҽанызаара ҳаман еснагь. Аҧсҭазаара даара ибааҧсын. 

Ҳара ҭаацәаныла ҳрацәаҩын: быжьҩык аиҳәшьцәа сыман. Саҳәшьцәа зегьы ачаи ҿырхуан, напыла мацара. Дарбанзаалак ҧҳәыск хышә кьыла ҿызымхуаз дыҟаӡамызт, капеик роуамызт. Аҵх ишалаз иҩагыланы ицон, аҵх ишалаз аҩныҟа иаауан, саҳәшьцәа рыцҳақәа. Аиаша уасҳәап, аибашьрагьы еибашьроуп, аха уи аамҭазы аҧсҭазаара ГУЛАГ иаҩызан, иҭакыз ауаа ҳреиҧшын. Гектарк ҳазқәиҭыз ҳхатәы дгьыл ҳамаӡамызт, зегьы аколхоз иарҭеит. Анхацәа зегьы аколхоз аҿы аус рур акәын. Амала, ашьҭахь аамҭақәа анца, аколхозгьы акы рнаҭо иалагеит, ачаирҭақәагьы еимаркуа аҟынӡа инеит. Уи ала инхеит-инҵит, амашьынақәа аархәеит, аҩнқәа дыргылеит. Ииашоуп, схәыҷра иадҳәалоу агәалашәара бзиақәа сзаанхеит, ауаа бзиақәа ыҟан егьин, аха зегьакоуп, аҧсҭазаара даара иуадаҩын, ҳаҕеимшхаран.

– Шәаныхәыҷыз ашьха шәхалахьазма?

– Ашьха зегь раҧхьаӡа саб сигеит, саныхәыҷыз, уи аартра дуун сара сзы. Ашьха – џьанаҭуп. Ауаагьы хәыҷык даҽакала рҽыҟарҵоит, рҟазшьа рыҧсахуеит. Ашьха шыҟоу ус ауп, ахш агьамагьы ссирхон. Уа ахәы ҟазҵо хазы далхуп, арахә збо хазуп, ашәарыцаҩ дхазуп… Гьемуа ҷкәынаки сареи ҳаицын, иаб аферма деиҳабын. Ҧлиа хаҵак дыҟан ҳхәы ҟазҵоз, Маҳаид ҳәа хаҵа бзиак. Уи ихәҧҳацәа реиҧш ҳаибон, убас пату ҳақәицон. Ҳҭыҧ ацәҳәыраҟны иҟан, аха алаҟәырахь, ҵаҟа ҳалбааны амҿы аагон. Ҳахьышьҭалоз ҳшьапаҿы уаха шаанӡа амца еиқәын, ҳшьапқәа аҧхарра иаҭаны ҳашьҭан, ҳшьапқәа аныҧхалак, ҳаргьы ахьҭа ҳакӡомызт. 

Кәыниашҭа ҳәа иашьҭоуп ҳара ҳашьха, аха ҭыҧла Бгьикәара ҳаҟан. Зегь раҧхьаӡа ашәарах аҧсы шҭаз убра ауп иахьызбаз. Инал ҳәа дыҟан Гогәуак, дышьхауаҩын, дшәарыцаҩын. Ҽнак аҭыҧаҿ ҳаштәаз, хыхь абахә аҿы ақәасаб аақәгылт. Ишәақь аашьҭыхны, иҽааибыҭаны днаҿалеит, иааигәаны дазнеирц, даара бзиагьы дазнеит, агәыз ааҭиргеит. Ишаҳбоз икаууа иҧан, ацаҟьа аҽаҭаны ицеит, изақәмыршәеит. Усҟан абџьаргьы уиаҟара иабаҟаз, иахьа ишыҟоу еиҧш. Ҳара ахәыҷқәа уи амш наунагӡа иаҳхамышҭуа ҳахдырраҿы иаанхеит. 

Платон Бебиа, Алықьса Гогәуа, Денис Чачхалиа
Платон Бебиа, Алықьса Гогәуа, Денис Чачхалиа

Сгәалашәараҿы иаанхеит даҽа хҭыскгьы. Саб ианшьцәа Арышаа ракәын, арахә-ашәахә рацәаны ирыман. Ашьха ишыҟаз амш бааҧсхеит даара. Гәаҩарашәа џьара иҭагылан. Амш цәгьахан, абахә еимаҳан аӡы акызаап. Амни аӡы хыҵын ирыжәлеит, аӡыҧша иннажьыз рырахәгьы ҟаауа иқәхеит… 

Ашьха ада аҧсуа ҧсҭазара имаӡамызт. Ҵаҟа ихигоз иџьабаа зегьы убра данцалак ихаиршҭуан. Иуасымҳәеи, ашьхатәыла ауаҩы иҽеиҭеикуан, ауаа рыҟазшьақәа еиҳа еиҕьхон, афатә-ажәтә мчыбжьык ала агьама зынӡа даҽакала иҟалон. Ашьха аҧсуа «икурорт» акәын. 

– Шәара ароман-рапсодиа «Асду» авторс шәамоуп. Аха сара сзызҵаарц исҭаху даҽакуп. Ажәлар ргәалашәараҿы ишҧаанхеи уи аамҭа, ишҧаргәалашәоз?

– Аҧсуаа бжеиҳан ақәацәқәа, аҧацхақәа рызгылан, аха афатә-ажәтә азы ирыцҳамызт. Ишыҟаз уасҳәап, ишьапы хтын, ижәцәеимаа аҵыҭәа наҵаҵаны асы дылаланы дцон. Анцәа ишиҳәара ҳаҟан, рҳәеит. Аҩы аажәуан, аӡы аажәуан, агәабзиара ыҟан, рҳәеит. Даара аӡынра бааҧс ҟалеит усҟан, аха ҧсабаратә машәыр дук ҟанамҵеит уеизгьы. Амала, абри ианцоз, асы аӡыҭра ианалага, амашәырқәа ҟалеит, аӡқәа хыҵит егьит, рҳәеит. Еиҳарак изҧырхагахаз, ҧсҭачара иҟаз роуп, рырахә ҭанасит, ҕәҕәала иаргәамҵит. Изларҳәо ала, х-метрк аҟара асы ауит убасҟан. Абасоуп уи ажәлар ргәалашәараҿы ишаанхаз. 

– Иаҵанакуеи шәара шәзы Дырмит Гәлиа ихаҭара, иарбан хәыцрақәоу ишәызцәырҵуа иахьа уи данышәгәалашәо, шәанизхәыцуа?

– Аҩыратә культура змамыз ажәларқәа бжьаӡит, иудыруеит. Иааиз аамҭа ҿыц иаҭахыз рацәан, аҩыра аҭахын, зегь раҧхьа иргыланы, аха уи аҟаҵара ус имариамызт. Убри илиршеит иара, аамҭа иҽақәыршәаны, ижәлар ҧхьаҟа излеигашаз аусқәа инапы рылеикит. Иаагозар, агырцәа аҩыратә культура рымаӡамызт, иҟарҵазаргьы ирзеиқәмырхеит, убри аҟнытә иахьа иагырцәоу иақырҭцәоу рзымдыруа иҟоуп. Изхысҳәаауа, абри аҵакы дырны, ииашоуп, урҭқәа зегьы еилкааны иҟаимҵазаргьы, анцәа убас иҵеиҳәеит, анбан ҟаиҵеит. Раҧхьатәи иҩымҭақәа угозар, иахьа уажәраанӡагьы «Атәым жәҩан аҵаҟа» еиҕьу ажәабжь ҳамаӡам, ароман «Камаҷыҷ» акәзаргьы убас. Иҧҳәыс дагыруан, аха уи лҩыза аҧсуаа зҭахыз, уи дышидгылаз, дышицхраауа ҳәашьа амамызт.

Аҳҭны еиҧш иаабон иҩны, ҳагьидикылон ҳаннеиуаз. Ажәакала, Дырмит Гәлиа ижәлар рзы иҟаиҵаз рацәоуп, аха зегь раҧхьа уи аҧсуара еиқәирхеит, аҩыратә культура ҟаиҵеит, ирҿиеит… Убри аганахьала, иаҳҳәар ҳалшоит, усҟантәи аамҭазы ҳажәлар еиқәзырхақәаз дреиуоуп ҳәа.

Абраҟа иаазгар сҭахуп хҭыск, Дырмит Гәлиа идҳәаланы. Аҵара санҭалоз аҧышәарақәа зегьы «хәба» ҳәа исҭиит, аха, акызаҵәык, ақырҭуа бызшәазы «ҩба» сырҭеит, ақырҭуа бызшәа сара иабаздыргәышьоз. Ҳара ҳтәқәак исабжьыргеит, узҭалаӡом, Дырмит Гәлиа иҿы умнеир, уи цхыраарак ҟаимҵар уаҳа даҽаӡәы дахәом ҳәа. Снеит иара иҿы, сагьидикылеит, иасҳәаз зегьы дазыӡырҩит. Нас ус иҳәеит: «Ах, уаанӡа еиҧш сыҟазҭгьы, сабиц… аҩны сыштәаз Қарҭ ауаа аднакылартә иҟасҵон, аха уажә аамҭа даҽакала иҟалеит…». Аха, уеизгьы ара уаасзыҧшы иҳәан, Аҵара аминистрс агыруак дтәан, абри иҟны дцеит аҭаҳмада. 

Дсыцхраарц иҭаххеит гәыкала. Данааи, убра унеи иҳәеит, уидикылоит ҳәа сеиҳәеит. Сахьнеиз, ани аминистр иҿы иҭашәоз ала сацәҳара далагеит, ааит, уара ламыс злам, ишҧыкәу ухатәы бызшәа шузымдыруа (ақырҭшәазы ауп изиҳәо), ара иааиз аҭаҳмада иаҳаҭыр азоуп, мамзар ашәхымсгьы ухсыжьуамызт ҳәа. Ари заҳаз, саанкылозма, ишихәҭаз аҭак наисҭан, сыҩдәылҵит. Уа сызҭамлаӡеит, нас Тҟәарчалҟа сцеит, ашахтаҿы аусура салагеит. Уа снапы ҧысҵәеит егьит… Уахынла «аучиотчица» дуҭаны ашахтахь удәықәырҵон, быжь-вагонк рышьҭахь арацәа апроба угон. Нас убри ала ахә ршьон. Хымш аус уур, ҩымш ухы уақәиҭын, снеин убра аусура салагеит. Ашахтаҿы исырҳаз алоуп ашьҭахь аинститутгьы сышҭалаз. 

– Алықьса Ноча-иҧа, ари азҵаара ҳлымҳа ҵнаххьеит, зны-зынла иахьахәҭоугьы иахьахәҭамгьы иалацәажәоит, изыхәҭамгьы аналацәажәо убап, аха Шәара шәаҟара аҧсуаразы, аҧсуа бызшәазы аџьабаа збахьоу, зхы аџьыка ықәызххьоу дарбану! Шәгәы иаанагозеи ҳбызшәазы?

– Изыҟаҳҵо сыздыруам, аха даара игәыгәҭажьны иҳамоуп ҳбызшәа, уи аҭыҧаҟны инаагароуп. Ҳбызшәа еиҳау акгьы ҳамаӡам. Зхатәы бызшәа ззымдыруа иҩнуҵҟа ачымазара еиҧш иҭоуп. Ауаҩы ибжа аҟара аҵанакуеит абызшәа. Ҳбызшәа цәырганы ҳҳәынҭқарраҿы ишахәҭоу аус ауа иҟаҵатәуп, егьырҭ зегь башоуп. Иаҳҳәап, уажәы ҳпарламент аизарақәа макьаназы ҩынтә урысшәала имҩаҧыргозаргьы, знык аҧсышәала иҟарҵар, убас иалагар, нас ишнеи-шнеиуа маҷ-маҷ аҧсшәахь ииаргон. Аиҭагаҩцәа дыртәааит, изыҟарымҵари! Иззымдыруагьы ирҵааит. Сгәы иаанагоит, уаҩҵас ҳазыҟалар, ҳбызшәа аҳәынҭқарра аусгьы алаубо иҟалоит. Убасҟаноуп аҳәынҭқарра иашаҵәҟьа анҳауа. 

…Ҳбызшәа ишьны ҳадтәалоуп, ицәгьоуп егьиуп, рҳәоит адәахьы ианцәажәало. Ицәгьоу ҳәа акгьы ыҟаӡам, амч ауҭар. Аурыс бызшәа акәзар, уи ҳагәҭасуам, ҳәара аҭахума, уи ҳхы иаҳархәоит, адагьы ҧсыхәа ыҟаӡам. Ҳашколқәа зегьы шеибгоуҵәҟьа аҧсшәахь аиагара аҭахымхаргьы ҟалоит. Иахьа иҳамоу аҧсуа школ хар амаӡам, убри еиқәырхатәуп, ирҕәҕәатәуп, ишьҭыхтәуп аҧсуа школ, иацхраатәуп. 

– Адәныҟатәи ҳхырхарҭа, ҳхықәкы еилкаауп, аха уи еиҵаны иаҵанакуам ҳаҩнуҵҟатәи ҳҭагылазаашьагьы, ҳуаажәларра реизыҟазаашьа, «утәы-стәы», исҳәар сҭахым, аха зны-зынла апровинциалтә хәыцра анҳамоугьы ҟалалоит. Шәышҧахәаҧшуеи Шәара уи?

– Ари «ачымазара» ажәларқәа зегьы ирымоуп. Иаҳҳәап, ауаҧсқәа рҟны «дигорцы» ҳәа џьоукы ыҟоуп, даҽа раионк иатәу, урҭ уаҧсқәоуп ҳәа ирыҧхьаӡаӡом егьырҭ. Ҳара ҳҟынгьы раионла аилыхра аныҟоу ыҟоуп хәыҷык, иудыруеит. Аха анцәа иҟнытә, ҳара ҳҟны усҵәҟьа иҟам. Убри ҳхаагартә иҟаҳҵароуп, даара ҳәынҭқарратә знеишьала аус аауроуп убри аҟны. Нас аиҵашьыцра, аҭаацәа бааҧс ирылоу, убри ажәлар бжьнахуеит, еиҳау аус аҟны изеидгылом, рымчқәа еиҩнашоит. Хыхь ишысҳәаз еиҧш, уи зегьы ирылоуп, иаҳҳәап, аурысқәагьы ирылам џьушьома, аха ижәлар дууп, ирылаӡуеит. Ҳара ҳмаҷуп. Убри еилкааны ҳныҟәароуп, ҳҳәынҭқарра злаҳарҕәҕәаша ҳазхәыцроуп, иҵызшәаауа аусқәа аҧырҟәҟәаалатәуп.

– Алықьса Ноча-иҧа, Шәара алитератураҿы зымҽхак ҭбаау шәҟәыҩҩуп, шәыҧсҭазаараҿы шәаагылазар шәыжәлар ргәеисра агәҭа шәалагылан, Аҧсны анҭыҵ, нхыҵ-аахыҵ, аҳәаанырцә акыр шәныҟәахьеит, Европа, Америка уҳәа. Иарбан шәыҧсҭазаараҿы хаҭала шәзықәныҟәо, ихадароу ҳәа ишәыҧхьаӡо? 

– Адунеи сакәшахьеит сҳәар ииашам, аха ҧыҭк сныҟәахьеит сыҧсҭазаараҿы, анҭыҵ, ус уҳәар ауазар. Англиа сцахьеит, Америка сцахьеит, Болгариа сцахьеит, Асовет Еидгыла иаҵанакуаз атәылақәа уҳәа акырџьара. Америка сцара акәзар, уи Евгени Евтушенко ибзоуроуп. Лас-Вегас ҳаҟан, Урыстәылантәи жәаҩаҩык. Убра даара иҧшӡароуп, апруд ыҟан, икеикеиуа, убра сҭалан сҽыскәабеит... Асасааирҭа бзиаҿы ҳаҟан. Есҽны аиқәшәара ҳаман, ҳара ҳтәқәа жәаҩаҩык, дара ртәқәа жәаҩаҩык. Исгәалашәоит, аимак-аиҿак цәырҵуан ҳцәажәарақәа раан. Саргьы сҽазыҟаҵаны сыҟан, Аҧсны азы акыр сҳәақәеит. Уаҟа ицәырыргеит, «Џьорџьиа» егьи ҳәа, аха сара исҳәеит ҳара аҧсуаа урҭ ҳашрыдҳәалам, ҳмилаҭ шхазу, дара рмилаҭ, ркультура ҳаҭыр шақәаҳҵо, аха дара ааҳәны ҳара ҳақәхра ишашьҭоу. Изхысҳәаауа, сыҧсҭазаараҿы схы здыруа саныҟала инаркны еснагь схатәы принцип сыман, исымоуп иахьагьы – абри ииашоуп, абри абас ауп ҳәа сгәы иззаанаго, зыгәра зго аҟны хьаҵра сыздырӡом. Абри сықәныҟәоит сааизаргьы, схатәы гәаанагара сымоуп, слаҧшҳәаа ыҟоуп, сыпринцип сыҧсахӡом, анаҳәааҳәра сылаӡам. Убри иара ақырҭцәагьы ҳаҭыр ақәырҵон. Нас сышәҟәгьы еилдыргахьан, иуасымҳәеи, даара ҳаҭыр ақәырҵон, иаахтны исарҳәеит дара. Ахаангьы сахымҧац сыпринцип. Ус дагьыҟазароуп ауаҩы, ихатәы принцип имазароуп. 

– Шәышҧазыҟоу алитературатә критика, ишҧашәыдышәкыло?

– Алитература ахьыҟоу, амилаҭтә литература аҧсы ахьҭоу акритикгьы дыҟазароуп, акритикагьы ыҟазароуп. Аха акритик даара ибзианы алитература идыруазароуп, игәра згозароуп. Игәра зымгозар, ииҩуа сара сзыҳәан акгьы аҵанакӡом. Игәра згозар, иаҳҳәап, ииҳәо сақәшаҳаҭхар ҟалоит, сақәшаҳаҭымхар ҟалоит, аха ҳаҭыр ақәысҵоит. Ус иагьыҟазароуп, алитературатә ҧсҭазаара ыҟазароуп, ауаа рахь иноугароуп, уаҧхьароуп. Ҿыц акы ҭыҵыр дахцәажәароуп акритик. Аха акритика арҽхәарахьы ианиасуа зегьы бжьнахуеит, адифирамб акгьы уанаҳәаӡом. Дурҽхәеит, дурҽхәеит, уи акраанагома? 

– Иарбан хәыцрақәоу ишәызцәырҵуа иахьа ҳҳәынҭқарра аргылара, аҿиара аганахьала, ажәлари аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьа ҳасаб азаауазар? 

– Ҳаагылазар ҳаззықәҧоз, ҳаагылазар ҳхы зқәаҳҵоз аҳәынҭқарра ҳауит. Аҳәынҭқарра змоу иоуп ахақәиҭра змоу. Иагьа адемократиа ыҟазаргьы, даҽа ҳәынҭқаррак уаланы ухы уақәиҭны ухы ухыҧхьаӡом. Ҭоурыхла иугозар, ажәытә иҳаман аҳәынҭқарра, Аҧсуа ҳәынҭқарра захьӡыз, аха нас иҳацәдырӡыз. Убри ҳауит ҿыц, ҳзеиҧхыӡуаз ҟалеит – аҳәынҭқарра ҳамоуп. Ҳхацәазар, иахьа зегь раҧхьа иргыланы, ҳбызшәа аҭыҧ аҿы инаагароуп. Уаҳа ҧсыхәа ыҟаӡам, аҳәынҭқарра иара абызшәала ицәажәароуп. Уи аганахьала ҳара уаҩ даҳҧырхагаӡам. Убри еилкааны ҳҽаҳзырҕәҕәар, ҳбызшәа аҭыҧ аҿы иҳазнагар, нас шәарҭара ҳәа акгьы ҟалом. Насгьы абри «аҭыҧ» ҳәа изҿугьы аимакра ҳаҟәыҵроуп. Даара ҳазхәыцны, абри дрылҟьеит, абри дреиҕьуп ҳәа ззырҳәо абжьы ирҭароуп. Нас ишнеи-шнеиуа иҵегьы аҳәынҭқарра атәы здыруа ҟалап, иҵегьы аҵара змоу гылап.

Аҳәынҭқарра ҳамоуп. Уи еиҳау ҳамҭа ыҟаӡам ҳара ҳзы. Абри хәыҷы-хәыҷла ажәлар реиҳараҩык еилыркаароуп. Иаҳҳәап, ҩ-харҧк имазар ауаҩы, аҳәынҭқарра иаҭаххозар, харҧк наганы аҳәынҭқарра иеиҭароуп, макьана.

Адгьыл ҳныҟәнагартә иҟоуп зегь рыла, ҳкурортқәа уаҩҵас еиҿкаазар… Аҵеицәа бзиақәа ыҟоуп, иҵегьы еиҳау рааӡап уаҵәы. Абыржәы еиҕьны ҳҭоурых аҟны иҟамлаӡац, аҳәынҭқарра ахьҳамоу азыҳәан. Убри зегь раҧхьа иҳаргылароуп. Аҳәынҭқарра еиҳау ус ҳамаӡам. Аҳәынҭқарра амаҵ аауроуп зегьы! 

– Шәызнысыз шәыҧсҭазааратә мҩа шәананыҧшыло иарбан лкаақәас иҟашәҵо, шәзыхьӡаз-шәызхьымӡаз, ишәылшаз-ишәылымшаз, насгьы иарбан иахьа еиҳарак шәгәы иҵхо, шәзызхәыцуа, шәызмырҭынчуа?

–Сара даара иҟасҵараны иҟаз рацәаны аамҭа исыцәнагеит. Дарбанзаалак ауаҩы иҽанеиҩишалак, имчқәа ҧсаҟьоит. Аполитикахь саниас (сара сполитикӡам, ииашаҵәҟьаны), сырҿиаразы аамҭа сыцәмаҷхеит. Ҳара иааҳахҭаагахьоу сахьалахәымыз акгьы ыҟаӡамызт, снаскьаны џьара сымгылеит, сыжәлар ахьыҟаз сыҟан. Убарҭ зегьы ирыцәганы исылшазгьы маҷысшьом. 

Алитература иазҳауеит, саргьы ак ҟасҵақәеит. Аҧсуа ажәабжь ажанр маҷк исырҿиеит, сара стәала, ак ҟасҵақәеит ароман аганахьалагьы, иара убас апублицистикаҿгьы. Ирымбаӡазшәа иавсыргьы сҭахым. Ауаҩы ижәлар рҿы џьабаак ибахьазар, џьара ихьӡ рҳәаргьы иҭахуп. Уи сара сыхьӡ азыҳәан акәӡам, азеиҧш ус азыҳәан, ҳлитература ахә ашьараҿы акраҵанакуеит, ак ҟазҵаз рыӡбахә уҳәароуп. Алитературатә ҧсҭазаара иҵегьы аҧсы ҭаҵатәуп, иҟазароуп ашәҟәыҩҩи аҧхьаҩи реинырра, реимадара. 

Ҳкультура атәы сҳәозар, иҵегьы ишьҭыхтәуп. Ус иҟалалоит, зны-зынла иҳамоу ҳалаҽырбарц ҳалагоит мыцхәы, мамзаргьы даҽаџьоукы аӡәы генис дҟаҵаны ихьӡ рҽаларкәабоит. Абри аанкылатәуп. Иҟаҳамҵац рацәоуп, иҟаҵам ауп иҟаҵатәу, изызхәыцтәу. Иҳамоу алаҽырбара иаҳнаҭо маҷхоит, уи ала мацара акгьы узыҟаҵаӡом.

Уахгьы-ҽынгьы сзызхәыцуа акоуп: ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи. Ҳҳәынҭқарра шьҭаҳхроуп, макьана иҳамоуп ауп. Уи зегьрыла аус арутәуп, ирҕәҕәатәуп, ирҿиатәуп. 

Анзор Мықәба, Алықьса Гогәуа, Алхас Чхамалиа
Анзор Мықәба, Алықьса Гогәуа, Алхас Чхамалиа
Сара даара исҭахуп ҳинтеллигенциа ирызҳар иҵегьы. Уажәыгь иҳамоуп, ҳара ҳазлаҟаз ала хар ҳамаӡам: аҷкәынцәа бзиақәа ыҟоуп, зегь шәыҟоуп, иахьатәи аамҭагьы здыруа, апублицистика аума, ажурналистика аума, ишьҭызхша, иаҵагылаша, аха аамҭа аҽақәыршәаны аус утәуп. 

Ҳинтеллигенциа шаҟа амч роуа аҟара ҳҳәынҭқаррагьы амч аиуеит. Ацәгьеи-абзиеи рҟны аинтеллигенциа ирҳәо акраанаго иҟазароуп. Ус иҟаларц азыҳәан аинтеллигент дааӡатәуп, аинтеллигент дыҟазароуп, далаҟазароуп, насгьы уи ииҳәо иажәа иҳәартә далаҟазароуп, азин имазароуп.

Ажурнал "Алашара" № 1, 2021 ш.